Археологцәа Израиль иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара

0
908

Израильтәи археологцәа ақалақь Иавне аҿы иаадырԥшит Византиатәи аамҭа иаҵанакуа шықәсык иалагӡаны ҩ миллион литра аҩы ахьыҟарҵоз аҩцара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. 

Ааглыхратә комплекс ргылан усҟантәи аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла. Ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа. Анаплакы ахыбрақәа рҿы анеиааирҭақәа ирызхәыцны еиҿкаауп. 

«Даара оумашәа иаабеит ара аҩыҟаҵарҭеи аҩцареи ахьаабаз. Иҟоу ала иубартә иҟоуп ара ҩ-миллион литра рҟынӡа аҩы шҭарҭәоз», – рҳәоит ажрақәа рнапхгаҩы, адоктор Ели Х ддад Лиат Надав-Зив, адоктор Ион Селигман. 

Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшыз аҩцара, ақәра 1,5 нызқь шықәса иҟоуп.. 

Иаарԥшу агәаанагара унаҭоит Иавне дунеитә ҩыҟаҵарҭатә центрны иҟан ҳәа. 

Ақалақь аиҳабыра иазыԥхьагәарҭоит ари аҭыԥ аҿы археологиатә парк аартра, атуристцәа раҭааразы. (sputnik-abkhazia) 

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz