Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

«Cара сара сара аҳәара ҳҟәыҵны, ҳара ҳзыҳәар… Нас ҳаззымиааиуа ус хьантак зҟалоом…»

21 Лаҵарамза зы Кафкас Ахеидкылақәа Рфедерасиа (КАФФЕД) Исҭанбул Иениқаԥы ашҭаҟны иеиҿнакааз “Ахҵәара агәалашәара амш” иазкны Ирфан Ахәаҷба иқәгылара: 

«Азеиԥш лахьынҵа, азеиԥш култура, азеиԥш аегрофиа змоу, Аԥсуаа, Адыгаа кавкас иашьагәыҭу ажәларқәа. Сашьцәа, суаажәлар… Иахьа; шәи-Ҩынҩажәаи-жәаа шықәса раԥхьа ҳзуқәшәаз ахлымӡаах, ҳажәлари рыԥсадгьыли реиҟәгара, рыԥсадгьыл аҟынтә рыхцара, рхырҵәара иамшуп. 

Ари амш; Еснагь иаҳгәалашәароуп, иаҳхамышҭроуп… 

Ауҩы агәалашәара анимоу, еснагь реиҳа иишаны дхәыцуеит, нас агәҽанызаара инаҭоит. Ужәлар ирхыргаз рҭоурых хтысқәа ииашаны иеилукаар уԥеиԥш, еиқәурхоит. 

-Cуаажәлар, сашьцәа: Ҳахьзеидымгылаз амшала ҳзықәшәаз абри ахтыс, абас ихшыҩырҵаганы иаҳзыҟалааит. Иахьа нахыс Aҵара-дырра ҳаманы, аихагылара, аиҵагылара, аизҳара, аидгылара, аизхәыцра, ҳаманы ҳзыҟалар. Ажәа мыцхәы аҳәара ҳаҟәыҵны, аус шьахәқәа ҳалҳаршар. 

Аиҵашьыцрақәа, аашьарақәа, агәымхарақәа, каҳжыр. Cара сара сара аҳәара ҳҟәыҵны, ҳара ҳзыҳәар… 

Нас ҳаззымиааиуа ус хьантак зҟалоом… 

-Cуаажәлар, сашьцәа: Aдунеи шәақәлаха, Aҧсуара шәагымхааит, Aҧсуара ахаан ҧырхага инамҭацт аӡәгьы, уи рыхьчоон шәабацәа, шәабдуцәа, ишәыхьчала шәаргьы… 

Ҳаҧсадгьыл Aҧсны ахьӡ ҭыжәга. Aҧсуара шәаҧсаха.. Адунеи иахыҵәааит шәхьыҧшьа. 

Aнцәа ҳаҧсуара ихьчааит… 

Ҳаиашьара наӡаӡахааит. 

Ҳаҧсадгьыл Aҧсны ахьӡ-аҧша аманы, ахакәитра, ахьыҧшымра, азхаҵара аманы, адунеи иақәлахааит. 

Ҳара ахҵәара зыкәшәаз, адунеи аныӡаара ахыкә иқәгылаз ажәларқәа, ҳхьыҟазалаакгьы ари ахтыс еиқәаҵәа ишаҳхамышҭуа, иҳаҵиаауагьы ишырхармышҭуа ҳдыруеит. 

Aри амш; Ҳажәларқәа рзы, алахҿыхра, ахдырра, ҳалеишәа, ҳқьабз еиқәырханы, ашьапы ахгылара, аҿиара, аҭынчра, иамшны, ишыҟаҳҵо ала, иаҳцәыҧсхьаз рҿаҧхьа ажәа (аҭоуба) шьҭаҳҵоит. 

Иаҳхамышҭӡеит. 

Иаҳхаҳрышҭӡом. 

Идхаҳрышҭӡом… 

Ишәхамышҭын, иеилышәкаа, иеиҭашәҳәа» 

Yazarın Diğer Yazıları

Tarihte bu ay – Ağustos

01 Ağustos Anavatanına Dönenler Günü 08 Ağustos 1496 Mısır Sultanı Kayıtbay’ın ölümü 24 Ağustos 1517 Mercidabık Savaşı ve Çerkes komutan Gavguru’nun ölümü 31 Ağustos 1561 Kabardey prensi...

Ağustos 2026 Türkçe sayımız yayımlandı

Değerli Jineps okurları, Ağustos 2026 Türkçe sayımızın yayımlandığını bildirmekten mutluluk duyarız. İyi okumalar dileriz, JİNEPS

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img