Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Аԥснытәи амодель Адица Берзениа лфото амода ажурнал Elle ацәа ианылеит

Аԥснытәи амодель Адица Берзениа лфото еицырдыруа амода ажурнал Elle Russia ацәа ианылеит. АААК аинфопортал аԥхьаҩцәа рзы аҭыԥҳа ҳлыҿцәажәаны еилаҳкааит абри ахҭыс дшазааиз, ԥхьаҟа гәҭакқәас илымоу. 

Аҟәатәи аҭыԥҳаАдица Берзениа лфотосахьа амода ажурнал Elle Russia жьҭаарамзатәи аномер ацәа ианлылеит. 

Ҩажәа шықәса зхыҵуа амодель дынхоит Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет дҭоуп, аҵара лҵоит аекономикатә факультет ахԥатәи акурс аҿы. Адица ашкол данҭаз абаскетбол бзиа илбон. Уажәгьы лгәы азыбылуеит, аха леилахара иахҟьаны аспорт азы аамҭа лоуам. Аҭыԥҳа амузыка азыӡырҩрагьы лгәаԥҳоит. 

Раԥхьаӡа акәны амодель лаҳасабала Адица Берзениа лхы цәырылгеит ҩышықәса раԥхьа, Аҟәа имҩаԥысуаз аԥшӡара аконкурс «Мини Мисс и Королева Абхазии» аҟны. 

«Аханатә сгәы иҭаӡамызт аԥшӡара аконкурс аҽалархәра, саб иаҳәшьа Мзиа Берзениа (аиҳәшьцәа Берзениаа рдует апродиусер – аред.) лоуп исыдызцалаз. Уи аицлабра аихшьаалақәа рыла, сара аҩбатәи аҭыԥ ааныскылеит», – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит аӡӷаб. 

Уи ашьҭахь лара амодельра дазҿлымҳахо далагеит. 

«Сара даара аинтерес скит ари ахырхарҭа, ахьӡ зырҳахьоу амодельцәа срыцклаԥшуа салагеит, амода иазку ажурналқәа срыԥхьон. Ус сышнеиуаз, ари аинтерес еиҳагьы еиҳахеит, сара схаҭагьы ари азанаҭ ала схы ԥысшәарц сҭаххеит, уи гәҭакыс исоуит», – лҳәеит аамодель. 

Аҭыԥҳа ԥшӡа иаҳзеиҭалҳәеит, ажурнал Elle ацәаҟны лсахьа ахьанылаз зыбзоуроу урыстәылатәи амодельтә маҵзура «Авант» шакәу. Шықәсык аԥхьа асоциалтә ҳа Инстаграм аҟны Адица дгәарҭеит ари амаҵзура адиректор Иулиа Шавыринеи, агент Екатерина Поповеи. 

«Дара ирҭахын ҳаиқәшәарц, аусеицура аганахьала ҳаицәажәарц, аха сҭаацәеи сареи акыраамҭа уи ҳзазааиуамызт. Сҭаацәа амодельрахь исымоу синтересқәа ирыдгылон зеиԥшла, аха зегь акоуп хара-хара ҳнахыкәша-аахыкәшон. Сара уи аԥхьагьы ааԥхьарақәа соулон, аха апандемиа раԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара аруадаҩуан. Ус иалҵит, раԥхьатәи ашьаҿа ара стәылаҿы иҟасҵартә еиԥш алшара соуит, ажурнал Elle аҟынтә абри аҩыза ажәалагала ансоу. Ажурнал ацәазы аусура ара имҩаԥысуеит ҳәа ансаҳа, насгьы сара Аԥсны ахьӡала сықәгылоит ҳәа анацырҵа, сҭаацәеи сареи гәыҩбарада ҳақәшаҳаҭхеит», – ҳәа азгәалҭеит аԥсуа модель. 

Адица лажәақәа рыла, ажурнал Elle жьҭаарамзатәи ацәа аус адулара иалахәын гәыԥҩык ауаа: ажурнал амода ахырхарҭала адиректор Лилиа Симониан, еицырдыруа урыстәылатәи афотосахьаҭыхҩы Павел Харатиан, авизажист Мариа Иаковлева уҳәа убас ирацәаҩны. Аҭыԥҳа лхаҿсахьа аус адылулон лара лхаҭагьы, нас лангьы. 

«Иаҳҳәап, сышәҵатәы аналаҳхуаз зегьы еилыркаауан иаарту маҭәак ашәҵара сшақәшаҳаҭымхоз, убри азгьы ажурнал аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит – ҳатрадициақәа патуқәҵарыла иахьрызнеиз. Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Гагра аҭыԥ ԥшӡарақәа рҟны», – ҳәа ҳалҳәеит Адица. 

Аԥсуа ҭыԥҳа иаҵшьны иазгәалҭеит мыцхәы аҽаартра ахьаҭаху аҭыхрақәа рҟны аҽалархәра лгәы ишҭам, убри аҟнытә мап зцәылкхьоу егьырҭ аҭыжьымҭақәагьы шмаҷым. 

Модельк лаҳасабала Адица аус луит иара убас анҭыҵга ҵкқәа зӡахуа абренд Rasario азгьы, ари абренд аԥҵаҩгьы даԥсыуоуп Расида Лакоба лыхьӡуп. Иахьазы Адица Берзениаԥҳа хықәкы хадас илымоу – қәҿиарала лҵара ахыркәшароуп, «уи ашьҭахь мҩас иалсхуа аԥсҭазаара иаҳнарбап» лҳәоит лара. (abaza.org) 

Yazarın Diğer Yazıları

Hayriye Melek Hunç’u saygıyla anıyoruz…

Bugün, 1864’te Rusların Kafkasya’yı işgali ile büyük bir travma yaşayarak vatanlarından tehcire uğramış ve Osmanlı topraklarına göçe mecbur edilmiş, yaralı Çerkes halkına yazıları ve...

Kahvaltı ve öykü yarışması ödül töreni

Şamil Eğitim ve Kültür Vakfı geçen aylarda ”Bir Sürgün Hikâyesi” başlıklı öykü yarışması düzenlemiş, birinciliği ”Yüz Sayfalık Defter” adlı öyküsüyle Arda Berrun Karaca kazanmıştı....

Çok eski bir özlem (*)

Utıj Boris (lутlыж Борис) İçinden çıktığı halkın geleceğini düşünen her Adige, kuşkusuz, kendi kendine sık sık şu soruyu sorar: “Tanrım, dünyanın dört bir yanına dağılmış,...

Sosyal Medyalarımız

9,251BeğenenlerBeğen
2,745TakipçilerTakip Et
4,012TakipçilerTakip Et
677AboneAbone Ol

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img