Барас Қәыџба, иқәҿиарақәа ирыциҵоит

0
261

П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә амузыка аинститут астудент Барас Кәыџба, и ф.б. даҟьаҿы иҩҩыз анҵамҭа.

«Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Ажәабжь бзиак шәасҳәарц сҭахуп! Цәыббрамза 22 рзы, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа, В. С. Попов ихьӡ зху Ахортә ҟазара академиа, А. Г. Шнитке ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә амузыка аинститут астудентцәа злахәыз еизаку ахор инанагӡеит сара аранжировка ззызуз, алауреатра занашьахаз ‘Абзиабара иазку ашәақәа ҩба’. Гәык-ҧсык ала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп аранжировказы сырҵаҩы Сергеи Михаил-иҧа Мовчан, уи ида иҟалаз зегьы залыршахаӡомызт, иара убас сыпрофессор Александр Владислав-иҧа Соловиов исиҭаз адгыларазы, ахор артистцәа зегьы, ахормеистрцәа, ахорқәа рнапхгаҩцәа, актәы амш инаркны сара сышҟагьы, спартитура аганахьалагьы азҿлымҳара ду аазырҧшыз. Иҭабуп амузыказы! Ҷыдала гәахәароуп Аконсерваториа Азал ду асцена, сара сыда избызшәоу ҳәа уаҩ дахьыҟам, иахьықәҩуаз аҧсуа бызшәа.»

Ақәҿиара дуқәа узеиӷьаҳшьоит Барас Кәыџба…

 

Еиҭазгаз: Ҭамила Аршба

 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz