Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Вышел клип на Гимн «Благословение» (Аныҳәара) в исполнении

1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Арбџьар Мчқәа Егры аӡиас иаҧну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааҟны Аҧсны абираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иааирала ихыркәшахеит. 


Сынтәа цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 28 шықәса ахыҵра амш. Ашьыжь имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилови, уи ицны Аҧсны иаҭааз аделегациеи реиԥылара. 
 

Аиԥылара ашьҭахь аҩ-тәылак рхадацәа Аҟәа Ахьӡ Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас ирҭааит Аԥсны актәи Ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи рнышәынҭрақәа.  

Иара убас А. Бжьаниа, А. Бибилов, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, асасцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан игылоу аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан.  

1992 1993 шш. рызтәи Аиааира ду 28 шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа имҩаԥган аруаа рныҳәатә мҩасра. 

Уи иалахәын арратә оркестр, 500 ҩык аруаа – Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа, урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аруаа. 

Иара убас, аныҳәарақәи агалашәаратә еиҧыларақәеи ирылахәын; Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи, Ҭырқәтәылатәи Аҧсуа Ахеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәсбеи, Ныхыҵ Кавказтәи ҳашьца рхаҭарнакцәа. 

Фото: Атаман Кәыџба 

Yazarın Diğer Yazıları

Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкны

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Владислав Арӡынба ҳаҭырла...

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит

1864 шықәса Лаҵарамза 21, Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь шәнызықьыҩла кавказ жәларқәеи аԥсуааеи рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа...

Ажәақәак аԥсуа хацәа ирыхҳәааны

(Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа аҟнытә) Аҭоурых ҭҵааҩы Агәажәба Ҳаџьараҭ-иԥа Руслан иҿцәажәара Ахәҭа -3- Кәыџ Капыт  Урыс фыцарк Ҟабарда даан, ҟабардаа дрықәлеит. Уа баа дук гылан. Ар иман дтәоуп. Хәҩы-фҩы...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img