Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Инар Гыцба Аҳабла ҿыц инхо ауааҧсыра рзыҳәан ашықәсҿыцтәи аныҳәа еиҿикааит

Аҧсны Жәлар Реизара адепутат, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Аҳабла ҿыц инхо ахәыҷқәа рзыҳәан итрадициахаз ашықәсҿыцтәи аныҳәа еиҿикааит. Ахәыҷқәа рнаҩсан адуцәагьы ргәалаҟазаара ашьҭыхразы иаҧҵан агәырӷьареи алакәи зныҧшуаз атмосфера. Еизаз ирыдыргалеит азлара, Аҵаа Бабадуи, Асҭыҧҳаи, амультфильмқәа рҿы ахәыҷқәа бзиа ирбо егьырҭ аперсонажқәеи ақәыргыламҭа мҩаҧыргеит.

Иҷыдоу арратә операциаҿы иҭахаз аибашьцәа рхәыҷқәа ирырҭеит Аҧсуа драматә театр аҿы имҩаҧгахо, аҳамҭақәа зцу ашықәсҿыцтәи ақәыргыламҭахь абилеҭқәа. (abaza.org)

Yazarın Diğer Yazıları

Аҧсҭазаара алҵра

Аҧсны Милаҭытә Фырхаҵа, 1992-93 Аҧсны-Қырҭтәыла аибашьра ахәра зауыз, Ҭырқәтәылатәи Аҧсны Хаҭарнакра Абжьгаҩы, Аҭрышьба Қафқас Қьаамил Озҭурқ иҧсҭазаара далҵит. Иҭаацәа, иҭынхацәа, иуацәа ачҳара ҕәыҕәа рзеиҕьаҳшьоит.

«Аҵыхәҭантәи Ахәыҧса»з апремие

Аҧсуа режьисиор Наур Гармелиа «Аҵыхәҭантәи Ахәыҧса» зхьӡу икьино филм, 30. Жәларыбжьаратәи Ауааҧсы Изинқәа Фестваль «Сталкер» адамыҕа аанархит. Ҧхынҷкәнмза 9-15 мшқәа ирҭагӡаны Москва иеиҿкааз фестваль...

Аҧсны Аҳәсақәа Ракзаара

Аҧсны, ҿыц ишьақәыргылаз цивил жәлар хеилакы «Аҧсны Аҳәсақәа Ракзаара» ӡыргара, Ҧхынҷкәынмза 9 рзы Аҟәа иҟо Спутник Пресс Сентр аҿы имҩаҧсит. Акзаара ахада Викториа Хурхәмал,...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img