Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит

1864 шықәса Лаҵарамза 21, Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра анеилгаз амш ауп. Уи ашьҭахь шәнызықьыҩла кавказ жәларқәеи аԥсуааеи рыԥсадгьыл ныжьны Османтәи аимпериахь ихымҵыр ада ԥсыхәа рымамкәа иҭадыргылеит, уантәи егьырҭ адунеи атәылақәа рахьгьы иагеит. Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш адунеи зегь аҿы иҟоу ҳашьцәа кавказ жәларқәеи аԥсуа рдиаспорақәеи иазгәарҭоит. Ари арыцхә аҳаҭыр азы есышықәсеиԥш, иахьагьы Аԥсны ақалақьқәа рҿы имҩаԥысит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа.

Кавказ ампыҵахаларатә еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш Аԥсны есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 21 рзы.

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Ҽынла акультура-усутә ҭыԥ «Гәыма» аҿы имҩаԥысит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа ҽнактәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа, иара убас аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асланбек Мирзоев илекциеи Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба илекциеи.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы адыгаларала имҩаԥысит арепатриантцәа рхәыҷқәа рзы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аҟазаратә класс.

Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит арепатриантцәа рфотосахьақәа 12-еи рҭыхымҭақәеи рцәыргақәҵа.

Аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵан ахәылбыҽха. Аҽыуааи аҵәыџь мцақәа зкыз жәаҩыла ауааи еишьҭагыланы имҩасит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи Амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа.

Абаҟахьы инеиз ауаажәларреи атәыла анапхгареи ашәҭқәа шьҭарҵеит, амшын ашәҭшьыҵәрақәа хырҵеит.

Аԥсуа актиорцәа еизаз рҿаԥхьа иқәгыланы иддырбеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь аҭыԥ змаз арыцҳарақәа ирызкыз атеатртә қәгылара.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз, есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Нарҭаа рымца еиқәырҵеит Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭрақәа.

Yazarın Diğer Yazıları

Владислав Арӡынба игәалашәра иазкны

Аԥсны ахатәы телеканал Абаза ТВ аҟынтә гәыԥк, В. Арӡынба изку адокуманталтә фильм аҭыхреи, Аԥсны ахақәиҭратә еибашьра иазку Беқьыр Ашәба иусумҭа «Сыхьҭашьуеит» аҟынтә иаагоу, уаанӡа...

«Ҩ-Ԥшаҳәак Рыбжьара»

19.тәи ашәы шықәсарзы имҩаԥысуаз аибашьра иахҟьаны Кавказ жәларқәа изықәшәаз амцахәыцәареи, ахҵәареи 161 шықәса ахыҵра иазкны; Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ақалақь аҿы мчыбжьык иназынаԥшуа имҩаԥысуаз апрограмма...

«Аӡыхь»

Атаман Кәыџба, Лаҵарамзатәи иеиҿцәажәара атема; 2025ш. Лаҵарамза 3-4 рзы, Аԥсныжәлар рартист, еицырдыруа акәашаҩы, ақәыргылаҩы Акаки Амалиа ихьӡ ала еиҿкааз 27.тәи Аԥсны Ахьыбҿар Рыкәашаратә Гәыԥқәа...

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img