Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа, сынтәа 12 тәины имҩаԥысыз жәыларыбжьаратәи афорум еиҿкаан. Абҵарамза 1-4 амшқәа имҩаԥысыз афорум, аҭоурых ҭҵааицәа, Кавказ ҭҵааицәа налаҵаны, 250 инарзынаԥшны ҭҵаарадырҩыцәа алахәын. «18-21 тәи Ашәышықәсықәа Кавквзтәи Ажәлар: Аҭоурых, Политика, Культура» ахыхьыӡ зхо афорум аҿы, Аԥсны, Урыстәыла, Узбеқисҭан, Казахысҭан, Аермантәыла, Ҭырқәтәыла, Германтәыла’ нтә ҭҵаарадырҩыцәа рыҳәоу иазааҭглит. Афорум хы ҵакы ду змаз ашықәс аамҭақәа ирыдныҳәалан: Аџьынџьтәылатә Аибашьра Ду 80 тәи ашықәс, Аԥсны раԥхьаӡатәи Ахада Владислав Арӡынба 80 тәи иымшиыра, Дырмиҭ Гәылиа иыхьыӡ зхо Аԥсны Аҭҵаарадырра Институт шьақәыргылара ашәышықәса.







