Аҵареи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә активреи рзы АААК аҟәшеи ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиеи иацырҵоит ашколхәыҷқәа рзы аекологиатә тренингқәа рымҩаҧгара. Изаамҭанытәиу аинтерактивтә лекциа мҩаҧысит Лыхнытәи абжьаратә школ аҿы.
Аҿар алацәажәеит Аҧсни уи анҭыҵи иҟоу аекологиатә уадаҩрақәа, аҧсабара иазку рдыррақәа дырҭбааит, хаҭала иалацәажәеит аҧсабара ишеиҷаҳалатәу, абзазаратә ҧсҭазаараҿы аекологиатә хымҩаҧгашьа иаша шаарҧштәу. (abaza.org)