Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ӡәыр дҟами?

Ҭырқәтәыла, Жәабран мза 6, сааҭ 04.17 аамҭазы, ашәышықәсаҿ иреиҳаӡо адгьылҵысра ахлымӡаах иҭагылеит. Қалақьду Марашь араион Ҧазарџьық аҿы иҟалаз, 7.7 аҩаӡара змо адгьылҵысра, аиқәҳара ду, аҭахара рацәа цәырнагит. Адгьылҵысра, ақалақьқәа Марашь, Анҭеҧ, Дииарбақыр, Малаҭиа, Урфа, Адыиаман, Ҳаҭаи, Адана, Қилис, Османиие имҽханакит. Ахәашәтәырҭа ҭӡқәа аҧхьа инаргыланы, аҳәынҭқарра ҭӡқәа иҧхасҭазтәыз адгьылҵысра ихьымҩаҧысыз ааигәара иҟо араион Елбисҭан аҿы, 9 сааҭ ашьҭахьы 7.6 аҩаӡара змо ҽа дгьылҵысрақ ҟалит.

Афымцеи, аҧсабаратә газ иамхны иахьыҟо ари адгьыл еиҵыхра ду аҿы, аӡын ҕуҕәоп, зықьҩыла ауаа ҭахит, хыҧхьаӡарала иахьынӡа неиуогьы идырны иҟам. Адгьылҵысра, Ҭырқәтәыла аамышьҭахьы, Сириа, Мсыр, Ливан’ и Қьиҧр (Сурие, Мысыр, Лубнан, Қыбрыс) аҿгьы ираҳит. Ҷыдала Сириа аҿы, аҧсра, аҧхасҭара иҕәҕәаны иалҵит.

Черқьес ажәларқәа маҷымкәа иахьықәынхоз ақыҭақәагьы ари ахлымӡаах иҭагылит. Ахеидкылақәа ацхырааразы аусурақәа мҩаҧыргыит. Кавказ Ахеидкылақәа Рфедерациа КАФФЕД’ и иахьыҧшу ахеидкылақәа иҟарҵаз алаҳәарақәа, адгьылҵысра азон аҿы аҭагылазаашьа зеиҧшро ажәлар адырра рнаҭаны, есымша агхақәа алаҳәара иаҿуп. Есахеидкылақәа имҩаҧыргаз аусурақәа рла, ари азон иагу амаругақәа рзынашьҭра иаҿуп.

Исҭанбул Абхаз Қулҭура Ахеидкыла аҧызарала, АБХАЗФЕД аамышьҭахьы, ЧЕРФЕД, Алан Қулҭура Ацхыраара Фонд, Шамил Ааӡара Қулҭура Фонд, Ингушь Ахьыҧшымра Комиҭаҭ, Чачан Ахеидкылақәа, Қавказ Фонд ахаҭарнақцәа, агхақәа гәаҭаразы, аидгыларазы аусқәа рҽазыркыит.

Адгьылҵысра инамҩатәны аидгылара ҿырҧштәықәа имҩаҧысуеит. КАФФЕД аҧхьа инаргыланы, ахеидкылақәа, зҩны еиқәҳаз ауаа идырсасразы машәыр хьыҟам ақалақьқәа рхьы иргоит.

Адгьылҵысра иазкны Аџьынџьтәылақәарыҟынтә ашышра, аидгылара азы ажәанҵақәа ааит. Адыгьеи Ҳәынҭқарра Ахада Мураҭ Қумҧилов, иҳәамҭаҿы, Ҭырқәтәыла, Сириа ацәыӡра зауыз аҭаацәарақәа дрыдашшылан, ахәра зауыз агәыбзиара рдыҩныҳәалит. Аҧсны Адәныҟатәи Минсҭр Инал Арӡынба, «Зҧсҭазаара зҧсахыз рҭаацәара, Ҭырқәтәылатәи Абхаз Диасҧора Аҭырқә Ажәлар, зегьы гәаныла ҳарзашышуеит, ҳарыдгылоит. Ахәра зауыз иаарласны агәыбзиара рдаҳныҳәоит» ҳәа ажәанҵа иааиыцҳит. Иара убас, адгьылҵысраҿы аҧхасҭа зауыз ироураны Аҧсны ацхыраара кампаниа хацыркхит. Аҧсны Аҳәынҭқарра Флармони Орқьесҭр, Жәабран мза 11, Асабша аҽны Сохум (Аҟәа) Флармони Азал аҿы концерҭк мҩаҧыргоит. Иаладырҳаз адгьылҵысраҿы ауысуҩыцәа ирыхәарҭахоны ирзаарышьҭуеит. Алан Қулҭура Ацхыраара Фонд’ гьы, Ныхыҵтәи, Аахыҵтәи Уаҧстәылақәа рҿынтә иаацҳаз, ашышра, агәыбзиара иазку ажәанҵақәа еиҩыршит. Америка Еиду Ҳәынҭқаррақәа, Нев Жьерсеи ақалақь аҿы аусқәа мҩаҧызго Черқьес Аицхыраара Ахеидкыла (Circassian Benevolent Association), адгьылҵысра иақәшәаз Захәуа ҭаацәареи, қыҭақәа ирыцхыраар азы қомиҭеҭк шьақәдырглит. Лондын Абхаз-Адигье Қулҭура Ахеидкыла гьы, адгьылҵысра зхазгаз рзы иеизыргаз Ҭырқәтәылаҟа инарышьҭит.

Yazarın Diğer Yazıları

Abhaz sanatçılar İstanbul’da

Abhazya Oda Senfoni Orkestrası 26 Haziran’da İstanbul’da bir konser verecek. Abhaz Dernekleri Federasyonu ve Rusya Federasyonu İstanbul Başkonsolosluğu işbirliğiyle düzenlenen konser Ataşehir’deki İnal Aydınoğlu...

Bir efsanenin izinde: Altınpost Haber Sitesi, Abhazya-Türkiye arasında dijital köprü olmaya devam ediyor

Abhazya’nın tarihini, kültürünü ve güncel gelişmelerini dijital dünyaya taşıyan bağımsız bir yayın organı olan Altınpost, yeni döneminde çok daha kapsamlı ve vizyoner bir yayın...

Birlikte reddetmeye çağrı

Bir grup Çerkes kadını tarafından oluşturulan ve her kesimden katılımcı tarafından imzalanan aşağıdaki metin, Ötüken Yayın Yönetmeninin yaklaşımının yalnızca Çerkes kadınlarına yönelik değil, kadınları...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img