Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иҟо Милаҭытә Ҟазара Галлериа, «Галлериа Еиҭа Ҵиара» зхьӡу ацәыргақәҵа аԥшәмара азнауит.

2024 ашықәс, Ажьырныҳәамза 21 амш иҟалаз абылраҿы аԥхасҭа ду зауыз галлериа, ремонт азуыра аҵыхәантә, Ԥхынгәымза 11 амш ихтит. ԥхынгәымза 23 амш аҭааҩцәа ирԥылаз ацәыргақәҵаҿ, 2024 абылраҿы аџьахәрыла еиқәхаз ауысурақәа иқәҵан. Аԥсуа, Ауаԥс, Аурыс ҟазаҩцәа руысурақәа злахәыз 19 сахьа аҭыԥ аанызкылаз ацәыргақәҵа, Ԥхынгәымза 31 аҿынӡа аҭааҩцәа рзын иартуп.
Иеиҭазгаз Ахба Есаҭ Озен








