Владислав Арӡынба игәалашәара амш

0
306

Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба, иҧсҭазаара иалҵра 13-тәи ашықәс азгәарҭеит. Сҭампылтәи Аҧсуа культуратә центр аҟны.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи ахада Владислав Арӡынба 1945 шықәса лаҵарамза 14 рзы Ешыра ақыҭаҿы диит. Аҧсны ахақәиҭразы игылаз ақәҧараҟны аҧсуа жәлар рҧыза Владислав Арӡынба, адҵаҟаҵаҩ иҳасабала иҭоурыхтәны идикылаз аӡбара инақәыршәаны Аҧсуа жәлар ириҭаз ааҧхьара иабзоураны аиааира ду агара алыршахеит. Зхы иақәиҭхаз Аҧсны раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Арӡынба 2010 хәажәкырамзазы идунеи иҧсахит.

Владислав Арӡынба иҧсҭазаара далҵижьҭеи 13 шықәса аҵра инамаданы, есышықәса хәажәкырамза 4 рзы ҳаҭырла даҳгәалаҳаршәоит.

Еиҭазгаз: Атаман Кәыџба

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz