Bağımsızlık Demokrasi Özgürlük Eşitlik Birlik

Владислав Арӡынба: «Ҳара аԥсра ҳазцон аԥсҭазаара азыҳәан!»

Геннади Аламиа

Шаҟантә аамҭа ԥсымҭә аажьышар ржьы ҭыхны инаҭо, иааӡышар ршьа наҿырхәхәо аԥсҭазаара азыхынҳәра рықәшәахьоузеи ԥсра зқәым сара сыжәлар!

Аҩбатәи азқьышықәса анҵәамҭазы еиҭа аԥсреи абзареи рҳәааҿ иааины иаагылеит. Аԥсынтәыла ҵәымаӷны згәы иззалымхәаз ус ҭынч ҳашындмырхоз еилкаан, аха ԥсы зхоу аԥсыуак днымхарц ҳгәылацәа рыжәлар ишырмеигӡоз агәрагара цәгьан. Уи еилкааны, еибашьрала зыгәҭакы еиқәаҵәақәа ирхьызмыгӡашаз амҩақәа рыԥшаара даҿын аҵарауаҩ ду, ажәытәӡатәии ҳаамҭазтәии аҳәынҭқаррақәа рҭоурых рдипломатиеи бзиӡаны иҭҵааны измаз Владислав Арӡынба. Аполитикатә цәгьахәыцрақәа зыцәтәымыз, уи идыруан уаа «ҟәӷақәак» идыргалоз ахьаҵрақәа еибашьрадагь аҵахара ишазҳәаз. Ҳажәлар рхыԥхьаӡара амаҷра зхы иазырхәарц зҭахыз ҳаӷацәа агәра дыргатәын, ианцәгьараха мшыннырцәи, нхыҵ-аахыҵи ҳашьцәа Аԥсны иҟоу аԥсуаа ирыдгыланы ишықәгыло. Абасала, рхы зыдԥырҽыло амчқәа шыҟоу агәра диргарц, аибашьра аламҭалазы Ҭырқәтәылаҟа ацара аԥшьигеит Владислав Арӡынба. Еилкаан, ҳазлазшәа ҳаҟаз, арахь ҳаӡбахә зымҳәаӡоз аконституциахь ииасыз аҳәынҭқарра ахы ахьхаз. Хазы иҟаны, Асовет едгыла еиҿызкааз ируаӡәкыз аҳәынҭқарра иара ахатәы конституциахь ҳаиасит, иҳадаҳкылеит Абираҟ, Аҳәынҭқаррратә дырга (Агерб). Ари еибашьран. Уи атәы аартны иҳәомызт, аибашьраз ацхыраара даҳәомызт В. Арӡынба, агәыӷра иман иҭынчымҩа аҵыхәтәанынӡа инеигап ҳәа. Аҳәынҭқарратә ҵакы змаз адкыларақәа, хыԥхьаӡара рацәала ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаиԥыларақәа хашҭра зқәым ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит. Дхынҳәит Владислав ԥхьаҟа изыԥшу аԥышәара хьанҭақәа дрыҵамхарц дызҭааз иуаажәлар рымч иманы, адунеи зегьы иаирбеит имаҷуп ҳәа аԥсуаа иаҳзырҳәо ҵаҵӷәы шамам. Аԥсуаа ирыман аӷацәа рхыԥхьаӡара иаҿадыргылашаз гәк-ԥсык ала ирзыҟаз адгылаҩцәа. Урҭ рыԥхьаӡара аҭахӡамызт.

Ҳажәлар зқьышықәсала иларҵоз абзеира аҭагалара аамҭа хьанҭа ааит. Убасҟан ауп, «Аԥсны заҵәушәа зыԥхьаӡо рыцҳауп. Схаҿы исзаагомызт адунеи ахьынӡанаӡааӡо арсҟатәи аҩызцәа ҳамоуп ҳәа!-аниҳәаз Владислав Арӡынба. Уи адунеи ыҵазырбгаша арыцҳарақәа ируакыуп ҳәа иԥхьаӡон џьоукы рымч шаҟа еиҳау аҟара рхы иааҭашәалак ҟаҵо ауаатәыҩса зегьы рлахьынҵа аӡбра иақәиҭушәа ахьырбо. Аибашьрамҩа анудыргала уи аҵыхәтәанынӡа хаҵарала ианыстәын, уаҵаханы уи амҩа ҟәараҟәантәны ухәда иахамшәарц. Аибашьра ахлымӡаах иалубаар акәын ужәлар рԥеиԥш зхылҿиаараны иҟаз Арыц. «Ҳара аԥсра ҳазцон аԥсҭазаара азыҳәан!- ҳәа Владислав иажәақәагь убри акән ҵакыс ирымаз.

Зықьҩыла Аԥсны ахьчацәа рыԥсҭазаара аԥҽыхақәа рыла ихҟьахеит нанҳәамза 15 инаркны цәыббрамза З0- нӡа аибашьра аҟынтә Аиааира аҟынӡа инагаз Амҩа. Уи амҩа ижәлар драԥхьагылан данысит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Владислав Арӡынба. …Ахәы ҳаракқәа мцабызшәала агәырӷьаҽҳәашеи ашәаџьҳәареи Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа ишахьырыгӡоз еиԥш, ииасхьоу абиԥарақәа зегьы ирылыҳәҳәо иаарылагылоз жәлар Рҵеицәа Хьыӡкамшәақәа инеимда-ааимдо иааргоз ахақәиҭрахь Ааԥхьара даҽа зқьышықәсак ахәы ҳарак иаақәҩит. Аҵыхәтәан уи абжьы заҳаны, жәлар ргәаҵанӡа анагара зԥеиԥшхаз ԥсра зқәым Владислав Арӡынба иакәхеит…

ВЛАДИСЛАВ

«Саашәыкәхшоуп!» – Измаҳаз ддагәан,

Длашәын уи илыԥха зымбаз,

Насыԥ зқәшәҭуа ҟәаракаҿ ҳазнаган

Иҳахьша ихьырцаз ишаз

«Саашәыкәхшоуп!» – Аԥсны дазӡатәны,

Илаԥш ажәҩанахь ирхон,

Аамҭа зыбжьанҵәаз жәытәи ҿатәи

Еиԥгалан ижәлар еиқәирхон.

«Саашәыкәхшоуп!» – ибылра акәицқәа

Ирхылҵыз амца ҿымцәа еиқәуп,

«Саашәыкәхшоуп!» – изҭакыз ахыцқәа

Ԥыххаан ахақәиҭра мҩа иануп

Ижәлар, зԥеиԥш адунеи иаԥеиԥшу

Харантә иаауа – цоит хара,

Ирхыҩуа Ибжьы ҽа бжьык еиԥшым;

«Наунагӡа суыкәхшоуп Аԥсынра!»

Yazarın Diğer Yazıları

Sosyal Medyalarımız

4,890BeğenenlerBeğen
1,353TakipçilerTakip Et
4,000TakipçilerTakip Et

Son Yazılar

- Advertisement -spot_img