Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Нарт Амифиологиа Аԥхьаӡацтә (Цифровои) Сахьа Ҭыхымҭа Аисара

Ҳаҭыр зқәу азҿлымҳаҩ, 

Исҭанбул ақалақь аҟны 1978 шықәсазы иеиҿыркааз ШЬАМИЛ ААӠАРЕИ АКУЛТУРЕИ РФОНД ахьӡала аҵыхәтәантәи х-шықәса раахыс аҟазара иадҳәалоу аконкурсқәа (аисарақәа) мҩыԥыргоит.Афонд ахьӡала сынтәа иеиҿкаау НАРТ АМИФИОЛОГИА АԤХЬАӠАЦТӘ (ЦИФРОВОИ) САХЬА ҬЫХЫМҬА АИСАРА, адунеи акултурақәа реиҳа игәцаракту рбеиарақәа иреиуоуп ззырҳәо Амифиологиаи ҳаамҭатәи аҭехнологиеи реибыҭара хыкәкыс иамоуп. 

Нарҭ Амифиологиа, ижәытәӡоу Аҩадтәи Кафказиа ажәларқәа рҿапыҵ ҳәамҭақәа рла ашәышықәсқәа ирылганы иахьаанӡа иааргаз акултуратә ҭынхоуп. НАРТ АМИФИОЛОГИА АԤХЬАӠАЦТӘ (ЦИФРОВОИ) САХЬА ҬЫХЫМҬА АИСАРА, ари зыхә узымшо абҭынха, иахьатәи акултуратә дунеии реимадарагьы хықәкы хаданы иамоуп. 

Нарҭ Амифиологиа ажәа Аҩадтәи Кафкасиа инхо аешьара ззибахо ажәларқәа, шоукы даара иеиԥшу, шоукы иеиԥшым иҷыдоу амотывқәа змоу имифу ажәабжьқәа ирзеиԥшу ахьӡ ауп. 

Аисара, аҟазацәеи аҟазара бзиабаҩцәеи, Нарҭ амифиологиаи урҭ зхылҵыз ижәытәӡоу ажәларқәа рабадырреи рыҭҵаареи ҳалнаршоит. 

Аисара аҽалархәра зҭаху аҵыхәтәантәи аҿҳәарас 15 Жьҭаарамза 2022 арыцхә аҟынӡа аамҭа имоуп. Аисара 

аԥҟарақәа, Аисара Ажиури (амҩаԥгаҩцәа), аисара иалахәу рхы иадрыхәаша ашәыҟәқәа нас лассы лассы изызҵаауа иеилыркаарц ирҭаху аисара иазку рызҵаарақәа аҭак рызҭаша иҷыдоу адырраҭарақәа нас аҽалархәразы арзаҳал ҳвеб саит аҟны Англыз бызшәеи Ҭырқә бызшеи рла ишәыԥшьаар алшоит. 

НАРТ АМИФИОЛОГИА АԤХЬАӠАЦТӘ (ЦИФРОВОИ) САХЬА ҬЫХЫМҬА АИСАРА аҟазацәа ираҳаратәы ацхыраара ҳашәҭаразы ҳазшәыҳәоит иҳашәҭо ацхырааразы уажәнатә иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. 

  

Ҳаҭырла Патула  

Шьамил Ааӡареи Акултуреи Рфонд 

Нарҭ Амифиологиа Аԥхьаӡацтә (Цифровои) Сахьа Ҭыхра Аисара Аиҿкааҩцәа Ркомитет. 

samilvakfi.org.tr (Аҭырқәшәа) 

samilvakfi.org.tr/en (Англыз бызшәа) 

Yazarın Diğer Yazıları

Джылъ Уджэраджэм И Макъ

МахуэлI Беслъэн и тхылъ «Джылъ уджэраджэм и макъ» фIэщыгъэр иIэу къыдэкIащ. МахуэлI Беслъэн Замир и къуэр Дзэлыкъуэ куейм хыхьэ Къамылыкъуэ къуажэм къыщалъхуащ. Къэбэрдей-Балъкъэр къэрал университетым...

Мыгьэрэ Шlэжь Мафэр Самсун щызэхащэщт

КАФФЕД-м иунашьокlэ Черкес Льэпкьньэкlод ыкlи Хэкур Ягьэбгынэным и Шьыгьо Шlэжь Мафэу Жьоныгьуакlэм и 21-рэр мыгьэ кьалэу Самсун щызэхащэщт. Самсун Черкес Културэ Хасэм ильэlу КАФФЕД-м...

«Пщылl»

2021-рэ илъэсым Барыщ Гювен «Хэдзэкlо Нэшъухэр» ыlоу къыдигъэкlыгъэ Тхылъым джыри зы тхылъыкlэ къыкlэлъыкlуагъ. Ащ ыцlэр «Пщылl» Барыщ Гювен, еджакlохэр пщылlыгъэ е шъхьафитныгъэм якlуачlэ зыфэдэр...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img