Беигәаа Омар Иыхцәажәара

0
642

Беигәаа Омар иыхцәажәаразын уыи цкьа деилкааҭәыуп. Уыи иеилкаара акәзар иымариао усым, аиашазы даара иыуадаҩыу усуп.

Иыуадаҩыуп иызбан; Беигәаа Омар иахьа уажәраанӡа ҧсыуак иыгәыӷьны ииымҳәаз иҳәеит. «Аҧсуа мифологиа хылҵышьтрома?», «Аҧсуа Бызшәа раҧхьаҭәыи бызшәаома?», «Аҧаамбар Абраҳам ҧсышәала дцәажәозма, Ауыбла дпаамбарызма?» аиҧш иага аршанхага зҵааҭә ыҟазар ықәиыргылеит.

Беигәаа Омар иеилкаара уадәаҩын. Иызбанзар уыи Кавказ жәларқәа раҧҳьа аҧсуаа наргыланы уырт адунеи аншаз аамтакәа раҟынҭә уалаганы иыҭыуҵаароп иҳәауан. Уыи кавказ жәларкәа аиҳаракгьы Аҧсуаа, Египт, Мезопотамиа, ажәыҭә Бырзеи жәларкәа иырхаанын, насгьы уырт ахьынхаоз адгьылкәа дара Аҧсыуаагьы алахәын иҳәауан.

Беигәаа Омар иеилкаара уадәаҩын уыи иыцәаныррақәа, иыгәахәтыкәа, иыгәаларакәа, иыгәтыхақәа «Ааҳ!» ҳәа игәытшьаагаз бжык ала иааирыҧшыуан.

Беигәаа Омар иыхцәажәаара сара сзыгьы даараӡа иуадәаҩыуп, аха дызлеилыскааз ала иааркьачны ақәызаргьы сиыхцәажәаароп.

Беигәаа Омар зыҧсадгьыл иқәырцаз Аҧсуаа рыгәта дыиын дыдыухеит. Аҧсуа бызшәеи аҧсуа културеи ада даҽа бызшәеи културеи ззымдыруаз аҧсуаа дахьрылаиыз амшала аҧсшәа иыцқьаны, иыхааны, иыҧышӡаны иызҳәаоз ауаа иырҿыиҵааит. Аҧсуа бызшәа рдиалекҭқәа зегьы дырзааигәахеит, иеилыикааит, итыиҵааит. Зегьы рыетимологиа ҟаиҵеит. Аҧсуа ажәақәа еиҿырышәшәаны ранализ ҟаҵаны ажәа иаҳәо, иахьынҭә аауа, иарбан бызшәақәа иырзааиго, иырцәыхаро, архаик-ажәыҭә бызшәақәа ҧхьа иынаргыланы зегьы тҵааны нас уыи ажәа агьырт абызшәақәеи иареи иеиҽаирыҧшыит. Ажәақала Беигәаа Омар аҧсуа бызшәа иалао ажәақәа зегьы хаз хазы рыхысдыррагьы иҩыит.

Беигәаа Омар арап бызшәа, аџьам бышәа, османлышәа, иахьаҭәыи атыркәшәа, ихатәы бызшәа еиҧш идыруан, арт абызшәакәарыла аҵара иҵахьан. Аҧсуа бызшәа анаҩыс кавказ бызшәақәа зегьы, кавказ аҭәылақәа иырзааиго европа азиа аҭәылақәа зегьы рыбызшәакуеи ркулҭуреи иазкны адырра иыман.

Насгьы ажәыҭә бырзеи, рим, азиахучы, азиа агәыта, амшыншқәақәа ақәшамыкуша, мезопотамиа, египт, ҳатаа ртоурыхыи ркултуреи еипш иыжәыҭӡаҭәыиу асивилизаҵиақәа рыззегьы ирызкны адырра иыман. Адинқәа зегьы идыруан, иеилыикаауан рышәҟықәа дрыпхьауан. Ажәыт асивилизациақәа зегьы реипш адунеи жәларкәа ирымао иеицырдыруа амифологиақәа зегьы идыруан. Иеиуеипшым ажәларқәа рдин, рбызшәа, ртоурых, рыжәдар рҽаҧыцҭҳәамтакәа дрыҧхьаны, иытыиҵаауан аҧсуааи дареи еиҽаирыҧшыуан.

Атеологиаи акозмогониаи иадҳәало адырракәа зегьы дырзааигәан. Арап анбан ала иыбзыианы дыҩны дапҳьауан уыи азын османлаа рархывкәа дырылаланы Топкапы зыхьӡыу аҳтынра рархыв аҿы асултан инапҩыракәа акәтыхны апсуаа ирызкыу аматариалкәа иахьатәыи абызшәахь иеитеигахьан. Аҧсуа бираҟқәа зегьы иыпшааны ажурналкәа ашәҟыкәа иырныиҵахьан. Убас арап анбанқәа рыла иыҩу «Аҧсҳа Бата» иымҳәыргьы иыпшааны иахәаҩны икьыҧхьхьан.

Аҧсынаа рхы иадырхуаоз кирыль анбанлагьы дыҩны даҧхьеон уыи мау уыи апхьа Аҧсны рыхы иадырхәаз агьырт анбанқәагьы дрыпхьаон. Апснытәыи аҵарауааи ашәҟыҩҩыцәеи иареи асалам шәыҟықәа рыбжьан. Аҧсны иытыҵыз ашәҟықәа зегьы дрыҧхьаон.

Мет Чунатыҟәа Иззет, Шәаныуа Фетгери, Исмаил Беркок, Быҭәба Мустафа иеипш кавказ жәларкәа ртоурыхыи ркултуреи зҩыз ашәҟыҩҩыцәа рыҩымтакәа дрыҧхахьан. Быҭәбаи Фетгери хаталагьы дырзааигәан уырт пхьагылаҩыс иыҧхьаӡон. Уырт рышәҟыкәа, рыхыҵхыртакәа, рыхәыҵшьа пату акуиҵаон. Иара акы аныҩҩылаак дара рахь иганы иыдиырбаон.

Беигәаа Омар аҧсныи кавказыи иазкыу адунеижәларҭә рыбиблиографиақәа, алманахқәа дрыхуаҧшыуан. Мрагылараҭәыи, мраташәарахьҭәыи атәылакәа ртоурых, рыантропологиа, рархеологиа, рыбызшәақәа иазкыу иеиуеиҧшым ашәҟыкәа, ажәаркәа еизыигаон.

Аха Беигәаа Омар изы реиҳа иыбеиаз, реиҳа пату зкуыз, реиҳа иыоргиналыз ахыҵхыртакәа ажәлар рхаҭәыбызшәакәеи рыжәлар аҳәамтакәеи ракын. Иыхатәы бызшәа иыинатаз адырракәа уыи аҳәаа нырҵә дагон. Уыи амшала Аҧсуаа рытоурых. Ркултура аганкәа аҧсны антыҵ иыцоит иҳәауан. Уыи атцаара иахуаҧшыша хазын, иыперспектив аганкәа даараӡа иытбаан. Иара дыбызшәа раӡаҩын азы абызшәа иыинатаз адырракәа даманы ижәыҭәӡаҭәыҩу асивилизаҵиақәарахь дагаон.

Кавказҭәыи ажәларкәа рзеиҧш хьӡы «АС» иахылҵыз атопонимқәа, етнонимкәа иытҵааны абаско-керкет-аҧсуа-захуа бызшәакәа шьтехьҟа иыцацыҧхаӡа раҳа иеиҧшыхао, раҳа иааигәахао иалагоит, зны зынлагы иакҭәыихоит, иҳәауан. Аҧсуа-захуа жәлар рҵабыргкәа аарыҧшыразы ауыс хада иуыит.

Аҧсуа мифологиа хылҵышьҭрома зыхьӡыу иышәҟыаҿы аҧсуа жәлар рпантеон ааирыҧшыуеит. Аҧсуа бызшәеи акултуреи атоурыхыи адин хаҵареи акозмогониаи иазкыу адыррақәа абызшәеи афолклорыи инатаз ахыҵхыртакәа дыкәныҟуаны аҧсуа анцәахәқәа дрылацәажәоит уыбрыи аамта иаматәахуз анцәахәқәа ссуршәа ҳалаҧҳьа иааирыҧшыуеит. Иызызкыз, иышрыдныҧәалоз, рытеитыҧш, рышәҵаҭәы уҳәао зегьы дрылацәажәоит. Нас уырт агырт ажәларкәа рынцәахукәеи дареи иеиҿаирыҧшыуеит.

Ҳз. Ибраҳими Ауәыблеи Кавказиааи зыхьӡыыу иышәҟы аҿы кавказ жәларкәа иеицырзеипшыу «акебз» зыхьӡыу анормкәа шакәызыргылаз Ауыблаи египтаа рымазакәа здыруаз Ҳермес Тоти аҧаамбар Абраҳамыи еиҿарыҧшыны аҧсуаа ртоурыхҭә дацқәа мезопатамиаи сириаи палестиныи еиҧш аҭәылакәа рҟынӡа ишынаӡоз ааирыҧшыуеит.

Беигәаа Омар иеиуеипшым аҭәым шәҟыҩҩыцәа иышырҳәаоз еипш агәтатәыимрагылара идырыу раҧхьаӡатәыи рыҧшәымацәа аҧсуаагьы злакыу кавказ шәларкәа шракәу зҳәаоз дрыкәышажатны иырҳәаз ирыӷәӷәауан.

Кавказҭәыи ахыҵхыртакәа иызларҳәауаала рапхьаӡатҽыи ауаҩы тҩыса уыи иызкыу аҵабыргкәи ҳәа иытиыжьыз иышәҟы аҿы зегьы зхылҵыз «РА»и раҧхьаӡа зыҧсытаз ҳәа ҵакы змаз «СА»и Аҧсуаа рхы ишадырхәаоз аарыҧшыны раҧхьаӡаҭәыи абызшәа, амца, ашәарыцара, араху ааӡара, акәашара, ашәаҳәара еиҧш иага култураҭә хыкы ыҟазар дрылацәажьон.

Уыи иажәаеинраалақәа ракәзар иыжәлар рхьаа-рцәаа бжьын. «Ааҳ !» ҳәа даҳәҳәаон, дӷызуан, знызынлагьы авулкан еиҧш дыҧҟаҭәаон. Иажәаеинраалақәа зны иылаӷырзышын, зны иыҧсадгыл агәхьаагара, зны азаалымдара рзы акәгылара иазкын. Еиҳаракгьы иыбызшәа аҧсшәа инатаз аҵарадырра ажәлар рыларҵәара акын иызызкыз.

Иаанакәзаалаак иыҧсадгьыл абзыиабареи агәыхьаагареи иыҧсы иыштагьыжьуаз, игәы шаблыуаз-шарҷҷыуаз убауан. Уыи абзыиабара иабацәа иыртынхаз акәын.

Аамта цацыҧхьаӡа иаргьы аҧсны дазааигәахао, аҧсуаа ражәабыжькәа иаҳао, амҳаџырра ахьаа, жәлар шьатанкыла рыкухра еипш арыцҳаракәа зегьы иаҳауа, иеилыикаауа, иыхьаа раҳагьы идыухао иалагеит. Сталини Бериаи иыҟарцақәаз аныиаҳа алаӷрыӡ мацара каиымҭәаӡеит ажәаеинрааала мцаҧшьгьы иҩыит. «Ацәгьауыра рынцәаху! Уышьта итыркьа уымца!» ҳәа диыҳәауан. Аҧсуа дызкәым дунеиык иеикубгааит, аҧсуаа зтахым иеикәынцәааит ҳәа анцәа диыҳәаон аха нас иыуаҩрахь дыиасны уырт иҟарцаз акәым ахаҵара, абзыиароп, абзыиабароп ҳәа иыгәы иҟажьаон.

Беигәаа Омар иыжәлар бзыиабареи уырт рзы акәпареи данаҿыз символс имаз Промете иакәын.

Аҭәым тәлакәарҿынҭә аҵарауаа асалам фәҟыкәа изаарышьҭуан, уырт дреиуан Проф. Г.Ф. Турчанинов. Ира-Иарна Басариа-ҧҳа лакәын уырҭ ирыцыхраауаз.

Беигәаа Омар адәынеиаҿ акҭәыи Абҳазолог ҳәа дзыҧҳьаӡоз аҵарауаа рацәан. Иыжәлар, ибызшәа, икултура, итоурых бзыиа иызбаоз уырт гәыкала ауыс адызуылоз. Аҧсуа ҵасла иаазаз, иыҧстаӡаара зегьы зыжәларыи зыбызшәеи иакәзырӡыз бызшәаҭҵааҩы дыуык иақәын.

Зыҧсата бзиахаша Беигәаа Омар иыбызшәа уыбрыи аҟара бзиа иыибауан, даныҧсылаак инышәынтра ахаҿы иырҩышаз ахаҳә ианыларц иыитахыз ажәаеинраалагьы заанац ҧсышәала иыҩны ирыхиахьан. Иынырцә даназааигәаха, иыҧсы аныихыихыуаз аамта иыихаҭәаз иыҧшәыма ҧҳәыс азар ашәала дылыштыр итаххеит.

«Дыззыгәышьуаз иыҧсышәа. Иыхҽынызааит наӡаӡа!» ҳәа иынышәынтра ахаҳә ианылеит.

Ҳаҧсуа бызшәа имыӡырц аҳтахызар Беигәаа Омар иеиҧш бзыиа иаҳбароп.

Беигәаа Омар деилаҳкаарц аҳтахызар аҧсышәа иара иеиҧш ҳазныҟәароп.

Днаӡаӡаҭәхааит Беигәаа Омар, иынаӡаӡаҭәхааит Аҧсуа бызшәа.

 

«Ажурнал Нарҭ ианылеит 2001 ашықәсан, 23.ҭәыи аномер, 25-26 адакьа»

 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz