Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

21 Маи 1864 Каbкаӡ Ахҵәара

156 шықәса раԥхьа иалагеит ахырҵәара иахылҵышьҭроу игәыҭшьаагоу ражәабжь. Ихьааз игәаҟраз ражәабжь. Кавказааи Аурысцәеи реибашьра 300 шықәса ицон. 300 шықәса ицон аҟазаареи аҟамзаареи реибашьра. Иаҵахаз ҳәарада ауаҩра акәхеит.
Адунеи аҟны зеиԥш ыҟамыз Кавказаа иҷыдаз ркәльтура, зымч-зылшара Кавказтәи адгьылқәа ирыдҳәалаз Кавказтәи акәльтура, абри адгьылқәа рҟынтә иҵжәа иқәган. Иахьазымдыруаз, иахьамбацыз, збызшәа ахьамаҳацыз дгьылқәак рышҟа иқәцан. Аԥсуааи риашьаратә жәларқәеи рхырҵәаратә процесс имариамхеит. Шықәсы рацәала ицоз гәаҟра мҩаны ирзыҟалеит. Ашьхақәа реиԥш иҳаракыз, абаагәареиԥш иӷәӷәаз, зегь рыла иҿырԥшыз ҳажәлар амамзаареи, амлакреи, ачымазара ҿкықәеи рыла аԥсҭазаара иԥнашәон. Зхьаақәа згәы иҭазхәаҽыз Кавказ ажәларқәа, иахьнанагаз атәылақәа рҿы аԥсҭазаара иахьынҳаланы иркит, ахеиқәырхареи, раԥсуара еихаҳареи рзы изларылшоз ала ақәԥара рҽазыршәеит, иагьрылдыршеит.
Иахьа Ҭырқәтәыла 3-тәи абиԥараны иеиҵагылаз ҳарҭ, ахырҵәара амҩаҿы зыԥсҭазаара зцәыӡыз ҳабдуцәа ирыхҭысыз рхьаақәа ҳгәаҿы иаҳныруеит.
Ҳәарада уи ахьаа анаҳныруа аамҭазы, урҭ ргәымшәареи, иаадырԥшыз агәкамыжьрагьы ҿырԥшыс иҳамоуп. Ҳарҭ, Аԥсуа жәлар рхаҿреи ркәльтуреи еиқәырханы ԥхьаҟа иаҳзымгар, ҳабдуцәа рҳақ ҳшаҵахо ҳдыруеит. Урҭ аҭагылазаашьа уадаҩ аҟны иаадырԥшыз агәыӷәӷәара шаҳдыруа еиԥш, агәаҟрақәа ирхыргаз ишаҳдыруа еиԥш, иаҳзынрыжьыз аихаҳашьагьы адырра уалԥшьаны иҳадуп.
Аԥсуааи риашьаратә жәларқәеи аҭоурых аҿаԥхьа аиашамра закәу рзымдыркәа хьӡиԥшеи рыла имҩасит. Зҭоурых еснагь иазгәдууз Аԥсуа жәлар, иахьа аҩбатәи ԥсадгьылны иаҳзыҟалаз Ҭырқәтәыла, ахырҵәара ахьаа зхызгаз рхылҵышьҭрақәа раҳасаб ала, ессы шықәса Лаҵарамза 21 рзы, ҳабдуцәа иахьыӡхыҵыз аԥшаҳәақәа ируаку Қьефқьен Бабалы аԥшаҳәаҿы ҳаизаны ахырҵәара аамҭазы иҳацәҭахаз ҳгәалаҳаршәоит. Иара убас ирыхҭысыз арыцҳарақәеи агәаҟрақәеигьы…
Ҳазшаз абри аҩыза агәаҟра жәларык идимырбааит. Қьец-ԥҳа Елиф лмыҭкәыма аҩыза даҽазнык адунеи иқәымҩааит.
Ҳарҭ, адунеи ыҟанаҵы ҳажәлар ирхыргаз арыцҳара ду ишаҳгәалашәац иаҳгәалашәалоит. Адунеи ауааԥсырагьы иргәаладҳаршәоит.
Иргәаладҳаршәоит, избанзар даҽазнык абри аҩыза ауаҩымра милаҭк иақәымшәааит, ауаҩра аӷрагылара даҽазнык иалмыршахааит.
Иахьа Аԥны иҟоугьы, Ҭырқәтәыла иҟоугьы аԥсуаа зегьы, адунеи аҿаԥхьа даҽазнык ҳабжьы ақәҳаргоит:
Ҳарҭ Аԥсуаа хьӡи-ԥшеи рыла ҳахдырреи ҳкәльтуреи еиқәырханы ԥсадгьылс иаҳзыҟалаз адгьылқәа рҿы, зышьҭра иазгәдуны зԥеиԥш иақәгәыӷуа уааԥсыраны ҳаԥсҭазаара иацаҳҵалоит. Абри аҩыза акәльтура ҳаракы, адунеи ыҟанаҵгьы ишныҟәаҳгац иныҟәаҳгоит.
156 шықәса раԥхьа, Амшынеиқәа илашьцаз-ихьшәашәаз агәаҿы инҳажьыз ҳабдуцәа рыԥсқәа ҭынчыз. Ҳазшаз ҳаргьы, иаҳхылҵуа абыԥарақәагьы ҳабдуцәа рыхьӡ- рыԥша аԥсахара раҭәеишьааит.

Атанур Акусҕа
Аҧсуа Ҳеидкылакәа Рфедераҵиа Ахада

Yazarın Diğer Yazıları

‘Avcı’ bir ödül daha kazandı

Oset yönetmen Zaur Tsogoev’in Oset Sinematografi Akademisi işbirliğiyle çektiği “Avcı” adlı film, XV. Delhi Uluslararası Film Festivali’nde “En İyi Macera Filmi” seçildi. 4-8 Mayıs tarihleri...

Genç yönetmenler ‘Kino Kavkaz’da yarıştı

Kabardey-Balkar’ın başkenti Nalçik, 14-16 Mayıs tarihleri arasında “Kuzey Kafkasya Gençlik Film Festivali-Kino Kavkaz"a ev sahipliği yaptı. Kuzey Kafkasya Devlet Sanat Enstitüsü'nde düzenlenen etkinlikte genç yönetmenler,...

Suruç Katliamı davası

Şanlıurfa’nın Suruç ilçesindeki Amara Kültür Merkezi’nde, 20 Temmuz 2015’te DAİŞ’in bombalı saldırısında yaşamını yitiren 33 kişinin ölümüne ilişkin firari sanıklar Deniz Büyükçelebi ve İlhami...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img