Аҧсадгьылахь ихынҳәқәаз

0
1727

Ирем Берқ: 2014 Шықәсвзы ианввр мзазы ҳааит ҳара Аҧсны. Раҧхьаӡа аҳәаа ҳанахыҵуаз, ҳпаспортқәа гәазҭоз даара издыруаз аӡәы иақыузшәа избеит. Даара дуаҩы ҧхан, зҟазшьа бзиаз аӡәы иакун. Ибзианы ҳидикылеит. Сара Аҧсны санааи стәымуаҩы ҳәа схы сымбаӡеит.

Санааи инаркны иаразнак срылыҵәеит ауаа. Еснагь ара инхоз аӡә леиҧшь. Аҧсабарагьы даара исгәаҧхеит. Сцәаныррақәа убас иҟан. Сара Аҧсуаа ркультура, Аҧсуаа санрыланагалаз аахыс издыруан. Сыҧшәма д-Аҧсуоуп. Убысҟан инаркны сара арҭ ауааи, ркультуреи даара бзиа избеит.

Ҭырқәтәыла сыҧшәма изанааҭ адукатра акәын, саргьы атәанчарахьы сцахьан.

Ҳаҧсадгьыл аҟны анхара ҳгәы ианҭаҳк, Аҧсуа қыҭак аҟны ҳанхап ҳәа ҳаӡбеит. Ақыҭа усқәа ҳарызҿлымҳан,бзиа иаҳбон аха абызшәа бзиа иахьаҳзымдыруаз иахҟьаны, ақыҭа ус бзиа иаҳбон аха ҳамчқәа ҳрықәымгәӷӡеит. Уи азы аҳҭны қалақь Аҟәа анхара аҧшьаҳгеит.

Улақәа анхыуҩалакь иҭынчраӡа убла аҿы иааиуо, угәы заҳәо сахьак иҧшӡаӡа уҿаҧхьа имгылоу, Аҧсны ҳара ҳзы убри асахьаҿы иаҳбо ауп. Даара агәаҳәара ҳаманы ҳҭынчӡа ҳхы ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳанхоит ҳаҧсадгьыл аҿы. Изымбацгьы иааины ирбарц рабхьаҳгоит.

***

Ҳаҧат Есеф: Сара сыҧсадгьыл ахь1991 шықәсазы схынҳәит. Уи аахыс Аҟәа сынхоит. Ҭырқәтәыла санынхоз Мерсин, Сҭампыл, Анкара ақалақьқәа рҿы аргылара аганахь аус зуан.

Ҳаҧсуара, ҳмилаҭтә хдырра аиқәырхара, ҳаҧсадгьыл аҿы ада даҽа џьара ишзыҟамлоз хәыцрас исыман. Еиҳаракгьы уажәы ҳазҭагылоу аамҭа шаҟа ирласны аҽаҧсахуа ала.
Арахь саанӡатәи схәыцрақәеи, санааитәи сзықәшәаз аҭагылазаашьеи еивыргоз маҷхеит, аҽамыҧсахӡеит. Аха досу ихәыцрақәа зеиҧшроу еиҧш.

Еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа урықәшәар ауеит, досу ихы шааирыҧшуа еиҧш. Сара сыҧсадгьыл ахь нхара сааит.

150 шықәса раҧхьа арыцҳара иеҟәнагаз ажәлар, иуҭахы иуҭахым аамҭа иара атәы ҟанаҵоит, рхәыцшьақәа еиҧшымхаргьы ҟалоит. Аха схәыҷы аахыс исылрааӡаз смилаҭтә хдырра, сыҧсадгьыл ахь абзиабара сыхон еснагь, сыҧсадгьыл ахь ахынҳәра гәҭакыс исыман. Ҳауаажәлар иҟьаны адунеи иалаҧсоу, иахьыҟазаалакь ҳаҧсадгьыл аҿы ҳҽеидкылан абиҧарақәа реизырҳара. Абри акәын еснагь хәыцырҭас, гәҭакыс исымаз.

Ҧсынеҭхәџь Синем Озқан Огәз

(Жьынэпс)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz