Сақариа ақалақь, Ҳендеқь араион, Соҕуқсу (Џьгьарда) ақыҭаҿ ииыз, асахьаҭыхратә арҵаҩы, атәанцәаҩы Меҭин Ашьоҕлу (Ашәба), «Аҟазара Арҭ-ық» зхьӡу ицәыргақәҵа, Жьҭаарамза 15 рзы Сақариа Ақалақьду Наҧхгара Кабинет Ҟазара Сентр аҿы имҩаҧсит.
Метал ацрыҵқәа аҟазарахь аиагра иазку ацәыргақәҵа даара инҭерес акыит. Ашьоҕлу, иҟазарала, аҵыхәҭантәи аа шықәса иҭагӡаны иуысура, ҳатәылаҿы, адунеиаҿы ахлымӡаахқәа мзас ирымо, есааира азҳара змо, адгьылқәа, амшынқәа, ажәҩан азҩаҭара, аҿагылара хықәкыс ишьҭыхны ахандеира даҿыуп.
Ааглых ацрыҵқәа еизганы, иеизиырҳаз иҟазарала, идыру анаҩыс ахатәы ҵакы змо сахьақәа рлихыит. Ҵыҧхгьы Зеиҭинбурну Культура Ҟазара Сентр аҿы ацәыргақәҵа змаз Ашьоҕлу, уажәтәи ицәыргақәҵа Жьҭаарамза 5 нӡа иартны иаанхоит.