Аҧсуаа рышықәс ҿыҵ «Ажьырныҳәа»

0
291

Aжьырныҳәа 13, аԥсуаа рзы аҵак ду змоу рыцхәуп… Аԥсабара аншаз, аԥсҭазаара налагаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ашықәс ҿыц алагамҭангьы ирԥхьаӡо Жьырныҳәа 13, аԥсуаа иахьабалак ныҳәаны иазгәарҭоит. Иара убас, Стампылтәи Аԥсуа Хеидкыла аҟныгьы… Ҳаргьы абри аныҳәа иазкны ахеидкыла анапхгаҩы Албуз Иаан ҳаиҿцәажәеит.


-Зегь раԥхьаӡа абри аҩыза ажәытә ныҳәа азгәаҭара ахьаԥшьыжәгаз азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, даара иаҳгәаԥхеит, иџьаҳшьеит. Aжьырныҳәа ҵакыс иамоу, насгьы ажәытә ишазгәарҭоз иазкны ажәақәак ҳашәҳәарц ҳшәыҳәоит. 

-Шәызҵаара, Қәҭалиа Ерол (Кылыч) иҟынтә изласаҳахьоу ала аҭак азыҟасҵап. Аԥсуаа жәлар Aжьырныҳәамза 13, Аԥсабара аншаз, аԥсҭазаара аналагаз амш ауп ҳәа ирԥхьаӡоит, абри ауха имҩаԥырго аныҳәагьы «Aжьырныҳәа» ахьӡуп. Жьырныҳәа, даҽакала иуҳәозар ашықәс ҿыц аналагаз амш ауп, абри аныҳәа аҟны аԥсылманра мамзаргьы акқьырсианра анырра амаӡам. Ари, уаанӡатәи Аԥсуа Анцәахаҵаратә ритуалқәа ируакуп. Еиҳарак аҭаацәара иаҵанакуа ауаа еиднакылоит. Анцәа имҵахырхәаны, имҵаныҳәоит, иҭабуп ҳәа иарҳәоит. Аныҳәараҿы зегьы зшаз Анцәа, рыбжьы иаҳарц азы, Ажьира Анцәахәы ицхыраара рхы иархәаны, ражәеи, ргәаҳәареи иара иҟынӡа инаргар рҭаххоит. 

Аҭаацәарақәа ажьырныҳәа аиаанӡа рҽазыҟаҵарақәа нарыгӡоит. Иара уи амш аҽны. Аныҳәа чаӷьа ада уаҳа акагьы агьама рбаӡом. Ҭынч, аҭыӡшәа ҟамҵакәа, ицқьашәқьа рҽааилаҳәаны аныҳәа рҽаладырхәеит. Аныҳәа, аҭаацәа иреиҳабу абырг имҩаԥигоит. 

Аныҳәазы иаҭахқәоу абас иеиқәыҳаԥхьаӡар алшоит: 

-Аџьма, мамзаргьы ақабла агәаҵәа. 

-Ихәылхны имазеины иҟоу арбаӷьқәа, уи изҭаржәуа аҟәџьал. 

-Агәаҵәа зхарҵо аҵәы, еиҳарак араса иалхзароуп.  

-Аҳаԥшьаҩы, ачашә, акәакәар. 

-Аԥсынгьери, ажьаҳәага, арыҭәа, насгьы аҭаацәа иҵәахны иаарго аихаӡа. 

-Амца аиқәҵаразы амҿы, насгьы адаԥеи аџьҵлеи абыӷьқәа. 

-Ахылԥарч, аԥсуа маҟа, ацәца. 

Амаҟа аидгылареи ажьрацәареи ирсимволуп, абри иааибаркны агәҭа Кавказаа реидгылара иасимволу ахылԥарч ықәдыргылоит. Авараҿгьы аԥсынгьери, ажьаҳәага, арыҭәа, насгьы ацәца ҟалоит. Амца анеиқәырҵалак ашьҭахь адаԥеи аџьҵла абӷьқәеи алҩа ҟаларц азы хыхь иақәрыԥсоит. Уи аамҭазы арбаӷьгьы ажәра иалагоит. Аҭаацәа иҵәахны иаарго аихаӡагьы ааганы амца иаҵарҵоит. Аҭаацәара иалоу зегьы, абри аламҭалазы рыбжьы мыргаӡакәа рнапы алҩа инықәкны ирҿыршьуеит. 

Арбаӷь анжәлак. Ирхианы ирымаз агәаҵәақәагьы амца иақәрҵоит. Маҷк аҟара аҳаԥшьаҩыгьы ақәырҭәоит. Агәаҵәақәа анжәлак, раԥхьа аҭаацәа реиҳабы агьама ибоит, насгьы аҭаацәа зегьы ирзишоит. Уи аамҭазы аԥшәмаԥҳәыс аҵәцақәа аҳаԥшьаҩы ҭалҭәоит. Аҭаацәа реиҳабы иаҵәца аашьҭыхны зегьы дрықәныҳәоит. Аныҳәара аамышьҭахьгьы арыҭәа ала амца иаҵаз аихаӡа ааҭыганы аԥсынгьери инықәҵаны ажьаҳәага ала дасуеит. Ганкахьала аихаӡа данасуа, ҽаганкахьалагьы Анцәа иҭабуԥ ҳәа иаҳәаны, диҳәоит. 

Аҭаацәа иалахәу зегьы агәаҵәеи, арбаӷьи, ачашәи, акәакәари ыфаны, аҩыцқьа ржәуеит. Уи аҽны уаҳа даҽа чаӷьак рыдыркылаӡом. Аныҳәа аныхдыркәшалак, аҭаацәа реиҳабы, аихаӡа акы илаҳәаны иааиуа ашықәс аҟынӡа ирҵәахырц азы аӡәы инапы ианиҵоит. Уигьы иааиуа ашықәс аҟынӡа ахьчара ихы иадиҵоит. 

  

-Шәара Ҭырқәтәыла Аԥсуаа имаҷны иахьыҟоу Узуниаила аганахь шәынхоит. Шәара шәхаан «Aжьырныҳәа» азгәарҭозма? 

-Узуниаила Aжьырныҳәа азгәарҭо сахаанымхаӡеит. Ажәытә иазгәарҭозар ҟаларын, аха еиҳарак аԥсылман дин амшала иаҟәыҵзар акәхап. 

  

-Стампылтәи Аԥсуа Хеидкыла аҟны аныҳәа азгәаҭаразы иҟашәҵои, иасгьы аԥсуаа ари аныҳәа азгәаҭара рҽаладырхәуама? 

Кыр шықәсақәа ҵуеит, иааиԥмырҟьаӡакәа амҩаԥгара ҳаҿуп. Амала еиҳарак ритуал ҳасабала иезгәаҳҭоит. Избанзар ари аныҳәа аҭаацәарақәа зегьы дара рхала мацара, хазы иазгәарҭароуп. Иагьа ус иҟазаргьы ҳара хықәкыс иҳамоу. Аныҳәа имыӡкәа ҳажәлар рҿы аанхара ауп. Уи амшалагьы ессы шықәса жьырныҳәа 13 рзы ҳхеидкыла азалду аҟны ҳаизаны абри аныҳәа иеицазгәаҳҭоит, ҳаицаԥылоит. 

  

-Ахеидкылақәа рыда, ари аныҳәа адиаспораҿы џьаракыр иазгәарҭоны шәақәшәахьоума? 

-Мап! Сақәымшәаӡац. 2015 шықәса раахыс кырытә Аԥсныҟагьы сцахьеит, аха ари аныҳәа аамҭа сақәымшәеит азы, уа ишымҩаԥыргогьы исымбаӡац. Анцәа иҳәозар ҳаԥхьаҟа уигьы сахьӡап ҳәа агәыӷра сымоуп. 

  

-Иахьазы аԥсадгьыл аҟны ари аныҳәа амҿхак ҭбааума, насгьы ишԥамҩаԥыргои? 

-Ахаҿы ишазгәаҭо еиԥш, уа аҭаацәарақәа ржьирақәа рҿы инеины хаз-хазы иазгәарҭоит. Аԥсуа жәлар рлеишәа рқьабз, рҵас уҳәа, кырӡа ирҿлымҳауп, ирыхӡыӡааны иныҟәыргоит. Избанзар абарҭқәа анаҳхашҭ, ҳԥеиԥшгьы ашәарҭара иҭагыло ибзиаӡаны ирдыруеит. 

Ҳазшаз ажәларқәа зегьы дырзылԥхааит, аха ҳарҭ аԥсуаагьы ҳаихамышьҭааит. 

Стампылтәи Аԥсуа Хеидкыла ахьӡала иаашәырԥшыз азҿлымҳара азы иҭабуп ҳәа шаәсҳәоит. Аныҳәа алԥха, aгәыԥха шәымазааит. Ҽааныбзиала шәнеилааит. 

Ҳаҭырқәҵарала… 

Аԥсшәахь аиҭага:  

Оқҭаи Чкотуа 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz