Аҧсны Зҽаҧсазтәыз Аҟаза, асҧлуқҭур, асахьаҭыхҩы, Аҟәа Аҟазара Аҵараиуырҭа Адиреқҭор, Амиран Адлеиба ицәыргақәҵа, Абҵара мза 14 аҽны Аҧсны Аҟазацәа Реидгыла азал аҿы иаартын. Абҵара мза 19 аҟынӡа аҭааҩцәа ирзаарту ацәыргақәҵаҿы, аҟаза, еиҧшым ҭехниққәа рла иҟаиҵаз асахьақәеи, абаҟақәа аҭыҧ ааныркылеит.