«Амазара»: адоуҳатә-культуратә ҭынха иазку АААК апроект иацҵахеит абаза ҭацаагаратә қьабзқәа рыла

0
522

Абаза ҭацаагаратә традициақәа ирызку авидеофильмқәа рцикл иацнаҵеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессии ИАЕ «Алашареи» рыпроект «Амазара» – аԥсуааи ашәуааи рдоуҳатә-культуратә ҭынха ахьчара иазынархоу.

Зынӡа ароликқәа жәаба ҟалараны ыҟоуп, урҭ рахьтә ԥшьба «Алашара» асаит аҟны иркьыԥхьхьеит: «Аҭаца ӡаагара лышьҭра», «Аҭаца агәыр лыркра», «Аџьы Фатима акәтыжьӡырӡа шыҟалҵо», «Ахаачыс аҟаҵара».

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иӡбамҭала арҭ афильмқәа рцикл аҭыхра рнапы ианҵан «Аҭаацәеи ахәыҷқәеи» зыхьӡу «Алашара» аҟәшақәа руак, иара убас Ашәуа қыҭақәа ирыланхо аҳәса рхеилак активи.

Афильмқәа рҟны инарҭбааны ирзааҭгылоуп аҭаацагареи аҭаца аҩнду лыҩнагареи ирызку ақьабзқәа хаз-хазы, дасу рҵакы, рымҩаԥгашьа уҳәа.

Аус хацыркын қыҭа-қыҭала адәынтәи аматериал аизгарала, абыргцәа еиҭарҳәоз ажәабжьқәа шьаҭас иҟаҵаны афильмқәа рысценариақәа рхиан. Сиужетцыԥхьаӡа аритуал ахы инаркны аҵыхәанӡа амҩаԥгашьа унарбоит, аҵакы, аҭоурых иаҵоу узаанартуеит.

Раԥхьатәи авидеофильм «Аҭаца ӡаагара лышьҭра» аҟны иаҳбоит аҭыԥҳа дахьаанагаз аҩнра датәны дҟаларц азы дызхысраны иҟаз ақьабзқәа. Уажәшьҭа аӡы аазгалаша лара лакәын, ахәыҟаҵареи, аҩны-агәара цқьа-шәқьа ахылаԥшреи лнапы ианын. Ачара аԥшьымш раан аҭаца ҿыц агәыла ӡӷабцәа аалыдкыланы «ӡаагара» дрышьҭуан. Абри аамҭазы сасык лбара дааир, уи ӡаагара дыҟоуп ҳәа иарҳәон, иааизгьы еиликаауан раԥхьаӡа акәны агәылара дышцаз, лқыҭауаа ахьынхо, ишынхо лбарц дышрылсуа. Ари ақьабз ҵакыс иамоу аҩны-адәны ишахәҭоу аицбара аиҳабацәа рҟынтә аҿар рахь ишиасуа аарԥшроуп.

Аҩбатәи аролик «Аҭаца агәыр лыркра» аҟны иаарԥшуп ашәуаа рытрадициатә қьабз – аҭаца ҿыц агәыр лыркра. Аҩнаҭаҿы иаанагаз аҭаца аӡахра далагаанӡа абри аритуал ҟаҵатәын, дызланагалаз ажәла рхатә ҷыдарақәак, маӡақәак лзаадыртуан. Иахьа асимволтә ҵакы амоуп ари ақьабз, аха иԥшӡоуп, иҭоурыхуп. Аролик ԥшь-минуҭк ицоит.

Абаза чыс – ацәгьа-абзиа изызкызаалак – акәтыжьӡырӡа (акәтыжьчаԥа) ала рнапы адыркуеит. Ахԥатәи авидеоролик уи аҟаҵашьа иазкуп. Ари ачыс армазеира иаҵу акәама-ҵамақәа дырзааҭгылоит аԥышәа змоу ахәыҟаҵаҩ, Инџьықьҷкәын ақыҭа аҳәса рхеилак ахантәаҩы Аџьы Фатима.

Аԥшьбатәи авидеоролик ашәуаа рыхаачыс «къальтама» аҟаҵара иазкуп. Апроцесс ҳлырбоит Қазмы ақыҭа аҳәса рхеилак ахантәаҩы Асиаҭ Урчыҟәа.

Афильмқәа зегьы реижиссиорс дрымоуп абаза сценарист, арежиссиор Аслан Аԥса. Аԥшьбагьы ҭихит авидеограф Динислам Шереметов, асценариқәа лнапы иҵылхит аҭаацәеи ахәыҷқәеи ирызку «Алашара» аҟәша анапхгаҩы Наҭелла Џьмаҟәыл. Лара лажәақәа рыла, ари аус знапы алакыз акоманда зегьы рылҵшәа бзиа раԥхьаӡа иргыланы изыбзоуроу арежиссиор ипрофессионализмра ауп.

«Арежиссиор изанааҭдырра ҳаракы ҳазегь ҳаднаԥхьалеит, дасу ҳнапы ианыз аус иахьынӡаҳалшоз вбак амамкәаны анагӡара ҳашьҭан. Аԥҟарақәа ҳрықәныҟәон амаҷ инаркны аду аҟынӡа. Акызаҵәык ԥықәслара ахьҳауз – акырынтә аҭыхра ҳақәшәеит аведрақәа ӡыла ирҭәны рышьҭыхра асцена. Ҳаӡӷабцәа амалакьа́т (коромысло) ахаан изымкыц, хьаас иҟамҵакәа, еихатыруа иласӡа ишьҭырхыртә еиԥш акыр рҽадыршьцылар акәхеит», – лҳәеит лара.

Арежиссиор Аслан Аԥса апроект аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

«Абаза ҵасқәеи ақьабзқәеи аамҭа иалаӡыз рацәоуп. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа урҭ згәалашәо, рыӡбахә зҳәар зылшо ауаагьы еиҳа-еиҳа имаҷхоит. Ҳабдуцәа ркультура рҿаҳамҵаар, еиқәҳмырхар – ҳҭоурых ҳцәыӡит ауп иаанаго», – иҳәеит Аԥса.

Ҳазҭоу ашықәс азы «Алашара» Аҳәса рхеилакқәа рзы ихадароу проектуп абарҭ афильмқәа жәаба рцикл аиқәыршәара, аус еихызшьаало акакәхоит инарҭбаау адокументалтә фильм аҭыжьра – абаза ҭацаагареи ачараушьеи ирызку, нас уи иацу аҵасқәеи ақьабз ԥшӡақәеи зегь аарԥшны.

«Амазара» – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Абаза-аԥсуа культуратә-ҵаратә еилазаара «Алашареи» еицаԥшьыргаз проектуп, аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха ахьчара иазкуп. Апроект авторс дамоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. (abaza.org)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz