Вышел клип на Гимн «Благословение» (Аныҳәара) в исполнении

0
923

1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Арбџьар Мчқәа Егры аӡиас иаҧну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааҟны Аҧсны абираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иааирала ихыркәшахеит. 


Сынтәа цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 28 шықәса ахыҵра амш. Ашьыжь имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилови, уи ицны Аҧсны иаҭааз аделегациеи реиԥылара. 
 

Аиԥылара ашьҭахь аҩ-тәылак рхадацәа Аҟәа Ахьӡ Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас ирҭааит Аԥсны актәи Ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи рнышәынҭрақәа.  

Иара убас А. Бжьаниа, А. Бибилов, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, асасцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан игылоу аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан.  

1992 1993 шш. рызтәи Аиааира ду 28 шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа имҩаԥган аруаа рныҳәатә мҩасра. 

Уи иалахәын арратә оркестр, 500 ҩык аруаа – Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа, урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аруаа. 

Иара убас, аныҳәарақәи агалашәаратә еиҧыларақәеи ирылахәын; Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи, Ҭырқәтәылатәи Аҧсуа Ахеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәсбеи, Ныхыҵ Кавказтәи ҳашьца рхаҭарнакцәа. 

Фото: Атаман Кәыџба 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz