АААК ахантәаҩы Мусса Егзакьи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара мҩаԥысит

0
637

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аусура аҵыхәала Аҟәа даан, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит аҩаша, мшаԥы 5 рзы.   

Аиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, Аԥсны ахада иусбарҭаҿы, аҩыџьагьы хатәы бызшәала аԥсшәақәа еибырҳәеит (аԥсшәеи абаза бызшәеи даара еизааигәоуп).   

«Бзиала уаабеит!» – иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа асас аԥсшәа иаҳәо. – Сеигәырӷьоит иахьатәи ҳаиԥылара. Акрааҵуан ҳаибамбеижьҭеи, еибаҳҳәаша рацәоуп. Ҳаԥхьа ишьҭоу аус дуқәа ҳамоуп ҳажәлар реизҳазыӷьара иазку, аҳәынҭқарраҿгьы ҳахшыҩ ззаҳашьҭша, иӡбатәу азҵаарақәа маҷым. Абарҭқәа ҳрылацәажәаны, ҳгәыхәтәы назыгӡаша мҩақәак ылаҳхыртә ҳаҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит», – иҳәеит Бжьаниа. 

Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнаго аусқәеи, иамоу алшарақәеи рыхә ҳаракны ишишьо.   

Мусса Егзакь абаза бызшәала Бжьаниа аҭак иҭауа, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиԥыларазы аамҭа ахьиԥшааз, атәыла ахада иаҳасабала даара акыр деилаханы дшыҟоугьы.   

«Сгәы иахәеит ҳаиқәшәартә еиԥш аамҭа ахьалышәхыз. Аусқәа рацәоуп. Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа мариам. Даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа аидгылара ааҳарԥшыроуп. Сара исҭахуп инарҭбааны, иагьнарҵауланы абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәжәарц. Аконгресс Аԥсны излахәаша ҳәа сара избо сгәаанагара шәыцеиҩысшарц сҭахуп, аринахысгьы ҳажәҩахыр еибыҭаны ԥхьаҟа ҳцаларц азы», – иҳәеит Егзакь.  

Амин, Анцәа иҳәааит!» – ҳәа дақәныҳәеит Аԥсны ахада амеценат ииҳәаз. 

Уи анаҩс аиԥылара ажурналистцәа аламырхәӡакәа имҩаԥысит. 

Аслан Бжьаниеи Мусса Егзакьи аиҭагаҩ дырҭахӡамкәа аԥсшәақәа еибырҳәахьеит уажәаԥхьагьы. Аԥсны ахадеи Аконгресс ахантәаҩи еиԥылеит иҳаҩсыз ашықәс нанҳәамзазы, Егзакь Аԥсны дааны даныҟаз. (abaza.org) 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz