Ахәҷи, философиеи

0
191

Философиа, аҧсҭазаареи, аҟазаареи еилкааразы ицхыраагӡоу аҟәыҕара ҟазароуп. Нас, ҳанқәыҧшу философиеи ҳари ҳаиныиар шҧаҟалоу? Аҭақ зҧшаауоз Америкатәи афилософ Matthew Lipman (Маҭҭҳеу Лиҧман) 1960 тәи ашықәсқәа рааны Ахәыҷқәа Рзы Философиа амеҭодика (Ҧ4Џь) иеизҳаирзыҕьоит, ахәыҷқәа философиа ҟаҵара рлшоны иҟазҵо ари аҵара амеҭодика, ааӡара адунеи инанеигоит. Ари амеҭодика, раҧхьаӡа Ахәҷы Шәыҟәқәа рбзоурала игәасҭит. Уи анаҩс, ари аӡбахәы, Агазеҭ Биргун аҿы иӡырызган. Др. Озге Оздемир, ахәыҷқәа рзы илҩыз «Ахәыҷқәа Рзы Философиа» асериа, арҵаҩцәеи, анацәа-абацәа рзы илҩыз ашәҟәы, «Аклас Философиа» сгәаҿы аҧхьатәи ҭыҧ аанызкыло шәыҟәқәа ракәхан. Шқәсқәак цит, Озгье Оздемир, ахәҷқәа рзы илҩыз лшәҟәықәа аҿыцқәа рыцлит. Иахьа амеҭодикагьы, ашәҟәы ҿыцқәагьы ҳарыхцәажәап ҳәа, Озгье Оздемир ЖИНЕҦС ахь дааҳаҧхьит. Пату қәҵарала ҳазҵаарақәа аҭак рлҭит.


-Ҳаҭыр зқәыу Озгье, абзиара бгымхааит. Философиа напы аҳаркаанӡа, иаарҭыбааны баҳдырыр ҟалашьа амоума?

-Иҭабуп ҳәа басҳәоит, абзиара бмазааит. Сара сфилософыуп, философиа саҧхьит. Босфорс Универисҭеҭ аҿы лисанс, Исҭанбул Универисҭеҭ аҿы масҭер, нас доқҭорра насыгӡеит. Еиуеиҧшым универисҭеҭқәа рҿы арҵаҩыс сҟан. Жәа шқәса раахыс прақҭиҭ философиа инҭересис исымоуп. «Ахәыҷқәеи, Ауаажәлар Рзы Философиа» иазкны аус адызуылоит. Арҵаҩцәа рааӡара, ашколқәа рбжьгара, ашәҟәықәа, арадио дырраҭара, нас уеиҳагьы, суыс зегь ааидкыланы ари амеҭодика аизҳазыҕьара, ҳатәылаҿы аимҽханакра ҭбаахаразы, аус ура саҿыуп.

Саҧсыуоуп. Сангьы, сабгьы хылҵышьҭрала иаҧсыуоуп азыҳәан, абызшәа, аҵас, ақәылҭыра бзиа издыроз уаҩқәаракәын. Ус накәха, сашәцәа-сахьшьцәа убри агәҭа ҳаицдухит. Схдырра, сқәылҭура, ари аган ахьы сзызхьаҧшуо, иҭысҵаауо, схшыҩ зызцауа ацыҧҵәак акәуп. Нас, уашьҭан еиҳа хәыҷык ҳахцәажәаргьы ҟалахп.

-Ишьахәхоит… Уажәы «Аклас Философиа» бышәҟәала ҳалагар сҭахәуп. Арҵаҩцәа, анацәа-абацәа аҧхьаглара ззызуо ари ашәҟәы цәыргара ажәабжь ҳазыӡырҩыр сҭахәуп.

-«Аклас Философиа» ашәҟәы, шықәса рацәала ахәыҷқәа ауыс рдуылара, адуцәа, арҵаҩцәа ирыласҳәаз, ирыласыгӡаз ауроқ планқәа рла еиҿыртәоуп. Ахәыҷқәа, ахәыцра, азҵаара рзцәырнагааит ҳәа сазааҭгылан изҩит ари ашәҟәы. Саназхәыцуаз, алагарҭа школ аурокқәа, аҧсабара дырреи, асоциал дырра еиҳа сырзааҭгылит. Азҵаара бзиақәа, зқьынгьы, ахәыҷқәа активла хәыцра, азҵаара аилкаара азы ааҧхьара рнаҭоит. Убри амшала, аилкаарақәа рҳәаа мцҟьаӡакәа, азҵаара шҧақәыргылара, иҵауыланы ахәыцра шҧаҟаҵара, шҧеилкаара ҳәа, ахәыҷқәа иазыскыр, идсырбар сҭаххит. Жәаа урок зегьы, жәаныла ахәыҷқәа ирыдызгалит, ирызнанагаз хәаҧшра асҭит. Ари аган ахьала, ашәҟәы оригинал ҵакык шрнаҭаз, имҩаҧызгауаз амҩа шрнарбо сҳәар ҟалоит.

-Ари ашәҟәаҿы иҟо шьоу темақәак, арадио аҿы ахәыҷқәа рла аимакра шбжьашәҵазгьы здыруеит. Ҳара маҷк Ихту Радио (Açık Radyo) аҿы имҩаҧыжәгаз апрограм аӡбахәу ҳашәҳар ҟаларыма?

-Аиеи, ашәҟәаҿы иҟо азҵаарақәа руакы, арадио аҿы ҳарылацәажәит. Аҧхьаҩцәа рзы, ашәҟәы аҧхьа урҭ анҵарақәа рҧылара еиҳа иманшәалахар ҟалап. «Ахәыцҩы Хәыҷқәа Реилазаара» ҳәа, интернеҭ аҿы ирыҧшаар рлшоит. Ихту Радио аҿы ари апрограмма ҧшь шықәса раахыс имҩаҧаҳгоит. Аефир цезоныҧхьаӡа, 10-12 шқәса ирҭагыло ҧшь сҵаҩцәа сцны, 13 хәҭа анаҳҵоит. Хәыҭаҧхьаӡа, философиа азҵаарак, ма аилкаарак аимакра ҳаман. Ҷыдала иазыӡырҩыр азы, арҵаҩцәа, анацәа-абацәа ирыбжьазгоит. Ахәыҷқәа рзыӡырҩыра даара ақьаф аҵоуп. Уззыҧшым, иҵауыло, рхатәы цәырга аҭакқәа иуаҳауеит. Иара убас, анҵатәқәа, аурок мҩаҧгароушәоуп. Ганкахьала, иарбан, ишҧа ҳәа азҵаара цәыргара иубартә азы ҳәа, хыҵхырҭоуп.

-Даҽакгьы, ахәыҷқәа рзы ибҩыз «Ахәыҷқәа Рзы Философиа» ҳәа сериак иҟоуп. Усхап, уажәы «Ахәҷы Хәыцҩыцәа Сериа» ҳәагьы акы ацлит. Ахәыҷқәа рзы ибҩыз философиа шәыҟәқәа бҿынтә ҳарзыӡырҩыр аҳҭахәуп.

-Redhouse Kids аҭыжьымҭа ала имҩаҧаҳгаз, ишьаху аусеицуырала иҿиаз усуымҭақәа роуп арҭ асериақәа. Раҧхьаӡа, 9-12 хаҵрақәа рзы «Ахәыҷқәа Рзы Философиа» сериа ала ҳалаган, ааба шәыҟәы изҩыит. Раҧхьатәи ҧшь шәҟәаҿы, аизыҟазаашьа философиа, ашьҭахьтәи ҧшь шәҟәаҿы, алогьика ҩашьарақәеи, ахыҭҳәаақәа срзааҭглит. Езгьи Ҧлаҭин гьы, ишьаху анбан-ҵәыҕқәа рла, иуасхыру азҵаарақәеи, аилкаарақәа иубаратәны иҧшьылгит. Уажәгьы «Ахәыцҩы Хәыҷқәа Асериа» ҳалагит, аа шәқәы ҟалар ҳәа сгәыҕуеит. Ари асериа, ашкол иаламгац ахәыҷқәа рзы изҩит. Уи ашықәсқәа ирҭагылоу ахәыҷқәа рла философиа ҟаҵара зеиҧшроу,хаҭала шқәсык аус рцуыны игәасҭит. Насгьы аимакрас ирыгу ӡбаны, ашәқәықәа рҩра салагит. Ари асериа раҧхьатәи ҧшь шәҟәы, ашкол аҧхьа идырҳаз аилкаарақәак ирызкуп. Аду-Ахәҷы, Хара-Ааигәа, ҧасатәи ҳашәҟәықәа роуп. Уажәы ҳарзыҧшуп, Ахьанҭа-Алас, Амаҷ-Арацәа зхьӡу. Урҭгьы мзқәак ирҭагӡаны аҧхьаҩцәа ирҧылоит. Ари асериа аҿы иҟо ашәҟәықәа сахьала ичаҧоуп. Сахьаҭыхҩы Гоқьче Ақгәил дҳамамзар, ашәҟәықәа ас алшара рауамызт. Ари асериа, азыҟаҵара класи, актәи аклас арҵаҩцәа, ахәыҷқәа ирыдыргалар сҭахәуп. Избан акәзар, ари аилкаара уасхырқәа шаҟа ибзиахар, ахәыҷқәа уашьҭан рҵара еиҳа маншәалахоит.

-Иахьынӡеилыскааз ала, бшәҟәықәа ахәыҷқәа аус рдуыланы ибҩыуеит. Ахәыҷқәа ргхақәа гәаҭаны рзнеиразы хандеироуп аҳзыҳәоума?

-Аиеи, ахәыҷқәа реилкаарагьы, оригинал ҵатәы ҩразы ахандеирагьы еицыуп. Имазеиу, идыру философиатә аимакрак, ма азхәыцра ҧшәақәак рызныҟәара сҭахӡам. Убри амшала, ахәыҷқәа рла аус зуеит. Абана акәымкәа, ргәҭаҿы аус уны, ахәыҷқәа ргәы иҭо ирылыскаауеит. Урҭ иныҟәырго ажәақәа, алафқәагьы ааныскылоит, избан, урҭ рҳәамҭақәа рла рахь анаӡара мариахоит.

-Уажәы еиҭа ҳалагарҭахь ахьы ҳаханҳәыны, иаҳзеиҧшу ҳамилаҭра ҳалацәажәаны, нас азҵаарак наццаны инасыгӡар сҭахәуп. Рабдуцәа рҧсадгьыл иаҿырхыз ауааҧсыра ҳакәны, ахҵәара, аӡра, аҽдырра, анышәара, уаҳа атемақәа рхцәажәара ҳагуп ҳәа ахәыцра смоуп. Абраа, афиласофиа ҳаҧҳьа шҧарлашо? Ахәыҷқәа арҭ рӡбахәу раҳәҳар азы амҩа ишҧаҳнарбо?

-Ари азҵаара бзиак акуп. Излаздыро ала, рабдуцәа Аҧсны иқәырцаз, Ҭырқәтәыла иқәынхо аҧшьбатәи абиҧарақәа среиуоуп. Убри ахлымӡаах исхасымгит, аамышьҭахь, изхазгаз ррыцҳарақәагьы, хаҭала срзыӡырҩынгьы сааӡамхит. Еимырдауо сҿынтәынӡа инаӡаз ҳәамҭак издыруеит. Иара убас, аамҭа цацыҧхьаӡа, рҵасқәа иӡыр ҳәа ашәарҭа иҭагыло сани-саби ишазныҟогьы избауеит. Уи амшала, ахлымӡаах изхазгаз рҿы иаанхаӡом, аамҭа иахыҵәаны имҽханакыуеит, уара уи аамҭа изакәы кәаҧк аҿы уҟаз, иыудыруогьы уи аҟароуп. Ус анакәха, абиҧарақәа реиҿцәажәара, уи ахҭыс аилкааразыгьы, ҳаилибакааразыгьы ицхыраагӡахоит. Иахьагьы, адунеи аҿы, ехьабалаак ахҵәыра еихәлахара мҩасуеит. Ус анакәха, еиуеиҧшым ақулҭурақәа реиҿцәажәара, ҳаззегьы еиҳа ҭынчрак ҳакылнагап сгәахәуеит. Барроқс ишәҟәы «Бзиала Шәаабеит» ала, скласқәа рҿы философиатә аимакрак мҩаҧызгоит. Убра «ахҵәара» тема, шаҟа рацәала азнеира рбоит алахәлацәа. Аиҭаҵра, аҭыҧ ҧсахра, аҭыҧ ықәцара, ахырҵәара, уаҳа, абарҭ реилашәшәыра алагоит. Инашьҭаҵаны, аҭра иаанаго ҳалацәажәоит. Убри, еиқәыршәаны игыло аҭӡы анаҩыс, даҽа ҵакык шамо гәарҭоит. Аҭра ныуҳәалаак, иеиҧшугьы, иеиҧшымгьы шыҟо баны, еилыркаауеит. Аҵыхәҭан, арҭқәа, ауаҩыҧсы ихаҧшыра, иҽгәаҭара иалахәлахоит. Аиашазы, зқьынгьы ҳахы ҳазхәыцуеит. Ари ахы мацара азхәыцра аанагoит ҳәа исҳәаӡом. Сзҵаарақәа, сҧшаарақәа, есаамҭа сара сҿынтә иалаганы, уи иацлоит. Ари, ауаҩыҧсы идунеи еиҵнахуеит. Ахәыҷқәа рла ҧаса алагарагьы, ари аганахьала ишьахәуумми? Еиҳа сгәы зрхыҭхыҭуо акы акуп ари.

-Бгәыхыҭхыҭра схьы иныиыст ари аамҭа. Наӡаӡа ицааит ҳәа ибзеиҕьасшьоит…

-Баҳзааит, ҳаицәажәит, еицаҳгит, иҭабуп даараӡа…

Еиҭазгаз: Есаҭ Ахба

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz