«Ажәларқәа реиҩызара»

0
110

Аԥснытәи аспортсменцәа зхы иақәиҭу аиқәԥара азы атурнир «Ажәларқәа реиҩызара» аҿы ахьтәы медалқәа ҩба, араӡны медалқәа хԥа, аџьазтә медалки ргеит. Аицлабрақәа мҩаԥысит ажьырныҳәамза 6 рзы Ставрополь ақалақь аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Атурнир аҿы актәи аҭыԥ ргеит Денис Занҭариа (ак/к-23 кьыла), Давид Кьылба (ак/к-32 кьыла). Аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит Владлен Қаԥба (ак/к-29 кьыла), Арсен Кәытелиа (ак/к-36 кьыла), Азамаҭ Гогәуа (ак/к-34 кьыла). Аџьазтә медал игеит Сандрик Бигәаа акапантә категориа 62 кьыла иаҵанакуа рыбжьара.
Денис Занҭариа «Иреиӷьу атехника азы» иҷыдоу аԥхьахә ианашьахеит, Владлен Қаԥба – «Аиааиразы агәазыҳәара азы». Аспортсменцәа азыҟарҵоит Алмас Кецба, Виктор Бороловеци Aхра Ҵәыџьбеи. (Apsnypress)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz