1864 шықәса лаҵарамза 21азы рџьынтәылақәа рҟынтә ихырцаз Кавказ жәларқәа ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа инарымаданы еиҿкааз «Аҧсуаа рҽырҩра» Ҭырқәтәыла, Коџьаели араион Карҭеҧетәи аҽырҩырҭаҟны лаҵарамза 23 рзы имҩаҧысит. Зықәра 4 шықәса еиҳау зшьа цқьоу Англызтә ҽқәа злахәыз аицлабра, 1900 м инаӡо аҧслымӡтә пист аҟны иҟалеит. «Аҧсуаа рҽырҩра» aҟны аиааира агеит «Never Alone» захьӡу, аҽыбӷаҟазаҩ Муслим Челиқ дзықәтәаз Гиулсен Соиуҧақ лҽы.