Агәыҳалалратә концерт аҿы еизгаз аԥаратә хархәагақәа Амилаҭтә сахьатә галереиа ацхырааразы идәықәҵахоит

0
63

Жәабранмза 6, аҩаша, Р. Гәымба ихьӡ хәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Амилаҭтә сахьатә галереиа ацхыраара аҭара иазкны агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.

Ахәаԥшца рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны атеатри аестрадеи рартистцәа, акәашаратә, амузыкатәи авокалтәи аколлективқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Кьасоу Ҳагба, Даур Арухаа, «Аԥсны-67», Ҭемыр Ҭаниа, Лиудмила Гәымба, Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Мана, ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль, Хьыбла Мықәба, Мадина Кәарацхьелиа, В.Царгәыш ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль.

Зеицҵалыҵ 103 360 рҟынӡа инаӡо еизгаз аԥаратә хархәагақәа зегьы Аԥсны акультура Аминистрра иҷыдоу ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡаа иахыԥхьаӡалан.

Артистцәа рықәгылара ашьҭахь аконцерт амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа акультура Аминистрра ахьӡала ари агуманитартә акциа зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова ииалырԥшыз адгылареи ацхыраареи рзы, иара убас агәыҳалалратә еизгара алагара хацзыркыз Аахыҵ Уаԥстәылатәи ҳашьцәа хазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ажьырныҳәамза 21 ауха, Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ахьыҵәахыз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылра иахҟьаны маҷк ада зегьы амца иалаблит. Иҟаз 4 нызықь експонат рҟынтәи мацара 200 усумҭа инарзынаԥшуа еиқәхеит. (Apsnypress)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz