Ақтиор Серқан Руҭқаи Аиықоз, ихәмарҩыреи, дзлаху аспектакль «Зуыс Ӡбақәоу» инарызкны ҳиыҿцәажәит.
-Раҧхьаӡа аиҿцәажәара иахьуыдыукылаз азы иҭабуп аҳҳәоит. Ҳаҧхьаҩцәа рзы уҽаҳуырдырыр?
-Адаҧазары Ақбалық ақыҭа сеиуоп, Саиқәысбоуп. 1991 ашықәс Денизли ақалақь аҿы сиыит. Ауниверисҭеҭ азы Исҭанбул саан, Мимар Синан Универсиҭеҭ ҭеатр аҟәша сауышьҭымҭхит.
-Ақтиорс аҟалара ианба, ишҧауыӡбеи?
-Ари аӡбахәы даара кырахыҵуеит. Ахәыҷбаҳча санҭарҵа 4 шықәса схаҵуан. Актәи амш слгаразы сан дааит. Аанҿасра змам ҷкунк сакун азы дрызҵаазап, ҭынч даанҿасмы ҳәа. Шәааи шәлала ижәба лҳәазаап арҵаҩы. Хахь дхалан ахәыҷқәа иззегьы скәыршаны акқәа рзасҳәо санылба, иагьџьалшьит, дагьеигәырҕьеит. Арҵаҩцәа, саазышьҭа ажәабжьқәа шрасҳәо рҳәазаап. Изхасҳәаауа; заанаҵ салагазаап ажәабжь ҳәара. Усхап, ари сабдуцәа рбзаурала акәхар ҟалап. Аҩыџьагьы Аҧсуа жәлар ргәыҭаны, бзиа ацәажәара, ажәа ҳәара змо ҳәа ирдыруан. Нас убас сабгьы, иашьагьы, рзаанаҭ атуризм амшала ажәаҳәаҩцәан.
-Шәгәаанагарала аҭеатр аҿы ақтиорра, зегь иреиҕьо, нас еиҳа џьабаас иаҵо закузи?
-Аҧхьа иргыланы, ҭеатр, қино, сириа ҳәа аилыхра шсымам сҳәароуп. Аҽазыҟаҵара анҵәамҭа зегь реиҳа иуадаҩуп, спектакль ақәыргылара ианазааиго. Нас уи ашьҭахь қьаф урахоит.
-Аҵара шәанаҿыз, нас аус урахь шәанныиыс аамҭазы,ҿырҧшы-гас иаанышәкылаз ахьыӡқәа ҟалама?
-Сзныҧшылаз ахьыӡқәа рацәан. Марлон Брандо, Ҳеаҭҳ Ледгьер Ал Ҧачино, Роберҭ Де Ниро, Шьевқеҭ Алҭуҕ, Шьенер Шьен, Ҳальуқ Билгьинер, Мушьфиқь Қьенҭер, нас рхыҧхьаӡара уадаҩу ахьӡқәа.
-Асценариик шәанаҧхьо реиҳа гәаҭара зшәҭо закузи? Изызку аума, ахаҿсахьақәа роума, акәымзар аицәажәарақәа?
-Зӡбаху шәҳәаз иззегьы сара сзын рҵакы дууп, аха зегьы раасҭа ажәабжь иаҳәо.
-Шәызлаху аспеқтакль «Зуыс Ӡбақәау» шәаахцәажәар ҟалоума? Шәызхысыз амҩақәа зеиҧшраззи? Ҧаса изаку спеқтакльқәа рҿы ароль шәымаз?
-«Зуыс Ӡбақәоу» аспеқтакль, ҧышь ашкол ҩызцәа (сара, Ҭаныл Ионҭем, Иунус Емре Ҭерзиоҕлу, Доҕач Иылдыз) иеиҿаҳкааз аилакы Ҭ1 Иаҧым Санаҭ раҧхьаӡатәи ақәыргыла акуп. Ари амҩақәлара, Универсиҭеҭ ҳаҭан аахыс ҳагәҭыхақәа раҧхьаӡатәи ршьаҿоуп азыҳән, ҳара ҳазын иааннакыло рацәоуп. Санықәгыло агәыҕра, агәахәара исызраанарыҧшуо суацәа рла аицныҟәара даара пату ақәысҵоит, сгәы шьҭнахуеит. Ҧаса даҽа ҭеаҭрқәа рҿы Уеизеџьқ, Блуе Роом, Уаҧсҵәык Ахәа зхьӡу аспеқтақльқәа рҿы арольқәа сман.
-Шәыкариера ахааны, сқәымгыландаз, маа мап ацәыскымындаз узҳәауо ҧрауџьеҭқәак ҟалахьама?
-Иҟамлаӡацт. Зегьы ирзаамҭан. Урҭ ралыхра усҟантәи сҭагылазаашьа иашьашәалан. Сара аҧсы слазҵо, ақәгыларазы исымаз агәаҳәара акәын азы, аа-а-х смҳәаӡацт. Срольқәа иззегьи саҧ-хьатәи адкыларақәа рзы ицхыраагӡахит.
-Хәы шқәса рнаҩыс иаба ҭҧу шәҟаларц ахьышәҭаху?
-Хәы шқәса ашьҭахьы, схаҭа збар сҭахәуп, Ҭ1 Иаҧым Санаҭ аспеқҭакльқәа, ақино фильмқәа иаҧнаҵо, схатәы асцена шьақәсыргыло. Иҵабыргу ажәабжьқәа рхцәажәаразы, реиҳа издыруа мҩабзиа абри акуп. Иҭабуп сҳәоит, шәызҵаара еинаалақәа рзын.