Зеқьи Қапба, Апсуа бираҟ даҵагыланы…

0
506

Берлин инхо Зеқьи Қапба, Мшапымза 3 рзы, аҧсуа бираҟ ала 21 км ицо Берлинтәи Марафонбжьа иҽалаирхәит. 41 шықәса аахыс имҩаҧысуа марафонбжьа, 122 ҳәынҭкаррақәа рҟынтә 33 нызқь аспортменцәа алахәын. Зеқьи Қапба аҭақ ҳаиҭеит аинтернет ала.

-Ишәыдаҳныҳәалоит зегьы раҧхьа. Шәырдырырҵ ҳҭахыуп ҳабонентцәа. 

-Зеқьи Қапба сыхьӡуп. Диузџье Ефҭение Албызбеи ақыҭаҿ сиит. 14 шықәса анысхыҵуа аахыс Германиа сынхоит. Ашкол саналга ашьҭахь, иахьагьы сызҽу ауыс напы асыркит. 

Акыр шықәсқәа, Германиа иҟоу Аҧсуа Культуратә Хеидкыла анапхгара салахәын. Аҧсныи қырттәылеи реибашьраан ишьақәҳаргылаз акризис комитет аҟны адырраҭарақәа рыҟаҵара, амитингқәа реиҿкаара, уи адагьы, Аҧсназы апропаганда аҟаҵара иазкыз ауысқәа срылахәын. 1993, 2008 шықәсақәа рыбжьара Женеватәи аицәажәарақәа рҿы аҧсуа делегациа салахәын. 

  

-Иахьа уажәраанӡа акыр марафонбжьақәа шәрылахәын. Есымша иласу аныҟәарақәа ҟашәцоит, маланыҟәа шәақәтәоит. Аспортменра ҳәа ишәыло иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахыуп. 

-Аспорт аганала ажәақәак ҳәатәызар; саныҷкәыназ аахыс аспорт бзиа избон. Ашьаҧылампыл оума, абҩарҵәыра оума, амаланыҟәа ақәтәара оума, иахьынӡасылшоз снапы алакын. Аха наҟ-наҟ сусура акыр шықәса аспорт аҟаҵаразы аҭагылазаашьа снамҭеит. 2015 шықәсазы алшара соуа саналага еиҭах салагеит. 2017 шықәса актәи азбжьазы Берлинтәи амарафонбжа сҽаласырхәит. Уи аахыс, 2018 шықәса Берлинтәи марафонгьы налаҵаны, акыр марафонбжақәеи, мамзаргьы еиуеиԥшым афирмақәа рыбжьара имҩаԥыргоз аицлабрақәеи уҳәа, акыр амарафонқәарҿы сыҩхьеит. 

  

-Аҧсуа бираҟ ала шәыҩт. Ус излашәыӡбеи, избоз иахырҳәааи, шәара шәгәыҟазаашьа ишҧаҟаз? 

-Сынтәа, актәи азбжазы марафонбжак 2-сааак иазааигәаны сыҩт. Жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟын аҧсуа бираҟ есымша исыцуп. Избо интерес иркуеит, азҵаарақәа сырҭоит. Аҧсны ООН аганала азхаҵара ахьамам азы, аицлабрақәа аҽҭаҩра аныҟасҵо, Аҧснытәи спортцмен ҳәа анҵара ҧсыхәа амаӡам. Аха, шәызлаху аспорт клуб ахьӡ анышәҵар ҟалоит азы, убраҟа «Sport Abkhazia» ҳәа ианысҵоит. Аҩра адагьы, иласу аныҟәареи, ашьхатәи амаланыҟәа аспорт ҟасҵоит.  

  

-Аинтернет ала ажәабжьқәа ирызкыу адаҟьа шәыман. Макьана ишәымоума, ишәымазар, аинформаҵиа ҳашәҭар… 

-2002 шықәса инаркны Аҧсны иазку ажәабжьқәа, аинформациақәа, ма асахьақәа ахьанысҵо www.kapba.de ҳәа адрес змоу аинтернет даҟьа аартны исымоуп. Аҧсны иазку аинформациақәа рыԥшаара ануадаҩыз аамҭақәа рҿы адаҟьа аиқәыршәара акыр аџьабаа адызбалеит. Аха, иахьа ушьҭа иеиқәшәоуп азы сус зынӡа имариоуп. Адаҟьа иеиԥмырҟьаӡакәа аус ауеит, ажәытә еиԥш мыцхәы аџьабаагьы снарбаӡом. 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz