Абазаа Рбжьы (Абхаз-Абазин) Ocak 2021

0
1337

«…Ҳҧсҭазаара уалахәра ҳаҳзын насыҧ дууп…»

Иуқсел Џанҭиурқ Динчер

7 шықәсы сырҭагылан Есефи ҳанеибадыр. Мерсинтәи Кавказ Акултуратә сентр аҟны иеиҿкао ансамбыл ҳаицыкәашон. Сара усҟантәи ансамбыл среиҵбыӡан. Уи 16 схыҵоз ҿкәынк иакәын… Аамҭа рацәа анеис аамыштахь ауп ианеилыскааз ақәашарақәараан, ӡӷаб ҩызас саниызкашәалаак иҧсхашьебакуаз, дысшызгәамҵуаз.. Изҭахызда са сҩза асаби илыцкәашарц…
Ибжьы хҵаны дшыччо еиҭаиҳәон ансамбыл иазку игәлашәарақәа.
Есеф усгьы есқьынагь дыччалон, зынӡа ибла иҵирхәуамызт. Ашықәсқәа еисит, уи Анқара дынхо далагеит, сарги аҵара сҵарц уа санца еиҭа ҳаиқәшәит… Анқаратәи Кавказ Културатә сентыр аҟны иеиҿкау акәашаратә ансамбыл аицыкәшара еиҭа ҳалагеит. Уигьы азымхеит, ҳҧсшара мышқәрзгьы дахьынхо иҩнахьы ацара, иаҳхатәу аҩныҟа ҳцозшәа ҳазыҽгәаҳәон… Акыргьы ичеи-џьыках ҳҽалаҳархәуан…
1991 шықәсазы иџьынџь тәыла Аҧсынра дынхарц дцеит. Аҧсны ахақәиҭра, иҧсы ақәҵаны дазықәҧеит. Адунеи зегь иреиӷьу ҳЕсеф, зегь иреиӷьу Адлеиҧҳа Лондеи иыҧсҭазаара еибиҭеит, насгьы Асиаҭ хазына длабхеит… Есеф, 4 мзыаахыс ӷуӷәарала дзықәҧоуз џовид-19 даҵахеит… Уи дыздыруа, иакәым ажәа ихызҳәаашьа аӡәымзар аӡә дыҟаӡам сара стәала… Иҧсҭазаара иалҵра згәыҭнашьааз даараӡа ирацәаҩуп.
Есеф бзиа; ачымазара уаиааины уанааиуа, ишаҳзеиҧшу аишәа ахы унахатәоу аамҭа агәыӷрала, ачҳара ду аарыҧшны ҳаузыҧшын аха иҟамлеит… Ҳҧсҭазаара уалахәра ҳаҳзын насыҧ дууп, ҳаузыразуп зегьрыла. Зынӡа уаҳхашҭӡом… Лондеи Асиаҭи шьҭа ҳаргьы иаҳҭаацәароуп. Уҧсаҭа шкәакәахааит сашьа ду, сҩза бзиа…

Еизыршәаз-еиҭазгаз: Атаман Кәыџба

***

Есеф Ҳапат Игәалашәара Иазкны…

Оқҭаи Чкотуа

Есеф… Аԥсуаа ҳаҳәашьала Есыф… Данаауԥылалаак иблақәа ҭыԥхааӡа, ихаҿы лашаӡа иуҿаччоз ауаҩы ҟәымшәышә, ауаҩы гәыразы… Уажәшьҭа 30 шықәса инареиҳаны ҳаибадыруеит ари ауаҩи сареи, аибашьра алагаанӡа зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз раԥхьаӡатәи агәыԥ далахәын. Исгәалашәоит, Аҟәа «Алашарбага» аҳаблаҿы аҩнқәа аргылагазы адгьыл ҭыԥқәа анырзалырх, Џьезми ԥсаҭа шкәакәа раԥхьа днаргыланы рыҩнапык ала рынхарҭа уасхырқәа шышьҭарҵаз… Аибашьра ахлымӡаах ҳанҭагыла дзахьымӡеи уи аус, аха иҩызцәа даарывагыланы Аԥсны ахақәиҭра аибашьра иҽалаирхәит, зхы иақәиҭу, ихьыԥшыму Аԥсуа Ҳәынҭқарра аргыларазы. Иагьалдыршеит Аԥсны аҵеира уи ахықәкы… Есыфгьы иџьабаа ахәшьара аҭаны Леон иорден ианаршьеит…

Аҭынчра аамҭа анааи дыҩнрахеит Есыф, иара иеиԥшҵәҟьа зыблақәа ҭыԥхааӡа, зхаҿы лашаӡа иуҿаччоз аԥҳәызба ҳалал, Адлеиԥҳа Лонда дизынасыԥхеит. Урҭ рыбзиабара, рҳәоу еиқәшәара, ацәгьа-абзиа аҟны реидгылара иҿырԥшхеит зегьы рзы… Аҵыхәтәан рыԥҳа хазына Асиаҭ ԥшӡагьы рҭаацәара данацла, уажәшьҭа «Ҳаи шьири!» ззуҳәаша, уреилаҳаны узеигәырӷьаша ҭаацәараны иҟалеит. Ҳарҭ зегьы абас ҳрызгәдуны ҳшыҟаз, арахь аҩсҭаа гызмал даҳхыччозаарын, иабаҳдыруаз.

Иаалырҟьаны адунеи зымчханакыз ачымазара ҽкы ԥыҭҩык реиԥш Есыфгьы дзацәымцеит. Кыр аамҭагьы дазықәԥеит, аха дзазымиааит. Ҭырқәтәыла Стампыл ақалақь аҟны иԥсҭазаара далҵгәышьеит. Ажәлар, «Иԥсыбаҩ уа анышә иамардозар акәхап» ҳәа ргәы иаанагон. Аха убраҟагьы иарӷьажәҩа Лонда ахаҵамԥҳәысра аалырԥшын, «Иҟалалаакгьы иԥсадгылахь дганы убраҟа анышә дамаздоит!» ҳәа лнапы дықәыргыланы даҽазнык, наунагӡа иԥсадгыл дазыхынҳәыртә иҟалҵеит. Есыф Ҭырқәтәыла иҟоу игәакьацәагьы ажәак ахымҳәаакәа аҭагылазаашьа еилкааны ишақәнагаз ала рхы мҩаԥганы, рылаӷырӡқәа ргәы иҭаҵәахны рашьа Аԥсныҟа днаскьаргеит.

Унарцә мҩа иузылашахааит Есыф! Уԥсадгьыл анышә узыбымбылхааит!
Џьанаҭ гыларҭас Анцәа иуиҭааит сашьа!..

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz