АААК ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иҭашьа иазку атренинг мҩаԥнагеит Аацы ақыҭан

0
236

АААК Аҵареи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә активреи рыҟәша раԥхьатәи ацхыраара ииашаны аҟаҵара иазку атренинг мҩаԥнагеит Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. Ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит ауаҩы иԥсмаҷхараан, абылраан, абаҩԥҵәараан, ашьацараан, ма ак аницҳалак, раԥхьатәи ацхыраара шиҭатәу. Атренинг апрактикатә хәҭахьы ианиас ахәыҷқәа ираҳаз шеилыркааз аадырԥшуан, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩ лыцхыраарала апульс ршәон, ахәра ҿарҳәон, агәы амассаж аҟаҵашьа рҵон. (abaza.org)

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz