-Аҧсны Аҳәынҭқарра ахақәыиҭра аибашьра, 30 тәи аиааира ашықәс адныҳәаларақәа, Исҭанбул Абхаз Қулҭура Ахеидкылаҿы, Цәыббран мза 30 ауха имҩаҧысит.
-Анқара Черқьес Ахеидкыла, Цәыббран мза 30 аҽны еиҿнакааз цезон алагамҭа мыш иалагӡаны, Елбрус Данс Ансамбыл асцена иқәгылит. Адыга Ашәҵа Мыш’и, Аҧсны Ахақәыиҭра Мыш азгьы адныҳәалара зырҭоз ақҭивациаҿы, Бадин Музика Гурупа, Гуҧсе Седа Оздемир, Сурҳаи, рашәақәа рла хаара ацырҵит.
-Бурса Иеидкыло Қафқас Ахеидкыла, Жьҭаара мза 6 рзы, «Даҽа Ҧсадгьылк Ҳамам / Аҧсны Ахақәыиҭра Аибашьра (1992-1993), Аҧсуаа Ҧолитикатә Рҭоурых (1770-1993)» зхьӡу ашәҟәықәа зҩыз Селчуқ Сымсым дҭааны, аилацәажәара-напыҵаҩра мыш еиҿнакааит.
Қафқас Афонд еиҿнакааз, «Аҧсны Азхаҵара-Аилкаара: Ахақәыиҭра 30 тәи ашықәс» аилатәара, Баҕларбашьы Конгрес-Қулҭура Сенҭр аҿы, Цәыббран мза 30 аҽны имҩаҧысит.Ҩы хәыҭакны имҩаҧынгаз аилатәара, Бераҭ Бырфын Бир’и, Емир Фаҭиҳ Ақбулуҭ модереҭарра азыруит. Аилатәара ажәаҳәаҩыс, Аҭаи Џьеиишьақар, Ерол Қуҭалиа, Џьем Қумуқ, Меџьди Џьенгьиз алахәхит. Оқҭаи Чкатуа, Гурам Гумба, Леуан Қуҭаа, интернеҭ рха иархәаны рцәажәара ҟарҵит.
Рыфаҭ Озбеи Беиыҧа иыиҩыз, «Ҵабал’нтә Сарныч’ҟа» зхьӡу ашәҟәы, Аҧсны аиааира 30 тәи ашықәс амшала иҭыжьхоит.