Ажәақәак аԥсуа хацәа ирыхҳәааны (Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа аҟнытә)

0
433

Аҭоурых ҭҵааҩы Агәажәба Ҳаџьараҭ-иԥа Руслан иҿцәажәара Ахәҭа -2-

Абасгьы дыҟан, аԥсуа гәаӷь зыӷраз Адагәа-иԥа Зекьериа, иара д-Уаҭырбан: 

Адагәа-иԥа Зекьериа 

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа изларҳәо ала, Адагәа-иԥа Зеқьериа ззырҳәоз хаҵа цәгьан. Азлак ҭыхны ҽанк дақәтәан рҳәоит, инаҵҟьаны ицуа ҽны иҟоу акы, мҵәышәҩа змам акы иахәарҭамкәа, ус ала ҟазшьа аманы. Амни аҽы дақәтәаны ахапа ахырҳәауа, ихеимлаҭуа длеиуан. 

Ашықәс сыздыруам, уахьгьы изҳәуа ашықәс рыздыруам ани аныҟалаз, аԥсуа ҭаарыхуп. 

Ус ала ак ҟалеит, аурыс иахь ала аҳәынҭқар: – Аԥсуа жәлара иҟашәҵауа ҽеим, – иҳәеит, – шәҭаслымха, – иҳәеит: 

Адагәа-иԥа Зақьариа дыҷкәынан, 25–30 шықәса ихыҵны дыҟан. Аԥсны усҟан крынҵыра аныҟаз акәын. Уи ашәа иануп, ашәаҿ иҳәаны иҵәыуеит ҳәан ирҳәоит, ҭаарыхны иалацәажәоит, уи азыҳәан ари аныҳәауа, ҳәсагьы-хацәагьы, ҷкәынцәагьы – иззагьы ҳӡырҩуеит, Аԥсны ҭаарых ҳәа. 

Зны-ҩын аԥсуа жәлара дрыхәарҭамхеит (аҳәынҭқар), аҳәынҷара аныҟарҵа ашьҭахь, Аԥсны аӡәгьы данызҭамла: «Сара Аԥсуа аԥсуа жәлара сҳәынҷоит», – иҳәан, аҳәынҭқар иахьтә аӡәы иҩалихын, хәнызқь аҽқәа ицны, Аԥсны убысҟан ӡдук ыҟан, убра дааины, ир иманы дтәеит, Аԥсны иазааигәаны. 

Ауаҩы даныҩаишьҭ, аԥсуа жәлар иҟаҳҵарызеи ҳәа ишхәыцуаз, Адагәа-иԥа Зеқьериа иашьеиҵби иареи нарылҵын (сыԥсымзар, излааҳәо ала, иашьа раб иҽы акәын дзықәтәаз), ҳаагылт. 

Анҭ аԥсуа жәлара, иҟаҳҵози, ар ааит, ҳаҽҳарҳазыроуп аибашьра азыҳәан рҳәеит, иеилацәажәеит. (Ари ашәа иануп, уи здыруа реиҳа иԥшӡаны ирҳәоит. Сара уажәы ажәабжьны исҳәоит). Аԥсынгьы усҟан ҩажәи хәба шықәса зхыҵуа, ауаа ахьтәоу, аус ӡбарахь даарышьҭуа, ус ала ахы акәӡамызт иҟаз. Зеқьериа аус ахьырыӡбоз уааи ҳәа иарымҳәеит, аха иҟалаз аниаҳа, иаагәниган, ихала деибашьырц иақәикит. Ауаа еизаны иахьыҟаз даннырымга, схала исылшалакгьы иҳәан, абарҭ аиҳабацәа абра ишеилатәоу сцап иҳәан, иаб иҽы ааикәадырын, иашьеиҵбы днақәиртәеит, иаргьы ҽуран дзықәтәаз. Иашьагьы иаргьы рҿынархан, аӡы инырын, ани ар зыцны иааз (аԥсуаа сҳәынҷоит зҳәоз) иԥҳа заҵә лакәын, убри иԥҳа заҵә диԥаарц иақәикит. Ани ар рхада иԥҳа дахцалак дигон, дицын. Уи еилкааны иман Адагәа-иԥа Зеқьериа. 

Аӡәы днырны, ар ирхылаԥшыз дизааигәахеит. 

– Ишәҭахузеи, ара шәыззаазеи? – рҳәан, иразҵааит. 

– Жәабжьк ааҳгеит, ар рхада даҳбароуп, – рҳәеит арҭ аишьцәа, Зеқьериа иашьеи иареи. 

Ар ирхылаԥшызгьы шәынкьҭк ҟаиҵан, иԥҳа диманы, хыхь днықәтәан. Арҭ аишьцәа раԥхьаӡа иназыдгылаз ус рҳәеит: 

– Ахадара иҿы ус шәышԥанеиуа,аӡә иаанда шәнеир, шәхы хихуеит. 

– Иашәҳәа, адырра ишәҭ, нас ҳнеип, – рҳәеит аишьцәа. 

Ар реиҳабы иарҳәеит арҭ иара иҿы инеирц шырҭахыз. 

– Рабџьармаҭәа рымхны иаашәышьҭ, – иҳәеит ар реиҳабы. 

– Иауахәа, хәнызқь ауаа иманы, ҳара аҩы – ҷкәынцәақәак ҳабџьар закәыхзи, иара изы ԥхашьарамзар, ус ҳабџьар ҳхымкәа анеира азин ҳаиҭааит, иҳамимхааит ҳәа шәнеины иашәҳәа, – анырҳәа, инеины иарҳәон. 

– Нас иаиааит ус, – иҳәеит. 

Иаиааит аниҳәа, арҭ аишьцәа рҿынархан, иара дзықәтәаз ашәымкьаҭ ианазааигәаха, аҽура иақәтәаз аҷкәын (Адагәа-иԥа Зеқьериа) ашәымкьаҭ дласын, алкаҳамҭазы аб акы изымукәан, аԥҳа даашьҭыхны диманы ддәықәлеит, аӡгьы хышхыҵәарыла иҟан. Иеиҵбагьы дҩаишьҭаххит. 

Арҭ иҟарҵаз рбеит аруаа, аха ԥҳәызба дызгоз иеихсыр лара илықәшәар ҳәа ишәеит, имхысыр – дрыцәцауеит. Аха аруаа рахьтә аӡә даахысын, Зеқьериа иашьеиҵбы хәыҷы дырхәгәышьеит, ахы ԥшаа игәы иҵашәеит. Аха уигьы иааичҳан, аԥсуаа еизаны иахьеилацәажәоз иааит аԥҳәызба дрыманы. Аиҵбы иаразнак иҩныҟа иан лахь дцеит. Зеқьериа днеин, абас иҟасҵаз иҳәан, егьин аԥҳәызба дзақәыз реиҳәеит. 

– Ҳаит, Анцәа уиныҳәааит, уара ухәыҷны иахьа ҳзылургаз аус ду, – рҳәан, дырныҳәеит, бзиара дырбеит. Бзиара данырба ашьҭахь иан дҵәыуашәа-дыхьуашәа, лақмарк лҳәошәа абжьы анраҳа, инеизҵаақәеит. Аиҳабацәа аӡә ус иарҳәыҭқьы: 

– Ҳаи џьушьт, ани аиҳабы ас аныҟаиҵа, ҳашԥамлеиуа! – ҳәаны ианлеи, аиҵбы дгәаҟуа дыҟан. 

– Дад, иухьзеи? – рҳәан, инеихагылт. 

– Сара егьамаӡәм, шәара шәанызба сҩагылт, – ҳәаны даныҩагыла, данааихәылкьыс, иӷраз ихы неиӷыршәын, ашьаҟы-ӡаҟгьы неиҿыҵын, рҳәеит, дҩагылт. 

Даныҩагыла, иан ҿаҭахьыс илыман: 

– Шәас, сымкәашар ҟалаӡом! – ҳәаны, аиҳабцәа арсны, иреиҳабӡази лареи еицыкәашоит. 

– Сыҷкәын шәа шәзыҳәан, ԥсыуа жәлар рзыҳәан рхацкы дцеит, дагаргьы агәхьаа сыгӡамызт, аԥсуаа жәлара шәа шәааира, аԥхашьараҟны дахьыҩагылаз их хәыҷы неиҿашәан, сыҷкәынцәагьы тәашьас дсиҭеит Анцәа, Анцәа бзиара шәзыҟаиҵааит! – ҳәаны лышҭа инҭыганы идәықәлеит. 

Ари иацу рацәоуп, иҵегьы ҳәа ҳалагар, иаздынахоит, ари аҟара ақәхааит уажәазы Анцәа иҳәозар, ааигәа зны санаауа, егьигьы, иҵаны анҵаны, иацугьы анысҵоит. 

Уажәы исҳәараны иҟоу сааҟәыҵын, аха исгәалашәаз акы насҳәап. 

Аԥсыуа жәлара аԥсабараҿы атәы ахалам иҟам. Ари ар реиҳабы, ар ирхылаԥшуаз иԥҳа аҩны данаарга, ашьҭахгьы ԥыҭк анҵы, дара еилатәаз еилымгацкәа шасык дҩарышьҭит. 

– Ар сыманы сықәҵуеит, сыԥҳа ак лмыхьааит, абааԥсы, аԥсабара исзықәу сыԥҳа заҵә лоуп, – ҳәаны ауаҩы дҩарышьҭит. 

Иара дықәланы данца, ирхылаԥшуазгьы рҳәынҭқаргьы, уигьы, иеилкаара аҟазара акәхарын, адырҩагь аԥсыуа жәлара рҿы аӡә дырзааишьҭит. 

Ишыҟаз, арҭ аԥсыуаа аԥҳәызба лымаҭәа ҟарҵеит, ҷкәынс дҟарҵеит, ачыс дықәдыргылт, зегьы бзиа дырбеит, пату лықәырҵеит, «Бҳаҳәшьоуп, бымшәан!» – рҳәеит. 

Аԥҳәызба аԥсыуаа ас пату анлықәырҵа, аурыс хлаԥшан иԥҳа заҵә, иҷкәын заҵә лоуп, «абри аԥҳәызба ак лмыхьааит, шәара уажәынахыс акы ала ԥырхага шәоуам, лаб дымхәыцкәа шәҳәынҷара днеизаргьы, иԥҳа тәашьас дишьҭ, – ҳәаны аҽаӡә данааишьҭ, х-ҩык ҳәса крызхыҵуаз, абызшәа здыруаз, усҟантәи ала ицәажәоны иҟаз, лара лықәлацәа жәохә-ҩык (ус рҳәоит, иаҳдыруа маҷуп, ҳала иамбеит), аԥшыхәцәа акы рмыхьыртә, ауаа лываргыланы, амызк злаҵуаз ала амҩа иқәлеит. 

Амҩа иқәлан ишнеиуаз, уи ар ирхылаԥшыз дахьыҟаз ианазааигәаха, иԥҳа арҵәааҳәа дыҳәҳәеит: 

-Сара арҭ реиԥш уаҩытәыҩса дсымбац. Арҭ рлеишәа, арҭ рқьабз, рҟарҵо, сыԥсыргьы избаз, еиҭазҳәо дыҟазар, сыԥсыр сҳасабуамызт. Арҭ Анцәа иахь ала, арҭ рлеишәа, рқьабз, ауаҩра раԥхьаӡа иахьҭыҵыз акәны ус еилыскаауеит. Саб, сара иззегьы ҷкәынс сҟарҵеит, уаргьы иззегьы иашьас иҟаумҵар ҟалаӡом. Сара избаз уара уалаԥшыр, раԥхьаӡа ухырхәаны, уара урашьахауан, – ҳәа иалҳәеит ҳәаны абас ала иазынлырҵәеит рҳәоит. 

Иацу ыҟоуп, Анцәа иҳәар, уигьы зны иацҵаны иаасышьҭуеит, исҳәо абри иаҟароуп. 

 

Убас ажәабжь хиркәшеит Абганба Џынгьыз 

1975 ш. Аҟәа даныҟаз Сергеи Зыхәбеи иареи реицәажәара аан. 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz