Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Аҧсны Ахада алыхра аҩбатәирахь иазынхит

Аҧсны 2025 ахада алыхра, Жәабранымза 15 амш имҩаҧсит. Аҧсны аамышьҭахь Москва’и Ҟарача-Черқьез аҳҭнықалақь Черқьесск аҿгьы абжьыҭира ҟалит. Аӡәымзар аӡә кандидатк ышәкаҿынтә 50+1 абжьы хьимауыз азы, ҩаҧхьа алхра ҟаҵатәхит. Аҩбатәи аҟаҵара Хожәкырамза 1 амш иарбоуп.

Алхраҿы, 91.386 алхҩы (ышәкаҿынтә 69.13) рбжьырҭиит. Алхра амҩасшәа, 25 тәылаҿынтә шәыҩык ахәаҧшҩы рлаҧш ахан, алхра иаартны иубарҭаны ишымҩаҧсыз иазгәаҭан.

Аҧхьатәи алхраҿ ышәкаҿынтә, Бадра Гунба 46,41, Адгәыр Арӡынба 36,91, Роберҭ Аршба 7,52, Олегь Барцыц 4,07, Адгәыр Хәурхәмал 0,90 абжьы роуит. Аҩбатәи алхраҿ, Бадра Гунба’и, Адгәыр Арӡынба еицлабуеит. (Алхра лыҵшәақәа ирызку адырра Abkhaz World аҿынтәоуп.)

Бадра Гунба

Ҭырқәтәыла адиаспора рыбжьы рзымҭиит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Алхратә Комиссиа Хадара, алхраҿ абжьыҭиразы, Сақариа ақалақь агәҭаҿы алхра ҭыҧ ыргылара еицыбжьала иаӡбахьан.

Аха, Сақариа Милицциа Ахадара, алхра аҧхьа Аҧсуа Хеидкылақәа Рфедерациа’и, агьырҭ ахеидкылақәа рахь иҟанаҵаз аацҳарала, алхра иазкны акциа-қәа рзы изин шҟамло иднардрит. Аҧсны Алхратә Комиссиа Хадара, иҟалаз ари политикатә ақәмычра ҿыӡгас иаашьҭыхны, Ҭыр-қәтәыла иҟалашаз алхра ишаҟәнахыз аӡбахәы цәырҵит.

Ари аамышьҭахьгьы, Сақариа Ахадара (Ваали) ахьынтә; «Аҧсны Қырҭтәыла ишатәу, Қырҭтәыла ахатәаӡбара, еибыҭо адгьыл ахь еилагарак цәырмҵыр хықәкыс иаарбаны», алхра ада, иеизаку акциақәа зегьы рзин иқәнахит. Иҟалаз уи акәхит, Ҭырқәтәыла иқәынхо Аҧсны атәылауаҩцәа, алхраҿ рбжьы рзымҭиит.

 

Адгәыр Арӡынба

Урыстәылантә иҭырцит

Урыстәыла Федерациа, Аҧсуа музикант Барас Кәыџба, Жәабранымза 15 рзы, Ҧсоутәи Аҧсуа-Аурыс аҳәаа иахасра ааннакылан, дарханҳәит.

Аҧсны атәылауаҩы, репатриант Ашәба Умиҭ Шьаҳин гьы, абжьыҭиразы амҩа дхьықәыз, Жәабранымза 15 рзы, Шәача аҳаиртәбаҕәазаҿ даурымышьҭын, 10 шқәса РФ дызҭамлоны шьҭахьҟа даарышьҭит.

Алхра ҧасатәи аамҭа аҿгьы, Аҧсны ҧхьа игыло оппозициаҿ аҧызара змо рҿынтә, 1992-1993 Қырҭуа-Аҧсуа аибашьраан ахәра зауыз Леуан Миқаа’и, даҽа идыру оппозициант Кан Кәарҿиа гьы, Урыстәыла атәылауаҩра ишалцаз иалаҳәан.

Yazarın Diğer Yazıları

Dığe Bziy tiyatro grubu Kayseri’de

Kayseri Kafkas Derneği, Kabardey-Balkar Cumhuriyeti’nden Dığe Bziy (Дыгъэ Бзий) tiyatro grubuna ev sahipliği yapacak. Oyunlarını YouTube kanalı üzerinden de yayımlayan çevrimiçi tiyatro topluluğu, 2...

Kuşha Doğan ile Xabze üzerine…

Uzunyayla Kafkas Kültür ve Yardımlaşma Derneği’nin (İstanbul) düzenlediği kahvaltının konuğu Kuşha Doğan Özden olacak. 26 Nisan Pazar günü saat 10.30’da başlayacak etkinlikte Kuşha Doğan...

“Kökler ve Kanatlar” okurlarıyla bir araya geliyor

Mısost Ayşen Göksu Dağıstanlı, Papirüs Yayınları etiketiyle yayımlanan “Kökler ve Kanatlar-Çerkes Aile Hikâyeleri” adlı kitabını imzalamak ve söyleşiye katılmak üzere 18 Nisan’da Ankara Çerkes...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img