Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ашәҟәы ҿыц

Аҧсны зҧсҭазаара зхызго Оқҭаи Чкотуа, «Ажәҩан Ҧштәы, Амшын Ҧштәы / Суаажәлар Рлаҕырӡқәа» зхьӡу ишәҟәы, Аҧра Ҭжьымҭа ахьӡала Ажьҭаара мзазы иҭыжьхит.  

Ашәҟәы абас ажәақәа рла ӡргахит: «Асавеҭ Еидгыла иныбҕьаа ашьҭахьы, иабдуцәа ртәыла Аҧсны анхара иалагаз Чкотуа, аҳәынҭқарреи, ажәлари иҧсҭазаара рлаиырхәын, ихы- игәы здыиҵаз аҭыжьра дунеи иазку иусурақәа рла, ҳәара аҭахымкәа ақулҭура уаҩы ҳәа дхьӡыртәхит. Акыр шқәса аахыс, Аҧсны Ҳәынҭқарреи диасҧора рбжьара хатәгәаҧхарыла ақулҭура хаҭарнақра ҟазҵаз Чкотуа, ихааны, аҳәынҭқарраҿы, ажәлар рҿы ҧхьаҟа игыло ауаа дрзааигәахыит. Ишәҟаҿы, зхаҿсахьа гәаиҭаз ауаа, иихыигаз ахҭысқәа, инаҧшрақәа анызҵаз Чкотуа, хықәкыс дахцәажәоит: Имаҷзаргьы аҭоурыхаҿ цәаҳәақәак ааныжьра, ҳажәлар рҿы рхьыӡ-рҧша џьаракыр иузымбауо, иумаҳауо шьоукы, рҧсҭазаара, рхы-ргәы гәаҭара, аҧхьаҩцәагьы зны ҧшәырччарыла, знгьы гәааҧшшарыла арҭ агәалашәарақәа иалахәтәны ҟацара.» Ашҟәы, Ажьҭаара мза 31 аҽны, Сақариа Ҧремиер Оҭель аҿы иӡыргахыит. 

Yazarın Diğer Yazıları

Асҭамыр Кәыҵниа имултфилм ҿыцқәа

Амультипликатор Асәамыр Кәыәниа мышқәак раәхьа ахәыҷы рацәа еизигеит. Иара иаәиәаз аәсуа мультфильмқәа әба: «Риәа алегендеи», «Ахьча Чаҳмаәи Аәсәаа Қәамзачи» рәыргараәы азал азна әәын. Амульфильмқәа...

«Дзакәыда Миҳри» Анҭалиаҿы

Анҭалиа Азиндырҩыцәа Рнаплакы, Аҳәса Рзинқәа Ауаажәларратә Хаҵеи-Ҧҳәыси Реиҟарара Акомиссиа еиҿнакааз, Аҳәса ирызку Акинофилмқәа цәыргара иҭагӡаны, адокументард фильм «Дзакәыда Миҳри» гьы иыубарҭан. Хәажәкрамза 13 рзы,...

Акоманда Нарҭ чемпионхит

Аҧсны Супер Куп Ашьапылампыл Чемпионат аҿы, акоманда Нарҭ аиааира агыит. Афинал мач, Динамо астадиум аҿы, Хәажәкрамза 20 амш, акомандақәа Ерцахәы’и Нарҭ’и ирыбжьан. Ҭашәарада инҵәаз 90...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img