Аҧсны аџьынџьтәлатә аибашьреи, аиааиреи рнысымҩа, иааркьаҿны…

0
159

Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит. Аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылеит.

Ақырҭцәа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа, Аҟәа, Гагра рнапахьы иааргеит. Аԥсуаа рнапаҿы иаанхеит Гәымсҭа аӡиас инаркны Бзыԥ аӡиас аҟынӡа Аԥсны ахәҭа. Аамҭала атәыла иаҳҭнықалақьхеит Гәдоуҭа.

Аԥсны ирыларҳәеит абџьар акра зылшо зегьы рыԥсадгьыл ахьчаразы игыларц. Иҳацхраарц арахь иаауа иалагеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа хатәгәаԥхарала еибашьра иаауа иалагеит.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Гәымсҭа аӡиас ала ахырӷәӷәарҭақәа ҟарҵо иалагеит. Мрагыларатәи ахәҭа акәзар, апартизантә гәыԥқәа рҽеидыркыло, Мрагыларатәи афронт аԥырҵеит.

Аибашьра ахьынӡацоз аԥсуа еибашьцәа изныкымкәа ажәыларақәа ҟарҵахьан ақырҭуа мпыҵахалаҩ Аԥсны дықәырцарц.

Убас, жьҭаара 2, 1992 шықәса рзы Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит, жьҭаара 6 рзы аурыс-аԥсуа ҳәаа ҳбираҟ ахадыргылеит.

Аха иҟан илҵшәадахаз аоперациақәагьы. Ажьырныҳәамзази хәажәкырамзази Гәымсҭатәи афронт аҿы ажәыларақәа ҟалеит, аха ҳҵеицәа рацәаны иҭахеит, урҭ рхықәкы усҟан изынагӡамхеит.

Убас ала аԥсуа ар еилыркааит хырхарҭак аҿы мацараҿы ажәылара шазымхо. Иагьырыӡбеит знык ала рыҩфронтк рҿы ажәыларақәа ирылагарц.

Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы амшын ала 300-ҩык злаз адесант ӡхыҵны Тамшь ақыҭан иӡхыҵын, Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи дареи ақырҭцәа Аҟәаҟа рырхәҭақәа зларшьҭуаз амҩа адыркит уахь изымцо. Убри аамҭазы аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы ҳархәҭақәа аӷа дшақәымгәыӷӡоз ала ижәлеит.

Ԥхынгәытәи ажәылара ианалага инаркны Урыстәыла рыбжьаҟазаны Аԥсни Қырҭтәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргон. Ԥхынгәы 27 рзы рнапы аҵарҩит Шәачатәи аиқәшаҳаҭра. Уи иазԥхьагәанаҭон ақырҭуа архәҭақәа Аԥсны ралгара. Аха Қы рттәыла усҟан ахахьы иагаз нанамыгӡаӡеит.

Цәыббра 16 рзы аԥсуа ар Мрагыларатәии Гәымсҭатәии афронтқәа рҿы ржәыларақәа еиҭахацдыркит. Цәыббра 27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Цәыббра 30 рзы аԥсуа ар Егры аӡиас ала аҳәаахь инеит, Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины абираҟ ахадыргылеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра цон 413 мши-ҵхи. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 1700-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аԥсны аганахьала иалахәын 12 нызқьҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа.

Аибашьра цонаҵы Аԥсны иазуз аекономикатә ԥхасҭа 11,6 миллиард доллар артәеит. Ааха рыҭан акультура абаҟақәа, иблын Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуаҭҵааратә институти.

CEVAP VER

Lütfen yorumunuzu giriniz!
Lütfen isminizi buraya giriniz