Ажәабжь бзиа

0
1223

Ц.С. Габниа

Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт иатәу афольклор аҟәша аиҳабы, афилол. ҭҵ. рк., адоцент

Март мза 10, 2021 шықәсазы Аҧсны аҭоурых иазынхоит. Абри амш аҽны Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаҧҵаз Зныктәи адиссертациатә хеилак аҿы адоктортә усумҭа лыхьчеит аҧсуа литература акафедра адоцент, афилол. ҭҵ. рк. Чуреи Тыжын Али.

Чуреи Тыжын Али зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы иааны аҵара зҵаз, аҭаацәара иалалаз, аус зуа, инхо ҭыҧҳауп. Уи иахьа аус луеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт, афольклор аҟәшаҿы аҭҵаарадырратә усзуаҩ еиҳабыс, иара убас Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет, аҧсуа литература акафедра аҿгьы. Ари аҭагылазаашьа ахаҭагьы иаҳәо маҷым, иаҵанакуагьы рацәоуп.

Лара лнапы алакуп Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа-адыга диаспора рмузикатә фольклори уи иадҳәалоу ақьабзқәеи хықәкыла рыҭҵаара. Иахьа уажәраанза аҧсуа фольклори аетнологиеи рҿы ҳара дҳамаӡамызт ари атема шьаҭанкыла аус адулара иаҿыз аҵарауаҩ.

Иахьа Чуреи Тыжын Али илыбзоураны аҧсуа ҭҵаарадырраҿы ицәырҵуа иалагеит уи атема аартра иазку аҭҵаарадырратә статиақәа, амонографиатә усумҭақәа. Акырынтә ажәахәқәа ҟалҵахьеит Ажәларбжьаратәи аконференциақәа рыҟны Аҧсны аҩныҵҟа еиҧш аҳәаа анҭыҵгьы. Урҭ зегьы аҵарауаа хатәрақәа ирыдыркылеит, ахәшьара ҳаракгьы арҭоит.

2016 шықәсазы Аҧсуаҭҵааратә институт иатәу афольклор аҟәшаҿы ишьақәыргәгәан лдоктортә усумҭа абри атема ала «Ҭырқәтәылатәи аҧсуа-адыга диаспора рҿы ақьабзи ашәаҳәара-инструменттә традициеи».

Тыжын Чуреи ҧшьықәса рыҩнуҵҟа Ҭырқәтәыла изныкымкәа дцаны, аҧсуа-адыга еиланхарҭақәа рҿы мҽхакы ҭбаала еизылгеит аетникатә, афольклортә культура иадҳәалоу аматериалқәа рацәаны. Иҭылҵааит амузикатә фольклор иадҳәаланы иҭыҵхьоу еицырдыруа аҵарауаа русумҭа нагақәа. Иалылкааит иҭҵаамыз атемақәа, ахархәара змауцыз ахырхарҭақәа. Иуҳәар ҟалоит аҧсуа-адыга диаспора ретникатә культура, еиҳараӡак аҧсуа диаспора рмузикатә культура акыр иҧсыҽны иҭҵаауп ҳәа. Аҧснытәи аҵарауаа еиҳа аџьа адырбалахьеит афольклортә материал аизгара, анҵара. Убри аҟнытә Т. Чуреи дызлагаз аҭҵаарадырра даара акраҵанакуан анаука азы. Иҳәатәуп ауадаҩрақәа илҧылозгьы даара ишырацәаз. Ишьҭылхыз атема комплексла аҭҵааразы иаҭахын аматериал зегьы акәымзаргьы, аӷьырак анапаҿы аагара. Ус ҟамҵакәа ҧсыхәа амамызт иҭылҵаауаз акультура аҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы акәымкәа аҳәаа нырцә-Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа абара – иахҭысыз аҧсахрақәа, дара аҧсахрақәа еиҳа изныҧшыз, иахьа еиқәханы иҟоу, аҿиашьа.

Еиҳа аҧыжәара аҭаны лхы иалырхәаз асистема змоу анализ ҟаҵаратә знеишьа илылнаршеит аҿыц аартрақәа рацәаны анаука алагалара:

-раҧхьаӡа акәны Ҭырқәтәыла адыгақәеи аҧсуааи рчаратә традициа комплексла аҭҵаара;

-раҧхьаӡа акәны инеиҵыхны ачарашәаҳәаратәи ачаракәашаратәи традициа системала азнеира;

-ачара иадҳәалоу аритуалқәа рҿы иҟалаз аҧсахрақәа раарҧшра, ралкаара;

-аҧсуааи адыгақәеи рыбзазараҿы рашәаҳәашьақәа еиҿарҧшны иҭҵаауа дасу рӌыда ҟазшьақәа рзааҭгылара;

-амузикатә инструмантқәа ӌыдала рыҭҵаара, дара ирыдҳәалоу амифтә ҳәамҭақәа ааганы рыхцәажәара.

Адоктортә усумҭаҿы адиссертант иалылхыз хылҵшьҭрала еизааигәоу, аха хаз жәларны зҽеиҩызшахьоу ҩ-жәларык рмузикатә культура еиҿырҧшны аҭҵаара аметод иацын аџьабаа ду еиҧш аҭакҧхықәра дуӡӡагьы. Ас еиҧш аҭҵаарадырра азнеира иҿыцу хырхарҭоуп аҧсуа-адыга традициатә культура аҭҵаараҿы. Абри аҭагылазаашьагьы аҵарауаҩ илыдурҽхәалаша лҵшәоуп.

Лхаҭа ианылҵаз афольклортә, аетнологиатә, аудио материал, авидео материал, хыҧхьаӡара рацәала иҟалҵаз афотоҭыхымҭақәа лтеориатә зыҧхьагәаҭарақәа рзы иҟалеит ишьақәзыргәгәо ракәны.

Аҭҵаара зегьы раасҭа ахәшьара ҳаразкуа автор иалеигало аҿыцрақәа роуп. Тыжын Чуреи лусумҭаҿы зегьы ҿыцуп, раҧхьаӡа акәны иҳәоуп, ишьақәыргәгәоуп.

Т. Чуреи лоуп раҧхьаӡа акәны абас инеиҵыхны Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа диаспора рмузикатә культура аҭҵаара зҽазызкыз, иҭызҵааз. Уи наунагӡа ус иаанхоитаамҭақәа зегьы ириааиуа аҧсуа ҭҵаарадырра аҭоурых адаҟьаҿы.

Т. Чуреи Ҭырқәтәыла иҧшааны, ианҵаны дырзааҭгылеит 13 ҧсуа кәашара. Урҭ реилазаараҿы иҟоуп иахьа Аҧсны иаҳцәыӡхьоу, Ҭырқәтәылатәи ҳадиаспора еиқәдырхаз ақьабз кәашарақәа жәпакы – Аӡрахәма, Аихарҭәаҩцәа рыкәашара, Аиҿагылара, Аҷаҧшьара ақьабз иацу «уахынлатәи акәашара», «Ашьацәхныслара» уб.иҵ..Уи даара акраҵанакеит аҭҵаарадырразгьы, иара акультура ахаҭа аиҭеиразгьы.

Аҵарауаҩ илылшеит аҧсуа диаспореи адыга диаспореи ркультуратә еиныррақәа инарыҵшьны разгәаҭара, дасу рхатә ӌыдарақәа жәпакы рзааҭгылара, насгьы дара ажәларқәа хаз-хазы, иахьынхо адгьылҵакыра инақәыршәаны дасу ирхалаз ацәа аҷыдарагьы.

Аинтерес ду аҵоуп адоктортә усумҭаҿы аинструменти акәашаратә фольклор амифологиатә шьаҭеи ирызкны Т.Чуреи имҩаҧылгаз аҭҵаара. Урҭ зегьы раасҭа ижәытәу, архаикатә ҟазшьақәа узырбо акультқәа – ашьха акульт, аҵиаақәа ркульт, ашәарыцара, ашьхашәара ркульт уҳәа ирыдҳәалоу роуп.

Абас даара аинтерес зҵоу, аҭҵаарадырратә ҩаӡара ҳаракраҿы иҟоу адоктортә усумҭа аҧылҵеит Чуреи Тыжын Али.

Аусумҭа ахьчара мҩаҧысит адоктортә диссертациа ахьчаразы Аҧснытәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидиум иаднакылаз аҧҟарақәа зегьы инарықәыршәаны. Адиссертациатә хеилак хантәыҩыс даман афольклорҭҵааҩы, академик Ш.Хь. Салаҟаиа. Ахьчара цон афилол.ҭҵ.рдоктор, апрофессор Џь.И. Адлеиба лнапхгарала. Зныктәи ахеилак иалахәын 13-ҩык Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧснытәи Аҳәынҭқарреи иртәу, еицырдыруа аҵарауаа нагақәа – аҭҵаарадырратә докторцәа, апрофессорцәа, академикцәа. Урҭ зегьы еицҿакны Т. Чуреи лусумҭа адоктортә усумҭа аҩаӡараҿы иҟоуп, лара лхаҭагьы афилологиатә аҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ нага ахаҵара даҧсоуп ҳәа еицҿакны рыбжьы рҭиит.

Зегьы раҧхьа ари ахәшьара ду Т.Чуреи илыдиныҳәалеит Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор, академик А.А. Гәарамиа.

Ари ииашацәҟьаны иҭоурыхтә хҭысуп ҳара амшын Еиқәа наҟ-ааҟ аҭоурых иҿықәнаҧсалаз аҧсуа – адыга жәлар ҳзы. Уи ҿыгҳара ҿыцуп аҭҵаарадырразы, ҳара ҳаидызкыло арбанқәоу ралкааразы.

Абри астатиа иаҧхьо зегьы ари ажәабжь шәзеиҭаҳәарала ишәыдысныҳәалоит ари ахҭыс бзиа. Уи ҳара зегьы ҳзы иҭоурыхтә ҳамҭоуп.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет, аҧсуа литература акафедра аусзуҩцәа зегьы, акафедра аиҳабы Д.С. Аџьынџьал ҳаҧхьа днаргыланы ҳақәныҳәоит ари аус бзиа!

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz