«Ацәырга, ауаҩы иибартәы иҟаҳҵеит…»

0
1330
Ари амзазы ҳаиҿцәажәеит, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи археологиатә ҟәша аиҳабы Диана Ахҧҳа…

– Ҳаҭырзқәу Диана Ахҧҳа, бнапы злаку аус иааркьаҿны балацәажәар сҭахуп иҟалозар…

-Сара Урыстәыла, Санкт-Петербургтәи аҵараиурҭа ду салгеит. Ҩышықәса уа санџангылан аус зуит, нас Аҧсныҟа схынҳәит, аусура салагеит. Аҧсны ҳәынҭқарратә амузеи аҿы аныҟәарақәа мҩаҧгаҩыс. Убри ашьҭахь сиасит ажәытӡатәии абжьаратәи шәышықәсқәа рыҟша анаука усуҩы аиҳабы ҳәа. Ари аҟәша аҿы аиҳарак аус здаҳалуаз архьеологиатә аҧшаахқәа роуп. Аҧснытәи архьеологцәа ирыҧшаауа зегьы ҳара иаҳдырбоит, амузеи ацәыргақәарзы иаҭаху алаҳхуеит, егьырҭ аҵәахырҭахь идықәаҳҵоит. Иҟоуп ауаа ианырҧшаауа, насгьы иааганы ианҳарҭо. Даара аҭоурых змоу акы акәзар, аиҳабыра рахь иҳаҩуеит, дара уи азы ахә ҳзыршәоит, насгьы амузеи иарҭоит.

-Ииасыз аамҭақәарзы ижәухьаз, насгьы иахьатәи аамҭазы аҟәша аҿы усс ижәуеи?

-Амузеи аибашра аан даараӡа аҧхасҭа аиуит. Ахыб аӡы кылсуан, ақаадқәа ирныз зегьы ҧхасҭахеит. Аҧшаахқәа аҩыра ианыз зегьы аныҵит. Аибашра ашҭахь В. Г. Арӡынба, излауаз ала ирҿыцны, ахышәқәа ҧсахны идиирҟаҵеит. 2009 ш. азы еита ирҿыцны иаҳзыҟарҵеит. Амузеи аҧшааҭқәа реизгақәа рзегьы дәылганы даҽа ҵәахырҭак аҿы иҟаҳҵеит. 2011 ш. азы зегьы иргежьны иааҳгеит.

Убри нахыс ауп амузеи аҟын ҳаусура иаҳа еиӷьны ианышақәгыла. Ацәыргақәа реиқәыршәара даара иуадаҩуп аха ҳара аибашра ашҭахь хынтәуп ацәырга ҽыц аҟаҵара ҳаҽуижьҭеи. Даара ицәгьоуп амузеи ацәахырҭа аҿы аус аура. Иҟоуп аҧшаахқәа ахьеилагаз. Убарҭ зегьы еилыргатәуп. Акакала мацара игәаҭатуп. Иахьаанагаз, изыҧшааз, ашәҟәы иацу ҧшаатәуп. Абарҭқәа зегьы ирҭахуп адырра, аамҭа, ачҳара…

-Аҭагылазаашьа мариаӡам. Убри азын ааҧхьара раҳҭеит ацхыраара азы ҩыџьа анаукатә усуҩцәа; ажәытӡатәи аҭоурых аҭҵааҩы Гари Сангәлиа, абжьаратә шәышықәса аҭҵааҩы Гәырам Гәымба…

-Амузеи аибашра аан даараӡа аҧхасҭа аиуит. Ахыб аӡы кылсуан, ақаадқәа ирныз зегьы ҧхасҭахеит. Аҧшаахқәа аҩыра ианыз зегьы аныҵит. Аибашра ашҭахь В. Г. Арӡынба, излауаз ала ирҿыцны, ахышәқәа ҧсахны идиирҟаҵеит. 2009 ш. азы еита ирҿыцны иаҳзыҟарҵеит. Амузеи аҧшааҭқәа реизгақәа рзегьы дәылганы даҽа ҵәахырҭак аҿы иҟаҳҵеит. 2011 ш. азы зегьы иргежьны иааҳгеит. Убри нахыс ауп амузеи аҟын ҳаусура иаҳа еиӷьны ианышақәгыла. Ацәыргақәа реиқәыршәара даара иуадаҩуп аха ҳара аибашра ашҭахь хынтәуп ацәырга ҽыц аҟаҵара ҳаҽуижьҭеи. Даара ицәгьоуп амузеи ацәахырҭа аҿы аус аура. Иҟоуп аҧшаахқәа ахьеилагаз. Убарҭ зегьы еилыргатәуп. Акакала мацара игәаҭатуп. Иахьаанагаз, изыҧшааз, ашәҟәы иацу ҧшаатәуп. Абарҭқәа зегьы ирҭахуп адырра, аамҭа, ачҳара…

Аҭагылазаашьа мариаӡам. Убри азын ааҧхьара раҳҭеит ацхыраара азы ҩыџьа анаукатә усуҩцәа; ажәытӡатәи аҭоурых аҭҵааҩы Гари Сангәлиа, абжьаратә шәышықәса аҭҵааҩы Гәырам Гәымба.

Амузеи ҳара ҳаҟәша архьеологиа ҳәа изышҭоу ацәырга, ауаҩы иибартәы иҟаҳҵеит. Уи аус даара ицәгьан, аха ҳаицхырааны егьа аџьа ҳбазаргьы ҳалгеит. Антика аамҭазтәи абыржәы еиҭа ирҿыцны иҟаҳҵоит, ҳаҿуп.

Убри адагьы атҵаара-дырратә ҩымҭақәа (астатиақәа) ҳаҩуеит, ашәыҟәҟәа ирнаҳҵеит. Ҳара ҳмузеи иҭнажьуа ашәҟәы аҿгьы ианҳҵоит.

Анаукатә еизарақәа ҳхы рлаҳархит. Ааҧхьара анҳарҭалаак иара иазкны иҳаҩуеит анаукатә анҵарақәа, ҳрыҧхьоит адаклатқәа.

Аҟәша аҿы аус зуа аҿар, излаҳалшуа ала ҳрыцхраауеит. Амузеи аусура ақьабзқәа дҳарбоит, идҳарҵоит.

Аҧсны еицырдыруа архьеологцәа ирызкны анаукатә хәылҧазқәа мҩаҧаҳгоит. Урҭ ҳхашҭыр ҟалаӡом.


Диана Ахҧҳа

Ахҧҳа Диана Владимир иҧҳа диит Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. Аҷандаратәи абжьаратәи школ далгеит. Лҵара иацылҵеит Санкт-Петербург Герцен ихьӡ зху аҵараиурҭа аҭоурых афакультет аҿы. Убри ашьҭахь ҩышықәса убра аус луит.

Анаҩс дгьежьуеит Аҧсныҟа. Аусура далагеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы аныҟәарақәа рымҩаҧгаҩыс. Уи ашьҭахь анаука усзуҩы еиҳабыс аус луан ажәытәӡатәии абжьаратәи ашәышықәсақәа археологиа аҟәшаҟны.

2016 ш. раахыс абри аҟәша аиҳабыс дыҟоуп.

Д. Ахҧҳа анаукатә конференциақәа лхы рылалырхәуеит. Илымоуп аҭҵаарадыратә ҩымҭақәа жәпакы.

Акыр шықәса лусура иахаршәаланы иҭылҵаауан Сталин ихаантәи арӡрақәа ирызку аҭоурых. Ирацәоуп уи иҭҵааны ианылҵаз, ателехәаҧшрала, радиола илышьҭыз адырраҭарақәа.

Убри адагьы акыр шықәса иҭылҵаауан аҧсуа рхәыҷы хәмаргақәа рҭоурых. Уи Аҧсны изныкымкәа имҩаҧылгахьеит ацәыргақәҵақәа. Убас даара аинтерес зҵоу ацәыргақәҵа еиҿкаан Санкт-Петербургтәи ахәыҷы хәмаргақәа рмузеи аҿы. Ахәыҷы хәмаргақәа ирызкны аҭыжьра иазлырхиеит ашҟәы.

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz