Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Агәыҳалалратә концерт аҿы еизгаз аԥаратә хархәагақәа Амилаҭтә сахьатә галереиа ацхырааразы идәықәҵахоит

Жәабранмза 6, аҩаша, Р. Гәымба ихьӡ хәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Амилаҭтә сахьатә галереиа ацхыраара аҭара иазкны агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.

Ахәаԥшца рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны атеатри аестрадеи рартистцәа, акәашаратә, амузыкатәи авокалтәи аколлективқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Кьасоу Ҳагба, Даур Арухаа, «Аԥсны-67», Ҭемыр Ҭаниа, Лиудмила Гәымба, Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Мана, ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль, Хьыбла Мықәба, Мадина Кәарацхьелиа, В.Царгәыш ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль.

Зеицҵалыҵ 103 360 рҟынӡа инаӡо еизгаз аԥаратә хархәагақәа зегьы Аԥсны акультура Аминистрра иҷыдоу ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡаа иахыԥхьаӡалан.

Артистцәа рықәгылара ашьҭахь аконцерт амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа акультура Аминистрра ахьӡала ари агуманитартә акциа зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова ииалырԥшыз адгылареи ацхыраареи рзы, иара убас агәыҳалалратә еизгара алагара хацзыркыз Аахыҵ Уаԥстәылатәи ҳашьцәа хазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ажьырныҳәамза 21 ауха, Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ахьыҵәахыз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылра иахҟьаны маҷк ада зегьы амца иалаблит. Иҟаз 4 нызықь експонат рҟынтәи мацара 200 усумҭа инарзынаԥшуа еиқәхеит. (Apsnypress)

Yazarın Diğer Yazıları

Асҭамыр Кәыҵниа имултфилм ҿыцқәа

Амультипликатор Асәамыр Кәыәниа мышқәак раәхьа ахәыҷы рацәа еизигеит. Иара иаәиәаз аәсуа мультфильмқәа әба: «Риәа алегендеи», «Ахьча Чаҳмаәи Аәсәаа Қәамзачи» рәыргараәы азал азна әәын. Амульфильмқәа...

«Дзакәыда Миҳри» Анҭалиаҿы

Анҭалиа Азиндырҩыцәа Рнаплакы, Аҳәса Рзинқәа Ауаажәларратә Хаҵеи-Ҧҳәыси Реиҟарара Акомиссиа еиҿнакааз, Аҳәса ирызку Акинофилмқәа цәыргара иҭагӡаны, адокументард фильм «Дзакәыда Миҳри» гьы иыубарҭан. Хәажәкрамза 13 рзы,...

Акоманда Нарҭ чемпионхит

Аҧсны Супер Куп Ашьапылампыл Чемпионат аҿы, акоманда Нарҭ аиааира агыит. Афинал мач, Динамо астадиум аҿы, Хәажәкрамза 20 амш, акомандақәа Ерцахәы’и Нарҭ’и ирыбжьан. Ҭашәарада инҵәаз 90...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img