Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Ажәлар ҿаглит, Аҧсны еиқәхит

Аурыс наплакқәа Аҧсынтәыла рпроџьекҭқәа мҩаҧыргоны, рхатәы дгьыл, амал роураны Аҧсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра азы, адепутатцәа рыбжьаҭара иаҿагылаз опозициа ахаҭарнакцәеи, урҭ ирыдгылаз Аҧсны жәлар, Абҵарамза 11 амш Пиҵунда иеизан, ргәынамӡара шьақәдырглит. Ауаажәларратә палатақәа, аҿар групақәа, аполитикьцәа, ажәлар ркомиссиақәа кыр аахыс ари аиқәшаҳаҭра мап ацәкыразы кампаниақәа мҩаҧырҵон.

Амилициа, хәылҧазышәа, опозициа ахаҭарнакцәа рҿынтә, Омар Смыр, Гарри Кокаиа, Алмасхан Арӡынба, Рамаз Џьопуа, Аслан Багателиа идырҳәынҵәит. Иҟалаз ахҭыс иаҿагыланы, алҩа зрчо, алаҕырӡ аазышьҭо абомбақәа зха иазырхоз амилициаи дари, еидыслара збжьалаз опозициа, Аҟәа Ахақәыиҭра Ашҭаҿы акциа мҩаҧгара иалагит.

 Аиқәшаҳаҭра закәанхаразы адепутатцәа реиҧылара нҟалоз, Абҵарамза 15 аҽны, агәынамӡара иахҟьаны аҕыҕра шьҭыҵӡит. Ажәлар, шәыҩыла апарламенто ашҭаҿы иеизан, анаҩыс аҭӡыду иҩналаны, Аҧсны Ахада дахаҵаанӡа араа ҳаҟоуп ҳәа ҽырҭит.

Аамышьҭахь аиҳабыреи опозициеи рхаҭарнакцәа еидтәалит. Опозициа ргәаҳәара абас еишьҭалит: Ахада Аслан Бжьаниа ахадара ниыжьо, азҵаарас иҟалаз инвесҭ иазку аиқәшаҳаҭра ибжьыххо, ҿыцны министрра еилазаарак шьақәыргыло.

Аҧсны жәлар ргәаҳәа, Ахада ихадара шьҭанаҵит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аиҳабыреи, опозициеи рхаҭарнакцәа аа саатк инарзынаҧншы ицауоз реицәажәара ашьҭахьы, Ахадара ааныжьра дақәшаҳаҭхит. Аха ТАСС Хабар Аџьанс иҟанаҵаз аиҿцәажәараҿы, ҳаҧхьатәи алхраҿы ҩаҧхьа кандидатс дшыҟало дазааҭгылт.

Бжьаниа Ахадара ншьҭаиҵа аамышьҭахь, Аҧсны Ҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩы Бадра Гунба, Аамҭала Ахадара идикылт. Аҧыза Минмстр Александр Анқәаб ихаҭыҧангьы, Валери Бганба Аҧыза Министрра идҵахит. Аҧсны Азакәан Хада ишаҳәо ала, Ахадара нжьра инашьҭаҵаны 3 мыӡ иҭагӡаны алхра ҟаҵара иахәҭоуп.

Жәлар Реилазаара, инвест аиқәшаҳаҭра иаднамклит

Аҧсны Жәлар Реилазаара, Ҧхыныҷкәынымза 3 рзы, изаамҭанытәым аилатәараҿы, Урыстәыла злахәыз азҵаара зло инвест аиқәшаҳаҭра мап ацәнакит. Аилатәараҿы адепутатцәа, Жьҭаарамза 30 рзы Москва напаҵаҩра зауыз аиқәшаҳаҭра азы рбжьарҭит. 21 ҩык депутатцәа ирыдрымкылт, ҩыџьагьы ргәы еиҟарамкәа иаанхит. Абхаз World ишаацҳаз ала, аилатәараҿы адепутатцәа шьоукы, аиқәшаҳаҭра Аҧсны азын ицәырнагашаз ацәқьарақәа ирыхцәажәеит. Адепутат Кан Кәарҷиа аиқәшараҭра ақәмычра шаҵо дазааҭглит. Ажәлар ргәынамӡара ицаҧхьаӡа шацло шырбозгьы, аиқәшаҳаҭра ааҧхьара азызымуыз аиҳабыра, амчра аҽҧныҳәара риҭит. «Ари Урыстәыла аҿагылара ҳәа иҧхьаӡаӡам. Амчра ари аиқәшаҳаҭра ааннакылап ҳәа агәыҕра ҳаман, аха иҟамлит. Аекономика Министр дналаҵаны, анаҧхгаҩцәа шьоукы аҭақҧхықәра рдыуп» Иҳәит.

 

Yazarın Diğer Yazıları

Bariton Said Gobechiya, Ankara’da

W. A. Mozart’ın opera eseri “Figaro’nun Düğünü” 6 Mayıs saat 20.30’da, İtalya Büyükelçiliği, Sevda-Cenap And Müzik Vakfı ve Ankara Devlet Opera ve Balesi işbirliğiyle...

Sürgün anlatısı

İstanbul’da, dünyada Ermeni Soykırımı'nı anma günü olarak kabul edilen 24 Nisan’a odaklanan bir konser, hafıza ve müzik ekseninde çokdilli bir anlatıyı sahneye taşıdı. Lidya Durmazgüler...

‘Ayna’ raflarda

Türkiye İşçi Partisi (TİP) İstanbul Milletvekili, Milli Dayanışma, Kardeşlik ve Demokrasi Komisyonu üyesi Ahmet Şık’ın kaleme aldığı “Ayna/Helî: Kürt Meselesi-Kimlik İnkârı, Devlet Zihniyeti ve...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img