Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Михаил Лермонтов

Ԥхынҷкәынмза 11 рзы ААУ афилологиатә факультет аурыси аҳәаанырцәтәи алитература акафедра аҿы имҩаԥысит М.Иу. Лермонтов ирҿиара иазку агәалашәаратә хәылԥазы.

ААУ афилологиатә факультет аурыси аҳәаанырцәтәи алитература акафедра арҵаҩы еиҳабы Асҭанда Константин-иԥҳа Бигәаа еизаз адунеитә литературатә процесс аҿы ашәҟәыҩҩы ирҿиара иамоу аҵакы ахадара иазхьалырԥшит. «М.Иу.Лермонтов – ари алитературатә ҭоурых аҿы акыр зҵазкуа ахьӡ адагьы, аԥсҭазаара ҵакыс иамоу азхәыцрақәеи азықәԥарақәеи рыла игәылҭәааз аепоха ду асимволны иҟоу иоуп», – ҳәа илҳәеит лара.

Асҭанда Бигәаа Лермонтов ирҿиара иааҳакәыршаны иҟоу адунеи аҿы аԥшӡара аԥшаара, ауадаҩрақәа урцәымшәо угәҭакқәа рынагӡаразы агәазҭазаара унаҭоит ҳәа иазгәалҭеит. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны астудентцәеи урҭ рырҵаҩцәеи ажәеинраалақәа, Лермонтов ипроза аҟынтәи ацыԥҵәахақәеи ирыԥхьон, уи ибиографиа аҟынтәи ахҭысқәа ирылацәажәон.

Апоет ду иԥсҭазаареи ирҿиарамҩеи иазкны акиноматериалқәа рыдгалара мҩаԥган. Астудентцәа инарыгӡеит ҟабардатәи ҭауади-аамсҭеи рыкәашара «Кафа». Иадырҳәеит М.Иу. Лермонтов иажәеинраалала иҩу ароманс «Схала амҩахь сцәырҵуеит сара» («Выхожу один я на дорогу»). Уи наигӡеит анемец филологиа афакультет 2-тәи акурс астудент Влад Ванача.

ААУ аҵара зҵо Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа араб бызшәалеи аҭырқә бызшәалеи апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Иара убас апоет ирҿиамҭақәа англыз, анемец, иара убас аԥсуа бызшәала ирыԥхьеит.

Иаԥхьеит иара убас аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Инал Гыцба еиҭеигаз апоет ирҿиамҭа «Аматанеира» («Молитва»). (Апсныпресс)

Yazarın Diğer Yazıları

VEFAT

Çerkes edebiyatının yazar ve şairi Meşbaşe İshak’ı sonsuzluğa uğurladık. 90’ın üzerinde kitabı olan, eserleri toplamda 4 milyondan fazla baskı yapan Meşbaşe İshak’ın kitaplarından bazıları dünya...

Mezbjen Dragon Bot hafta sonu yarışacak

Gaziantep Büyükşehir Belediyesi tarafından bu yıl 7’ncisi düzenlenen Uluslararası Rumkale Su Sporları Festivali 7 Eylül’de başladı. Festival, doğa yürüyüşü, bisiklet yarışı, yüzme, dragon bot...

Mehmet Ayberk Koşak altın madalya kazandı

Uzunyayla Methiye Köyü’nden Mehmet Ayberk Koşak, 21 Ağustos-3 Eylül tarihlerinde, İtalya’nın Taranto kentinde düzenlenen 20. Akdeniz Oyunları’nda artistik jimnastik halka kategorisinde 14.250 puan alarak...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img