Кавказтәи ажәларқәа рхырҵәара агәалашәара иазкны:
Лаҵарамза 21 – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазку еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥган, Аԥсны аҳҭны қалақь аҟны, Аҟәа.
Лаҵарамза 21 асааҭ 9 рзы иалагеит 2012 ш. рзы ииз ахәыҷқәа рыбжьара Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә амини-турнир.
Иара убас асааҭ 10 инаркны О. Бигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рҭоурыхтә музеи ашәқәа аартын аҭааҩцәа рзы.
Асахьаҭыхҩы Борис Ашәба исахьақәа рцәыргақәҵа «Ҩ-ԥшаҳәак рыбжьара» И. Е. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аҟны иаартын.
Асаат 19.30 рзы С.У. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны иеизаз аҿар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рыхьӡала Аҟәа ақалақь Амшын еиқәа аԥшаҳәаҟны игылоу абаҟахьы аҳәынҭарратә символика рыманы ныҟәарыла ахҵәацәа рбаҟа иаҭааит.
Абаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь еиқәырҵаз Амца ду азааигәара «Ашьамаҟа» ацәашьы адыркит. Ари аҭыԥ аҿы имҩаԥгаз апрограмма рҽаладырхәит Аԥсны ахада Гәынба Бадра, апарламент ахантәаҩы Ашәба Лаша, аминистрцәа реилазаара алахәцәа.
Лаҵарамза 23, асааҭ 10 рзы «Нарҭаа реиԥхныҩра ду» захьӡу Атлетикатә кросс мҩаԥган.