Диузџье Универиситет, Алитаратура Факультет аҿы, 2024-2025 аҵара шықәс, Кавказ Бызшәақәа, Культурақәа Аҟәшаҿы ҿыцны, Аԥсуа Бызшәа-Алитаратура аҟәша шьақәырглит. Ари академика аҟәша, Аԥсуара шьақәырӷәыӷәаразы, акультура ахьчаразы, Аԥсни диаспораи ргәыбылра арӷәыӷәаразы шьаҿа дууп. Аҟәшаҿы аурокқәа, Аԥснытәи академикқәа Ева Ҭаниа, Фатима Кәарчелиа, Риҵа Оҭырба нагӡара арҭоит. Ԥасатәи аҵара шықәс назыгӡаз аҵаҩцәа рыгәыԥки, рҭынхацәа Ԥхынгәымза анҵәамҭа амчыбжьы Аԥсны иаҭааит. Аҵаҩцәа, Кавказ Бызшәақәа Культурақәа Аҟәша Ахада Др.Феҳми Ӡыба, маӡаныҟәгаҩы Али Агрба, ԥасатәи Абхаз-Фед ахада, иахьатәи аҟәшаҿ аҵаҩы Аҭанур Аҟәысба рцын. Ԥхынгәымза 29 амш, Аԥсны Ахада Бадра Гәынба агәыԥ идиклит.
Иеиҭазгаз Ахба Есаҭ Озен