Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ахеидкылақәа рҿынтә ахабарқәа

Бурса Аҧсуа Культура Ахеидкыла

Бурса Аҧсуа Культура Ахеидкыла, асезон, Ажьҭаарамза 12 амш, Бурса, Ҩырын Улициа, Нильуфер адресаҿы, ахеидкыла ашҭаҿы хацнаркыит. Амш еилаган азы акциақәа кьасахыит. Ахеидкыла наҧхгаҩцәа рхада Ерен Намық Аҭан, Бурса Ақалақьду Ахада Ихаҭыҧуаҩы Синан Нергиз, аиҳабы Умиҭ Аҭеиба, аусадкылаҩы Еқьрем Қаҧ рқәгылара инашьҭаҵаны, аҭааицәа аишәахь рааҧхьара, Аҧсуа чарала апрограмма хырқәшахит.


Исҭанбул Аҧсуа Культура Ахеидкыла

Исҭанбул Аҧсуа Культура Ахеидкылаҿы акультура иазку аусурақәа амҩаҧысра иаҿыуп. Асие Иаҕани, Билгье Унвер арҵаҩра азызуо ҭрадициатә напҟазара акурс, Жьҭаарамза 3 рзы хаҵыркхит. Жьҭаарамза 9 инаркны имҩаҧысуо бызшәаҵара курс, арҵаҩра Мактина Арӡыныҧҳа илыдылкылит. Акәашара ансамблқәа, Ахақәыиҭра, Ридада, Рирашьа; алахәла рацәала ацезон ҿыц аҿ ихырхәыит. Ашықәс иҭагӡо, мӡыҧхьаӡа актәи мҽышьа ишьақәгыло шьажьхьа, раҧхьаӡатәи, Жьҭаарамза 13 аҽны имҩаҧысит.


Сақариа Аҧсуа Ахеидкыла

Сақариа Аҧсуа Ахеидкыла, Аҧсынра Данс Академиа, асезон ҿыц азы аҽазыҟаҵара иалагыит. Ахәыҷқәа, Аҿар, Иахьыӡақәаз ҳәа хы хәыҭакны икәашауо Аҧсынра, азыҟаҵаҩыс Жьаде Бурақ Дениз дамоуп.


Измир Аҧсуа Культура Ахеидкыла

Измир Аҧсуа Культура Ахеидкыла, алыхрагьы зло аконгрес, Жьҭаарамза 27 амш имҩаҧысит. Ҿыц иалхыз анаҧгаҩцәа; Иаҕаныҧҳа Зеинеҧ Иаҕан, Цеикәаҧҳа Гуль Бореқьџьи, Кьылыҧҳа Ҭуҕче Озгье Боз, Агырба Онур Аҕыр ирылахәуп. Напеицышьҭыхрала Гырџьын Ерол Арслан ахадара идырҵит.


Бильеџьиқь Аҧсуа Культура Ахеидкыла

Жьҭаарамза зконгрес зҵабыргтыз Бильеџьиқь Аҧсуа Культура Ахеидкыла, Анаҧхгара Колега; Браҟәа Левенҭ Оздемир (Ахада), Амыџба Оқҭаи Озондер, Ашәыҟәба Алҧер Қьоқьсал, Ашәыҟәба Ҭолга Онур, Лаҵба Наиль Афаџьан, Чаҭана Сердар Иавуз, Баҕҳа Мужьган Баҕ рла еибыҭахит.


Черқьес Ахеидкыла-Анкара

Анкара Черқьес Ахеидкыла иалагӡаны, снтәа излаго Аҧсшәа курс азы, аибадырра, аплан шьҭыхра азы аиҧылара, Жьҭаарамза 31 амш имҩаҧсит. Акурс аҿы арҵаҩыра, ари асезон Ҭраҧшьыҧҳа Еџье Лиман илыдылкылит.

 

Yazarın Diğer Yazıları

Anma: Abağba Bahadır Özbağ – Yeğoj Hanefi Aslan

Abağba Bahadır Özbağ – Yeğoj Hanefi Aslan Abhazya’nın bağımsızlık ateşi, siz yattıkça yanmaya devam edecektir. Jineps

Anma: Gogull Çetin Öner

“Anadilimi örtün üstüme, Anadilimi örtün! Çıplağım, Üşüyorum.” Gogull Çetin Öner’i ölümünün 10. yıldönümünde saygıyla anıyoruz. Jineps  

Birleşmiş Milletler’den Gürcistan’a uyarı

Birleşmiş Milletler İnsan Hakları Yüksek Komiserliği (OHCHR), Kafkas Dernekleri Federasyonu (KAFFED) temsilcisi akademisyen Dr. Elçin Başol hakkındaki 24 Nisan 2026 tarihli ve AL GEO...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img