Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Нахьтәиқәа Асцена Иқәҵан

Ҭеаҭр Гуҧ Абысҭа, цезон аҿы ҧхьеҟатәи спектакль Нахьтәиқә, Мшаҧымза 6 рзы, Исҭанбул Ақаҭлар Қулҭура Ценҭр аҿы иқәдыргылит. Агрупа, иааҧшыз афинанс аиқәыршәара уадаҩрақәа инарыцҵаны, иаацәырыҵыз ҧандеми амшалагьы, асцена ақәгылара ҳамҭак иааныркыланы иҟан.

Нахьтәиқәа зҩыз, нас наҧхгара азҭаз Назлы Башьаран, Ҭырқәшәала иҭыжьу Агазеҭ Жьинеҧс аҿы аиҿцәажәарала, Абысҭа абас дахцәажәит: «Хатгәаҧхарыла азнеира, Абысҭа аиҿыртәара уасхырны иамоуп. Досу уск напы аиыркоит, нас ақалегацәа дрылахәхоит. Иара ҭеаҭргьы аицҟаҵарала ишьақәыргылоуп.»

Ҳазҭо ацезон иқәдыргыло аспектакльқәа идырҳауо ахашәалақәа иззегьы, адгьылҵысра хьыҟалаз ишрышьҭо дазааҭгылит Башьаран. Нас аспектакль иазкны абас лҳәеит: «Аҧсны’и Қырҭтәылеи реибашьра иазкны ҧыҭҩык срзыӡырҩыхьит. Аибашьра иалахәны ихәыз, лабҿаба иҟалаз збахьаз, нас Ҭырқәтәылантә ажурналисҭцәа… Шьоукы ҳаидтәалан иахцәажәит, шьоукыгьы ашәҟы сзаарышьҭит. Исарҳәаз, исаҳақәаз џьара иузанымҵо гәыҭшьаагақәан. Аибашьра ауаажәлар ирзыннажьыз аиҭакрақәа, атравмақәа, ақулҭура аиҭакра инаркны уеиҳа, наҧшра алша сауит. Ари амшала, аспектакль Нахьтәиқәа, аӡәгьы харак иқәнаҵоны бзшәак амаӡам. Аспектакль аҿы, акәац еиҿыхҩыцәа раанда, агуилқәагьы ҟоуп. Зегь реишәақәа ицҟьахоит. Агәылацәа тәымуаҩхоит. Ачгара, ҭынхадара, нас аибашьра иахҟьаны ибжьаӡыз абиҧарақәа… Маҷымкәа аҿар хаҭақәа срыхцәажәоит араа. Ирацәаӡаны, аҧеиҧш бзиа иазыҧшыз, аидиақәа змаз аҿар… Ари амшала, хаҿсахьақәа лассы лассы аибашьра азҵаара арҭоит, ҧсыхәа рмамкәа рҩнықәа рҧсадгьыл ахьчара иаҿуп. Рҽыдрыххоит, иеибашьоит аха, рҧсҭазаара ҧасатәи еиҧш ишыҟамлогьы рдыруеит. Иахьатәи аамҭа, Аҧсны, абас избылуа фактқ ишҭагыло, уажәы акәымкәа ианбаҳҩыуеи. Иҟалаз уажәы ицәырҳамгар, иубартә иҟаҳамҵар, ианба? Ари амшала аспектакль, ирацәаны ауаа ахәаҧшыр, ари аибашьра ахҭысқәа ирацәаны ауаа ираҳар ҳаҭахәуп.»

Önceki İçerik
Sonraki İçerik

Yazarın Diğer Yazıları

KAFFED 12. Olağan Genel Kurulu

Kafkas Dernekleri Federasyonu (KAFFED), 12. Olağan Genel Kurulu’nu 7-8 Kasım’da Ankara’da gerçekleştirdi. Yaşar Aslankaya ve Doğan Eser’in KAFFED başkanlığı için yarıştığı genel kurulu Yaşar Aslankaya’nın...

Yeni yayınlar

•Abhazyalı yazar Anzor Mukba’nın “Mezit’e Çıkış” adlı eseri, Oktay Chkotua çevirisiyle Papirüs Yayınları etiketiyle raflarda... Kitap, Abhazya halkının sürgün sonrası hafızasını ve Türkiye’deki Abhaz...

Shakespeare’in oyunu Adigece sergilenecek

William Shakespeare’in “Hırçın Kızın Terbiyesi” eserinden Nalbiy Kuyek’in Adigece çevirisiyle uyarlanan oyunun prömiyeri 8 Kasım’da yapılacak. Adigey Cumhuriyeti Ulusal Tiyatrosu oyuncularının rol aldığı prodüksiyonun...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img