Имажәӡо абжьы…

0
787

Дышәҳардырырц ҳҭахуп, ажәаеинрала бзиаӡақәа зыҩуа, Ҭырқәтәыла иқәынхо Аҧсуа бырг, уаҩы лаша, Кадир Аӡынба.


АНЦӘАИҲӘАРА 

Анцәа ду сазуыҳәо абџьарқәа рыбжы ҧыҵәааит. Уи нахыс аибашьра ҟамлааит. Ахәыҷқәа анацәа абацәа аибашьра амшала иымҧсааит. Иымҵәыуааит абсабараҟынтә. 

Сазуыҳәоит анцәа ду ацәқьарақәа ачымазарақәа иықәыҵны иыцааит. Абааҧсрақәа рышә акааит абсабараҟынтә. Ауаҩтәиса амамзаразыҳәа арыцҳаразыҳәа иыхәда хымшәааит. Иыхы млаҟәааит абсабараҟынтә. 

Анцәа ду сеиҭазуыҳәо абсабара иықу ауаажәлар зегьы гәыла ҧсыла бзиа иеибабо иеишьцәаны иыҟалааит. Агыруас тәыс иҟеибамҵааит абсабараҟынтә. Ачақәа аџьықә-реиқәа ессы шықәса иыбзианы иыҟалааит. Ашәырқәа иырацәаны иырҿалааит. Ахәыҷқәа иахьынӡарҭаху иырфалааит абсабараҟынтә. 

Сазуыҳәоит анцәа ду аҧсабара иықу Аҧсуа жәылар иыззегьы ҵарала дыррала мазарала мычла изқьынаагьы иыбзианы изқьынаагьы агәамч рыманы иыҟалааит аҧсабараҟынтә. 

Анцәа ду сеиҭазуыҳәо аҧсабара иықәу Аҧсуа жәылар иыззегьы ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳаизганы ҳахақәыиҭраҟны уаҩы дызҳаламцәажәо ҳауысқәа ҳақәҿыиауо ҳахгьы ҳахәарҭаны ажәларгьы ҳарыхәарҭаны ҳаҧсы ахьынӡаҭо ацәқьарақәа ҳацәыхараны гәырҕьарада гәырҩа ҳамамкәаны ҳагәы ҭынчны иыҟалааит Аҧсуажәлара. 

Анцәа ду сеиҭазуыҳәо аҧсабара иықәу ажәлар зегьы рыҧсынҵра дуны рыҧсы ахьынӡаҭо гәырҕьарада гәырҩа рымамкәаны ацәқьарақәа рыцәыхараны изқьынаагьы рыгәы ҭынчны иыҟалааит абсабараҟынтә. Агәи агәи рыбжьара амҩа иаша амҩа ҧышӡа рыбжалааит аҧсабараҟынтә. 


АҾАР ИЫРЫЗКУ 

Даара бызиа иеибабоит 

Ианырҭаху иеицеимдоит иыгәыдыибакылоит 

Уыбыс ианызбалаак уыбырҭ сыҧсы цоит сырыҵашьыцуеит 

Саргьы уырҭ реиҧш сыныҟәар сыҭахәуп 

Аха сынапаҟынтә иааиуам сызырҽеиуам иысылшом 

Убри азы сазуыҳәоит иырацәаны 

Абыржәы шықәса еижәа сыхыҵуаны сыҷкәынаны сыҟаҵа 

Уи уарауызы даара иымариоуп 

Уыҟала ныуҳәо иыҟамло егьыҟам 

Нас абри рацәас иысзыуымбан 

Егьаурым сара сыҷкәынахааит 

Абри абзиара сызыууыр 

Сажәа жәоуп ажәа уысҭоит 

Иахьа уажәраанӡа аӡәы дысымжьаацт 

Абри нахыс уахгьы ҽынгьы 

Уара уызы ҳәаны намаз сыкуеит 


СЫҦСЫ СЫҦСАДГЬЫЛ АҦСНЫ 

Схы уыҭоп изқьынаагьы уысхәыцуеит 

Схы уызысҭыхраны сыҟаӡам сара 

Сгәы уыҭоп изқьынаагьы уыгәыхьаазгоит 

Сабдуцәа сашьцәа рытәарҭа 

Сыҧсы сыҧсадгьыл Аҧсны 

Уахынла саныцәо сыҧсы уалоп сыҧхыӡ уалоп 

Уышьха дуқәа рыҟны сеимдоит 

Аџьма сыхьчоит сышәарацоит 

Уыкәарақәа рыҿы аӡыхь сыжәуеит аҧсыӡ ыскыуеит 

Сызкәыхшо сыҧсы сыҧсадгьыл Аҧсны 

Уыбнақәа рыҟын ашьха сааӡоит ацха алысхуеит 

Уыуыҭрақәа рыҟын ажь ахьызгыӡоит 

Аҩы ҭасҭәоит аҩы сыжәуеит 

Сыгәы сыхьаақәа сыхашҭуеит 

Сызкәыхшо сыҧсы сыҧсадгьыл Аҧсны 

Уырхақәа рыҟны сыҽы сырыҩуеит 

Уымшын аҟны аҕба сақәтәаны сеимдоит 

Амшын сыҭаланы сыӡасуеит 

Сызкәыхшо сыҧсы сыҧсадгьыл Аҧсны 

Аха уара нырцә уынхеит ҳара аарцә ҳанхеит 

Ҳабжьара Амшын Еиқәаҵәа быжьоп 

Аха иага уыхаразаргьы сара уысзааигоп 

Изқьынаагьы сыгәы уыҭоп сыҧсы уалоп сыҧхыӡ уалоп 

Изқьынаагьы уыгәыхьаазгоит 

Сызкәыхшо сабдуцәа сашьцәа рытәарҭа 

Сыҧсы сыҧсадгьыл Аҧсны 


СЫҦСЫ СЫҦШӠА 

Сыҧсы сыҧшӡа шықәсышәк бысымбаргьы бара 

Бысхашҭуаны сыҟаӡам сара 

Бысхашҭом сыҧшыӡа бара 

Иага бысцәыхаразаргьы бара 

Изқьынаагьы сыгәы быҭоуп сыгәы балоуп сыҧхыӡ балоуп бара 

Бысхашҭраны сыҟаӡам сара 

Изқьынаагьы быӡбахәы сыҳәоит 

Сахьынаҧшлаакгьы бара бызбоит 

Сылаҧхьа быгылоуп бара 

Бысхашҭраны сыҟаӡам сара 

Анцәа ду хаз ҷыдала  

Балкааны быишеит бара 

Амза ҿа баҩызоуп аҧшӡара бымоуп агәаҧхара бымоуп 

Алаҩшәеи қьабзеи бымоуп бара 

Бысхашҭраны сыҟаӡам сара 

Сыгәы иыҭапҵаз амца 

Ҩынеижәажәаба шықәса раахыс иымцәаӡац 

Абыржәыгьы абылра саҿуп сара 

Сара бызиоп ҳәа сабҳәан даҽаӡәы быиыццеит 

Убри хьааны иысымоуп иыбаҭасымшәеит бара 

Абыржәы аказыҳәаны иырацәаӡаны сызбыҳәо 

Зынызаҵәык абыс сыгәы баақәырҕуҕәаны 

Зынызаҵәык быгәыдыскылар сыҭахәуп 

Нас абри рацәас иысзыбымбан 

Убри азы хьаак бызааирым ак быгхарым бара 

Нас сыҧсыргьы хьаас иыҟасҵоумызт 

Сыла хатны сыцоумызт сара 

Бысхашҭраны сыҟаӡам бара 

Бысхашҭраны сыҟаӡам сара 

Бысхашҭраны сыҟаӡам сыҧсы сыҧшыӡа бара 


АИБАБАРА 

Сазшәыҳәауеит ауеи ақәлеи 

Лассы лассы ҳаибабалааит 

Уахгьы ҽынгьы мҩак ҳақәуп 

Ианынҵәауо ҳа гьыҳаздырам 

Иааз дзынхом иыцаз дзаауам 

Иаҳзымдыро ҕбак ҳақәтәоп 

Ҳашагауо ҳа гьҳаздырам 

Убри азы сшәыҳәауеит 

Лассы лассы ҳаибабалап 

  

Аҧсы зырҳәо ҵыс иаҩызоп 

Ианыҧыруо ҳа гьыҳаздырам 

Нас ҳашьҭыхны џьара ҳаргоит 

Ҳашырго ҳәа ҳа гьыҳаздырам 

Уахь ҳахьцогьы ҳазеибабоума 

Уи здыруогьы аӡәы дыҟам 

Убри азы сазшәыҳәауеит 

Лассы лассы ҳаибабалааит 

  

Арахь ҳаибамбар уахь ҳазеибамбар 

Анцәа иыдыруеит убри сацәшәоит 

Ацәқьараҟынгьы абзиараҟынгьы 

Сазшәыҳәауеит ауеи ақәлеи 

Лассы лассы ҳаибабалааит 


ИЫМАРИАӠАМ АҦСУАРА 

  

алаҩшәеи қьабзеи узымдыруозар 

ауеи ақәлеи рҳәоу уымкуозар 

уаҧсшәа бзианы уыуаҩра иагзар 

иызхәарҭоузи уаҧсуара имариаӡам аҧсуара 

  

ажәлар уанрыгу урыдгыламзар 

рыҧсы ангәаҟуо урыхәарҭамзар 

уааи анырҳәо уымнеиуозар 

иызхәарҭоузи уаҧсуара имариаӡам аҧсуара 

  

ажәа ҳәара уазҟазаны 

ауыс уыра уацәаашьаны 

акрынырфо урыдтәаланы ианеибашьуо уыбналозар 

иызхәарҭоузи уаҧсуара имариаӡам аҧсуара 

  

агуы уымоп ашьа уымоп 

иыуыгу агуәамч ушьа иалоуп 

уахгьы ҽынгьы уҩы уаҧхьа 

уыхандеины уыхалырга 

уыуаажәларгьы урыхәарҭаха 

убасҟаноуп уанаҧсуахо иымариаӡам аҧсуара


Пашәиҧа – Аӡынба Қадир 

Аӡынба Қадир ҭоурыхла 01.04.1930 ашықәсазы диит Грециа Селаниқ ақалақь ааигәара қыҭак аҟны. Иаб Қьаамил ихьӡуп. Иабду Ҭааҳир уи иаб Ҳаџьы Ҳасан. Амҳаџьырра ду аамҭан Аҧснынтәы шәақь ҧынҵала иықәырцаз дрылан Ҳасан. Ихьалыҵыз Аҳҷыҧсы оуп. Ҳасан иычкәынцәа Ҭааҳири Ҳамиҭи Адунеитәи актәи аибашьра ду аамҭан Чанаққале-Галиҧоли иҭахит. Қадир иаб Қаамил уысҟан ақәыҧшра далҵны дҩаӡоны дыҟан. Ҭырқәтәыла ахақәиҭра аибашьра аамҭан иыҟалаз аилаҩынтра далархәны Грециа ихадырҵәаз дрылакхит. Қадир уаа диит. Быжьба днырҭагылаз Аҭырқә Ҳәынҭқарра иранарыжьын Ҭырқәтәылатәи рыдгьыл ахь иханҳәит. Рқыҭа Иарџьа ахьӡын. Ҧсашәала Кәарацәқьа ырҳәон. Актәи ашкол Соҕуқсу-џьгьерда ақыҭан далгит. Абжьаратәи ашкол Сҭанпыл инаиыгӡит. 

10 шықәса Ҭоҧқаҧы Музеум аҿы аус иуит. Нас СЕҚА зыхьӡу ақьаад ҭыжьырҭа азауад ду аофисқәа руак аҟны 32 шықәса аҳасабеилыргаҩыс аус уны тәанчарахьы диасит. 

Аӡынба Қадир асахьаркыра змо ашәҟәықәа раҧхьара бзиа иыбон. Ҷыдала ажәеинраалақәа. Аҧсшәахь иеиҭеигаз ажәеинраалақәа иҟоп. Жәаба инареиҳаны Аҧсшәала иаҧиҵит. “Имариаӡам Аҧсуара” зхьӡу иазымӡырҩыз дҟам уҳәар алшоит. 

Қадир Аӡынба 1992 ашықәсазы Аҧсны амҧыҵахалаҩцәа нақәла иашьцәа Аҧсуаа ацхыраара риҭар азы аиҳабыцәа рхеилак иҽалаиырхәын уажәыгьы ишьапы дахагыланы гәыкала дрызныҟоит. 

ИАЦУ Излазҩыз акомпитыр акәаҧ ада агьырҭ адыргақәа ажәақәа рыбжьаргылара алшомызт. Ҿарҵәи уҳәа. Саҭамзааит ацхырара аҭахуп. 


Еиқәзыршәаз: Есаҭ Ахба

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz