«Ахацәа рымҩала»: АААК агәалашәаратә експедициа иалахәхеит

0
273

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа «Ахацәа рымҩала» зыхьӡу агәалашәаратә ныҟәара рхы аладырхәит. Ари акциа еиҿнакааитВладислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара хьӡи-ԥшеи рмузеи жәабран 25 рзы.

Аныҟәара Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Мраглыратәи афронт аҿы аԥсуа аруаа имҩаԥыргоз ажәыларақәа 30 шықәса рхыҵра иазкуп. Аусмҩаԥгатәқәа хацыркын Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз маркәылаа аҷкәынцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала, анаҩс аибашьра аветеранцәа Маркәылатәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи ААУ астудентцәеи ирԥылеит. Аветеранцәа аҿар ргәалашәарақәа рыцеиҩыршон, ахҭысқәа ахьыҿиоз аҭыԥқәа дырбауа.

Аекспедициа ахыркәшамҭаз зегьы адәантәи арратә чыс агьама рбеит. (abaza.org)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz