Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Аԥсны Амилаҭтә банк аҩнуҵҟа Аԥара амузеи аадыртит

Аҟәа, Аԥсны Амилаҭтә банк аҟны аԥара амузеи аатит лаҵарамза 14 рзы. Уи раԥхьатәи аҭааҩцәас иҟалеит ажурналистцәа, дара рзы хықәкыла аексурсиа мҩаԥыргеит абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи амузеи адиректор Асҭамыр Ҭаниеи.

Амузеи аартра аидеиа далацәажәо Беслан Бараҭелиа иҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абанк активла аԥараҿарпи анумизматикатә усхкқәеи раларҵәара ишаҿыз. Абанк анапхгара жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи аконференциақәеи иахьрылахәыз ирыҵанаҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа абас еиԥш ҭыԥк еиҿкаазарц, абанк иҭнажьхьоу аԥсарқәа зегь ахьцәыргахаша. Наҟ-наҟ ари аидеиа еиҳагьы иҿиеит, атәылаҿы жәытә аахыс ахархәара змаз аԥара ҿырпқәа зегь џьарк еидкылахарц азы.
Бараҭелиа еиҭеиҳәеит амузеи аҟны ишымҩаԥысло аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәқәа, еиуеиԥшым аҭҵаарақәагьы.

Ҿыц иаатыз амузеи адиректорс дҟалеит еицырдыруа аԥсуа политикатә, ауаажәларратә усзуҩ, анумизмат Асҭамыр Ҭаниа. Уи иажәақәа рыла, есааира ахаҭәаара иаҿу амузеи афонд уажәнатәгьы Аԥсны иахьаҵанакуа ԥарас иныҟәыргоз зегь амҽханакуеит, ҳера ҟалаанӡа V-тәи ашәышықәса инаркны иахьатәи ҳаамҭанӡа. Ҭаниа ишиҳәаз ала, амузеи афонд шьақәгылоуп аԥараҿырпи абонқәеи рыла (абанкнотақәа, ма аԥара зыԥсахуа егьырҭ ақьаадқәа, акциақәеи авексельқәеи реиԥш иҟоу – аред.), зегь реиҳа ихаҭәаау аҟәша – Аԥсны абанк иҭнажьуа ҳаамҭазтәи агәаларшәагатә аԥсарқәа роуп.

Амузеи адиректор еизаз ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит 1917 шықәсазтәи октиабртәи ареволиуциа ашьҭахь Аурыс империа анеилаҳа, уи афинанстә системагьы анхабгала, аинфлиациа ду ҟалеит ҳәа, аҳәынҭқарра иалшомызт ауааԥсыра рызхара аԥара аҭыжьра. Ахәқәа ирыцлон, акризис ду ҵысит. Уи Урыстәылатәи аимпериа ахьынӡанаӡааӡоз зегьы иахкьысит, Аԥсны аҵакырагьы уахь иналаҵаны.

Ҭаниа иҳәеит убасгьы Аԥара амузеи азы алоготип алхра шымҩаԥысуаз.

«Ҳара ҳлоготип – Колхидатәи агемидрахма (ажәытәбырзен ԥара адрахма азбжак – аред.) аверс астилизациоуп, уи ахархәара аман ҳера ҟалаанӡа V-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи IV-тәи алагамҭеи рзы. Абри аԥара зегь рыла ҳмузеи аҵакы аанарԥшуеит, избан акәзар иаралоуп Аԥсны инарҭбааны аԥареикәыршара ахы шакыз», – иҳәеит Ҭаниа.

Архитектор Кама Кациа амузеи ахыбра апроект аус адылулон. Лара еиҭалҳәеит уажәы амузеи аԥенџьырқәа ахьҿоу аҭыԥан уаанӡа афотосахьақәа зкыдыз аҭӡы шыҟаз. Абри аҭӡи абанки рыбжьара иҟаз аҭшәарахь алашара неиуамызт аҟынтә, авара иҟаз аилатәаратә зал еснагь илашьцан, ицәаакыран.

«Ҳара иҳаӡбеит абри аҭыԥ нап адаҳкыларц, ахыбра ду иадҵаны, адәахьтәи алашара злааиша ак ҳаӡбарц: убас иҟаҳҵеит уажә ҳхаҿы ижәбо ахышәқәа, асаркьа иалԥшы иааиуа амрахәага иабзоураны ауада лашеит, иԥшӡахеит, уаҩы игәы иахәартә иҟалеит», – ҳәа лусура иацыз акәамаҵамақәа ртәы еиҭалҳәеит архитектор.

Кама Кациа илҳәеит ахыбра аҿаԥшылара иара шыҟаз еиԥш аконструктивизма ацәаҩа ахны ишаанрыжьыз, иааидкыланы абанк ахыбра ахаҭагьы уи атрадициа иақәшәоит аҟынтә. Ари ахыбра аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рахь иаҵанакуеит, убри аҟнытә аҿаԥара аус адулара даара игәцаракны имҩаԥысуан. Аха убри аан амузеи аҩналарҭа иаҳагьы иманшәаланы аҟаҵара алыршахеит, зылшарақәа ԥку ауаа неиртә еиԥшгьы иҟалеит. (abaza.org)

Yazarın Diğer Yazıları

‘Avcı’ bir ödül daha kazandı

Oset yönetmen Zaur Tsogoev’in Oset Sinematografi Akademisi işbirliğiyle çektiği “Avcı” adlı film, XV. Delhi Uluslararası Film Festivali’nde “En İyi Macera Filmi” seçildi. 4-8 Mayıs tarihleri...

Genç yönetmenler ‘Kino Kavkaz’da yarıştı

Kabardey-Balkar’ın başkenti Nalçik, 14-16 Mayıs tarihleri arasında “Kuzey Kafkasya Gençlik Film Festivali-Kino Kavkaz"a ev sahipliği yaptı. Kuzey Kafkasya Devlet Sanat Enstitüsü'nde düzenlenen etkinlikte genç yönetmenler,...

Suruç Katliamı davası

Şanlıurfa’nın Suruç ilçesindeki Amara Kültür Merkezi’nde, 20 Temmuz 2015’te DAİŞ’in bombalı saldırısında yaşamını yitiren 33 kişinin ölümüne ilişkin firari sanıklar Deniz Büyükçelebi ve İlhami...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img