
19.тәи ашәы шықәсарзы имҩаԥысуаз аибашьра иахҟьаны Кавказ жәларқәа изықәшәаз амцахәыцәареи, ахҵәареи 161 шықәса ахыҵра иазкны; Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ақалақь аҿы мчыбжьык иназынаԥшуа имҩаԥысуаз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҟазаратә цәыргақәҵа аартын.

Борис Ашәба иусумҭақәа 100-ҟа рыла ишьақәгылоу «Ҩ-Ԥшаҳәак Рыбжьара» ҳәа ахьӡ змоу ацәыргақәҵа маи 21-23 рзы аҟазара абзиабаҩцәа ирԥылеит. Атаман Кәыџба, агазет Жьнеԥс аԥхьаҩцәа рзы ацәыргақәҵа аартра ихалаирхәит, иара убасгьы ахҵәара иазку иусумҭақәа рзы асахьаҭыхҩы диацәажәеит.
