Агазет Жьнеԥс аусзуҩцәеи, аԥхьаҩцәеи гәалсра дула ирыдыркылеит Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Аԥсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа иԥсҭазаара дахьалҵыз. Иара иҩымҭа лыԥшаахқәа рыла аԥсуа литература иазынижьит хәы змаӡам ашьҭа. Зыԥсадӷьыл иаҵеи лашаз, зыжәлар рмилаҭ хақәиҭратә қәԥара аџьабаа ду азызбахьаз Алықьса Гогәуа, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатын, илшамҭа дуқәа рзы ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара.
Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа игәалашәара лаша наунагӡахааит.